«Амҵәышә аҵа амца акны ибылуан, ахәҵәы амахә иахьаҿарҧаз азхара изыччомызт, иаздырӡомызт амца қьоуқьад иара аҟынӡагьы ишнеиуаз рҳәеит». Ари аҧсуа жәаҧҟа лассы-лассы исгәалашәалоит. Избанзар, иара даара ибзианы иаанарҧшуеит ҳҟазшьа. Ҳашџьеибашьоз, ҳшеизымӡырыҩуаз, иахьа иачҳап, нас уаҵәы иҟаҳҵап ҳәа иахыго ишааҳгоз амилаҭтә мазарақәа иреиуаз, амилаҭтә ҟазаратә доуҳа нықәыццышәаа ицеит.
Адыгьеиа, Маиҟәаԥ ақалақь ареспубликатә милаҭтә музеи аҟны имҩаԥысит 85 шықәса раԥхьа, Париж иҭыжьыз, адыгақәа ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи ахырхарҭақәеи жәпакы инарҵауланы иаазырԥшуа «Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра» ҳәа хьӡыс изауыз Аитек Намиток ишәҟәы аӡыргара.
«Шьашәы-Аҳахь Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!»
«Ажьырныҳәа» аԥсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аԥсуаа реиԥш аӡәгьы иҳаракны ирымаӡам. Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аԥсуаа рыбжьныха рымч еидызкыло Шьашәы иоуп ҳәа акәын.
Дыздыруан Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа Бганба 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет данҭала нахыс. Дахьгылаз аҭыҧқәа зегьы рҟны далкаан, дыццыкын, амцабз даҩызан. Агәеибафара, агәыцыхцыхра, зегь рызхьаара, зегьы рхаҵгылара зцәаҩаз иакәын.
Аҧсны аҭагылазаашьа уадаҩ акәмызҭгьы Хәыхәыт Бганба ҵарауаҩ духәон хымҧада.
Аҧсуаа ражәа иалоуп: «Аиашьа рыцҳарак дақәшәар, аиаҳәшьа лылаҕырӡ ахькаҭәо ашьац былуеит» ҳәа. Иҟам еиҳау ахьаа аиашьа игәырҩара аҵкьыс.
Аҟәа ақалақь аҟынтәи 12 километр ахьыбжьоу, Каман аҳаблаҿы игылоуп аԥшьаҩы Иоаанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ. Уи есышықәса иаҭаауа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рхыԥхьаӡара 50 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут) ари аберҭыԥ ахылаԥшҩыс дыҟоуп. Уи Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ари аныхабаа имариам аԥсҭазаара атәы еиҭеиҳәеит.