Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы

Ааигәа имҩаԥысит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, – ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аомбудсмен аминистр илҭаз адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Белова лԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа аҳақьымцәа раара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара алыршахеит.

«Ҳара агәыҳалалратә фондқәа ирхылаԥшу ахәыҷқәа апрактикатә цхыраара рыҭаразы ахәыҷтәы психиатрцәа Аԥсныҟа иаашь­ҭызарц азы аҳәара ҟаҳҵеит.  Ари азҵаараҿы агәабзиарахьчара Аминистрра адгылара ҳҭахуп, усҟан ҳара акциа аицымҩаԥгаразы алшара ҳауеит», – лҳәеит Мактина Џьынџьал.

Едуард Быҭәба аминистрраҿы ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭара аусура ахырхарҭа хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иарбоу азҵаараҿгьы Аминистрра ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп. Мактина Џьынџьал Урыстәылатәи аспециалистцәа раара ҳазҭоу амзазы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа адырра ҟалҵеит. Едуард Быҭәбеи Мактина Џьынџьали, иара убас афонд «Ашана» зхылаԥшуа ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷы ацхыраара иҭара азҵаарагьы иалацәажәеит

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me