Изыхәҭоу Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аслан Бжьаниа ноиабр 1 азы.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа (Аиҳабыра) Реилазааразы» 1996 шықәса август 13 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, Џьопуа Беслан Циба-иԥа ихы дақәиҭтәуп Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟнытә иалеиҵаз арзаҳал инақәыршәаны», – иазгәаҭоуп Аусԥҟаҿы.
Беслан Џьопуа ақыҭанхамҩа аминистрс дшыҟоу даанхоит.