Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гәык-ԥсыкала адныҳәалара

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра анапхгареи аколлективи ирыдиныҳәалеит иара анеиҿыркааз инаркны 45 шықәса ахыҵра.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шоҭа-иԥҳа, ҳаҭыр зқәу Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых азы ишьахәу амш – Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анеиҿыркааз Амш.

1978 шықәса ноиабр 6 азы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи аефир ҭыҵит. Амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи арҿиареи агәацԥыҳәара анаҭеит. Уи иабзоураны ишьақәгылеит ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа телехәаԥшра азанааҭдырра ҳараки агәымшәареи аарԥшуа аус руан. Урҭ рфырхаҵареи иандырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны, еизгоуп хәызмаӡам аибашьра архиви адокументқәеи, адунеи ауаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит.

Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ателехәаԥшра аусзуҩцәа

45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анап иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәпрограммақәеи шәрепортажқәеи ҳажәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәлар ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭ хаҿра аиқәырхарагьы.

Иахьа здырра ҳараку анапхгареи, зҳәоу еиқәыршәаны аус еицызуа аколлективи ирыбзоураны, Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои аҿиара мҩа иануп, аусураҿы ҳаамҭазтәи ахархәагақәа рыла атәыла амедиа-индустриа аиӷьтәра хықәкыс ишьҭыхны.

 Аԥсуа телехәаԥшра есҽнытәи аусура ацәырҵреи ашьақәгылареи зџьабаа аду зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра зқәым агәамч шәнапы злаку аус ду аҟны.

Агәра згоит Аԥсуа телехәаԥшра ахәаԥшҩцәа ҳаԥхьаҟагьы зхаҭабзиара ҳараку, зҿлымҳара зуҭаша апрограммақәа рызнагара шәылшалоит ҳәа».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me