Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра ахақәиҭтәра 30 ш. ахыҵра амш азгәаҭараан

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Ашәҭқәа рышьҭаҵараан иҟан иара убас Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра реилазаара иалоу, Гагра араион анапхгара, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аибашьра аветеранцәеи хатәгәаҧхарала иааны еибашьуаз рхаҭарнакцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, ауаажәларреи.

Аҧсны анапхгара ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан.

Аибашьраан иҭахаз рмемориал аҿаҧхьа аҳаҭыртә ҟарул ықәыргылан. Гагра ахақәиҭтәра амшныҳәа азгәаҭара хыҧхьаӡара рацәала рхы аладырхәит.

Ишдыру еиҧш, ҩеижәижәаба шықәса раҧхьа октиабр фба рзы ҳтәыла мраҭашәаратәи аган – Ҧсоу аҳәааҿы Аҧсны абираҟ ахаргылан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me