Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит Сентиабр 23 азы "Ицқьоу ақалақь" ҳәа азеиҧшқалақьтә аекологиатә акциа амҩаҧгаразы, – иаанацҳауеит Ахадара асаит.
Ақалақь анапхгара атәылауаа зегьы ирыҧхьоит убри рхы аладырхәырц, рықалақь гәакьа ацқьара иазку азеиҧш ус аҟны рлагаламҭа ҟарҵарц.
Сентиабр 19 азы Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилацәажәара мҩаҧылгеит аҳәынҭеилахәыра "Аҧсныргылара" анапхгаҩи акапиталтә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнаки алархәны. Уаҟа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь аҟны идыргылараны иҟоу Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа иамадоу азҵаарақәа.
Ари аобиект акырӡа аҵанакуеит, 2023-2025 шықәсқәа рзы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программа аусмҩаҧгатә дуқәа ируакуп.
Ҳазну аамҭазы апроект-сметатә қьаадқәа реиқәыршаҳаҭреи рышьақәырҕәҕәареи хдыркәшоит. Ахәыҷтәы медицинатә усҳәарҭа аргылара иалагоит 2023 шықәсазы.
Аҵеи, аҩнаҭаҿы дани нахыс, даҽакала ихәаҧшуеит: аҧсуа изы уи дыҵәҩан шьаҭамырӡгоуп абшьҭра еихазҳауа, Аҧсадгьыл зыхьчо. Арҭ ахшыҩҵакқәа ҳҵеицәа зегьрыла идырҵабыргит Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла… Аҧсадгьылаз рхамеигӡарақәа ааҧшит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан. Усҟан аџьынџь ахьчаразы игылеит ақәыҧшцәагьы. Даргьы ҳ-Аҧсны ҧшӡа аиқәырхара рхы ақәырҵон. Абарҭ дыруаӡәкуп 17 шықәса зхыҵуаз Михаил Валериан-иҧа Ҭарба.
Аҭынч ҧсҭазаара згәы азыҳәоз Аҧсны ажәларқәа зегьы рзыҳәан, аибашьра хлымӡаах ирыцҳара духаз шьаарҵәыратә хҭысхеит. Аибашьра аҭоурых ззымдыруа дыҟам, уи рацәак саламлакәа исҳәарц сҭахәуп, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага еиҧхьхәыцрада, рықәра ҿыҵгас иҟамҵакәа рыҧсадгьыл ахьчаразы абџьар шҭыхны еибашьыҵәҟьаз зегьы хымҧада ифырхацәаны ишыҟоу.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭра ахаҭарнак Залина Кобесова.
Сентабр 1 азы змаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара иалагаз Залина Кобесова длыдныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра шимоу иҳәеит лҵшәабзиала аусеицуразы.
"2008 шықәсазы "Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи азхаҵаны, Урыстәыла ахы иаднаҵеит урҭ ршәарҭадареи рҧеиҧши рыхьчара". Абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа Аҧшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҟны.
"Урыстәылатәи аган активла иацхраауеит ареспубликақәа рҳәынҭқарратә ргылареи рсоциал-економикатә рҿиареи, убрахь иналаҵаны изыхәҭоу аинвестициатә программақәа инарықәыршәаны, иарҕәҕәоит урҭ жәларбжьаратәи рпозициақәа. Иазгәаҭатәуп, абарҭ атәылақәа руааҧсыра реиҳараҩык иара убас Урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, даҽакала иуҳәозар, Урыстәыла аганахьала Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи мҽхакы ҭбаала рфинанстә цхыраара – ари ҳара ҳџьынџьуаа рыцхраарагьы ауп", – иазгәеиҭеит Гончар.