Владимир Путин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала еилоу  Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо шәыуаажәларгьы ирыдысныҳәалоит жәлар ракзаара Амш.

Ари Амш Аԥсадгьыл абзиабара символра азнауеит, милаҭла, динхаҵарала, бызшәала еиуеиԥшым ажәлар ракзаареи реилибакаареи ҳаҭырла реизыҟазаареи атәыла ажәларқәа зегьы рзы аҭынчреи аизҳазыӷьареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара иазҳәоуп. Иахьа, Урыстәыла ашәарҭара аамҭеи аԥышәара уадаҩи ирҭагылоуп. Урыстәыла амилаҭ рацәа реидгылареи ракзаареи Урыстәылатәи армчқәа ргәы ашьҭыхра алдыршоит, атәыла анапхгара урҭ рҿаԥхьа иқәдыргыло ахықәка рынагӡараҟны иагьцхыраагӡахоит.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, арегионтә шәарҭадареи, ҳажәларқәа рыбжьара акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рырҭбаара  азҵаарақәа зҿлымҳара ирышәҭо азы. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хаданы иҟан, ус иагьыҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш азы Шәаргьы Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ауааԥсыра зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра!»

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me