Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ласточка» Гагра иааит

Рашәарамза 8 рзы, Шәачантәи Гаграҟа иааит раԥхьатәи апассаџьырцәа зҭаз, иццакны иныҟәо жәларбжьаратәи афымцадәыӷба «Ласточка».

Гагра авокзал хадаҿы адәыӷба аԥыларазы аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵан. Иааз апассаџьырцәа рзы Кавказтәи акәашарақәа рынагӡарала аконцерт еиҿкаан. Адәыӷба иаԥылеит аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаби Аҳәынҭ­қарратә еилакы «Аԥсны аихамҩа» аиҳабы Оқтаи Хазириши. Афымцадәыӷба есымша, абарҭ апунктқәа рҿы аамҭала аанкыларала ареисқәа нанагӡалоит: Мацеста, Хәасҭа, Адлер, Имереҭиатәи Акурорт, аплатформа «Гагрыԥшь», аплатформа «Абааҭа». Есыҽны апассаџьырцәа рыиагара иалагаанӡа аԥышәаратә реисқәа мҩаԥган, аспециалистцәа разгәаҭарақәа зегьы ҳасаб рызун.

Афымцадәыӷба «Ласточка» Аԥсныҟа ареисқәа рынагӡара алыршахеит Аҳәынҭқарратә еилакы «Аԥснытәи аихамҩеи» Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Урыстәылатәи аихамҩақәеи» ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭрақәа ирыбзоураны.  

Аԥсны аекономика аминистр лхаҭ­ԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб иазгәеиҭеит: «Иахьа иҟалеит аҵак ду змоу ахҭыс – Гаграҟа иааит афымцадәыӷба «Ласточка». Уи алыршахарц азы «Аԥснытәи аихамҩеи» Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара "Урыстәылатәи аихамҩақәеи» шықәсык иалагӡаны русеицура мҩаԥысуан. Ҳара уи аԥхьа аинфраструктура аҭагылазаашьа агәаҭаразы апассаџьырцәа рыда имҩаԥаагахьан аԥышәатә реисқәа ҩба. Иахьа Гаграҟа иааит 60-ҩык апассаџьырцәа, жәаҳәарада, уи митәык ирацәаӡам, аха ҳара хара имгакәа ари адәыӷба иамоу апассаџьыртә ҭыԥқәа 80-90% рыла ишхарҭәаахо агәыӷра ҳамоуп. Иманшәаланы аныҟәаразы адәыӷба –  аҳауаҭышә­ныртәалара уҳәа иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоуп. Уи аҳәаа шьапыла ахысра аасҭа акыр иманшәалахоит», – ҳәа иҳәеит иара.  

Ари афымцадәыӷба амаршрут ацҵаразы ажурналистцәа иҟарҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, атәыла аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ иҳәеит: «Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи афымцадәыӷба амаршрут ацҵара азҵаара ҳалацәажәоит. Уажәазы атехникатә ҟазшьа змоу усмҩаԥгатәқәак наҳагӡараны ҳаҟоуп, урҭ рынагӡара шалыршахалак еиԥшҵәҟьа, ари азҵаара ҩаԥхьа Урыстәылатәи аган аҿаԥхьа иқәҳаргылоит».  Ҭеимураз Амқәаб агәра ганы дыҟоуп, акыр узырааԥсо, узыргәамҵуа аҳәаа ахысра амыцхәрас иманшәаланы, рыԥсы шьаны афымцадәыӷбала Аԥсныҟа аара зҭаххо шырацәахо.   Афымцадәыӷба «Ласточка» амҩа иахьынӡақәу аамҭа — 3 сааҭк инарзынаԥшуеит. Аҳәаахьчаратә гәаҭара иццакны иныҟәо афымцадәыӷба «Ласточка» Шәача – Гагра апассаџьырцәа иахысуеит Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа аихамҩатә станциа «Веселое» аҟны Аԥсны иахьаҵанакуа – аихамҩатә станциа Цандрыԥшь. Афымцадәыӷба «Ласточка» ахь абилетқәа раахәара ҟалоит хара ицо рзы аихамҩатә кассақәа рҿы, мамзаргьы Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Урыстәы­латәи Аихамҩақәа» аофициалтә саит, мамзаргьы амобилтә цҵаҿы. Шәачантәи Гаграҟа аара, мамзагьы Гагрантәи Шәачаҟа шьҭахьҟа аара абилеҭ ахәԥса — 755 мааҭ.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me