Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аминистрцәа Реилазаараҿы

Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥыза-министр ихаҭы­ԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи алархәны 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иазку азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Иарбоу аобиектқәа рҿы аусурақәа ԥарала реиқәыршәара мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьет ахатәы малқәа рыла. Зынӡа асиа иҭагалоуп 73 усмҩаԥгатә. Урҭ рыхәԥса 270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас зеиҭашьақәыргылара, мамзаргьы зыргылара азԥхьагәаҭаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 14 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 44 млн. 542 нызқь мааҭ рҟынӡа артәеит, Гагра араиони Пицунда ақалақьи рҿы 8 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 25 млн. 842 нызқь мааҭ рҟынӡа артәоит, Гәдоуҭа ақалақь аҿы – 13 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 57 млн. 946 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа араион аҿы 6 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 21 млн. 800 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Гәылрыԥшь араион аҿы 8 обиектк, урҭ рыхәԥса – азеиԥш еицҵалыҵ 25 млн. 899 нызқь мааҭ, Очамчыра араион аҿы 14 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ – 62 млн. 482 нызқь мааҭ, Тҟәарчал араион аҿы 8 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ – 22 млн. 793 нызқь мааҭ, Гал ақалақь аҿы иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ – 8 млн. 663 нызқь мааҭ. Аилатәара аихшьалақәа рыла, атәыла Аԥыза-министр адҵақәа ҟаиҵеит.

Афинансқәа Рминистрра ианаамҭоу иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ԥарала реиқәыршәара ауааԥсыра имҩаԥысуа аусурақәа рзы адырра рыҭареи рзы азԥхьанҵа ҟаҵоуп. Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа адҵа хада – аусурақәа зегьы рхаҭабзиара аҳаракра шьаҭас иҟаҵаны аҭакԥхықәра анагӡаразы абжьгара аҭоуп. Иара убас, Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа анапхгаҩы хара имгакәа аусурақәа рымҩаԥгара иахьалагахьоу аобиектқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ииҭаларц идиҵеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me