Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гәли Кьычба лахь адныҳәалара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» аиҿкаара анапхгаҩы  Кьычба Гәли лирамш лыдиныҳәалеит.

Уаҟа ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Гульнара Мелитон-иԥҳа! Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа, шәпатриотизм, шәыԥсадгьыл, шәыуаажәлар рахь ишәымоу абзиабара зеиӷьаҟам ала иарҵабыргуеит. Шәыԥсҭазаара зегьы ишәызгәакьоу Аԥсны иадҳәалоуп. Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы иаҳасабала Шәара зажәеи зуси еимадоу, зыжәлар рыҩныҵҟа зыгәрагоу, еснагь ахаҵгылара иазхиоу, ззанааҭдырра ҳараку уаҩык иаҳасабала шәеицырдыруеит. Шәара даара ихьанҭоу ацәыӡ ахгара шәылзыршаз ахачҳара, агәыблра, агәкамыжьра, аԥсҭазаара агәрагара, 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан егьырҭ шәҩыла ахәра хьанҭақәа зауз, хабарда ибжьаӡыз, иҭахаз аҵеицәа ранацәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалеит.   Шәара апатриотизмра иаша аарԥшуа, ауаажәларра рыҩныҵҟа аилибакаареи агәреибагареи рырӷәӷәара иацхраауа аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аусура ду мҩаԥыжәгоит.

Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, гәык-ԥсыкала ишәыдысны­ҳәалоит шәирамш! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, еицакра змам агәамч, аԥхьаҟагьы Аԥсны ажәлар реизҳазыӷьара иазкны шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҟны аихьӡарақәа!».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me