Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Еснагь ҳажәлар ззыԥшу

Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵит. Уи иазкыз агәырӷьаратә хәылԥазы еиҿкаан ноиабр 6 азы Аҟәа.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Аусмҩаԥгатә аартуа, Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабы Ирина Агрба дрылацәажәеит Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурыхи иахьатәи амши.

Аԥсуа телехәаԥшра егьырҭ ателехәаԥшратә каналқәа шцәырҵхьоугьы, иахьа уажәраанӡа азеиԥшмилаҭтә телехәаԥшраны иҟоуп, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи зехьынџьара инаӡоит. Ашьыжь Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы ицәырҵуеит асааҭ 8 азы. Ателехәаԥшраҿы аус зуа рхыԥхьаӡара 160-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иахьа акьыԥхьтәи аелектронтәи амассатә информациа ахархәагақәа, иара убас аинтернет ресурсқәа хыԥхьаӡара рацәала ианыҟоу аамҭазы, Аԥсуа телехәаԥшра ҳҳәынҭқарраҿы ахәаԥшцәа рацәаҩӡаны иамоуп. Ажәабжь ҿыцқәа рдырраҭара «Амшеикәшара» акыр шықәса раԥхьа аиԥш, уажәгьы аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә информациа ахыҵхырҭа хаданы иҟоуп ауааԥсыра рзы.

Ҳазну аамҭазы Аԥсуа телерадиоеилахәыра аилазаара иалоуп ауаажәларра-политикатә, аинформациатә программақәа, атематикатә редакциа, ашьыжьтәи адырраҭара «Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла» аредакциа уҳәа егьырҭгьы. Атематикатә редакциаҿы иҟоуп автортә телехәаԥшратә проектқәа 25.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра напхгара арҭон Мџьыҭ Хәарҵкиа, Шамиль Ԥлиа, Владимир Занҭариа, Гәырам Амқәаб, Руслан Ҳашыг, Алхас Ҷолокуа, Емма Хәаџьаа, Леонид Еныкь, Ҭали Џьопуа, Роланд Бганба, Оҭар Лакрба.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала  адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Иара убас дрыԥхьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист», «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵаразы аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟақәа.

Еизаз идырбан Аԥсуа телехәаԥшра аусура иазкны ҷыдала иҟаҵаз асиужет.

Аԥсуа ҳәынҭелерадиоеилахәыра аусзуҩцәа ирыдныҳәалеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Аԥсуа телехәаԥшра еиҿкаахеижьҭеи 45 шықәса аҵреи Аиааира 30 шықәса ахыҵреи раҳаҭыразы «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса», «Аԥсны аҭынчра ахьчаразы» амедалқәа ранаршьеит Аԥсуа ҳәынҭтелерадилеилахәыра аусуҩцәа гәыԥҩык. Амедалқәа рнапаҿы ириҭеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Агәырӷьаратә хәылԥазы хыркәшан аконцерттә программала.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me