Зыбжьы еицамкуа арҿиаҩы

Еицырдыруа ауаԥс шәҟәыҩҩы Нафи Џьусоиҭы ихьӡ ҩашьара акәымкәа иаанхоит амилаҭтә литератураҿы. Аӡәырҩы уи Косҭа Хетагуров дидыркылоит. Ауаҩы – легенда ҳәа изырҳәоит.

Нафи Џьусоиҭы диижьҭеи 100 шықәса аҵра культуратә хҭыс дуны иахәаԥшуеит ауаԥс жәлар.
Нафи Џьусоиҭы диит 1925 шықәса февраль 27 рзы Алада-Уаԥстәыла Џьаватәи араион Ногкау ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿ алагарҭатә школ даналга иҵара иациҵеит Нхыҵ – Уаԥстәылан, Кировтәи абжьаратәи ашкол аҟны.
1941 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дууӡа анҵысыз ашкол далгеит, хатәгәаԥхаралагьы Арҟаԥшьаа рырхәҭа далалеит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагылан. Аибашьраҿы асовет жәлар иргаз Аиааира ашьҭахь Нафи Џьусоиҭы Сталинирҟа (Цхинвалҟа) дхынҳәит. 1945 шықәса анҵәамҭа инаркны 1949 шықәса азынӡа аус иуан ВКП(б) Алада-Уаԥ­стәылатәи аобласттә комитет аинструкторс. Аҵара иҵон аурыс литература аинститут аспирантураҿы. Иҵара аныхиркәша «Косҭа Хетагурови аурыс литературеи» атемала акандидаттә диссертациа ихьчеит.
1954 шықәса инаркны З.И. Ванеев ихьӡ зху Алада-Уаԥстәылатәи аҭҵаарадырратә институт алитературеи афольклори рыҟәша деиҳабын. Алекциақәа дрыԥхьон Алада- Уаԥстәылеи Аҩада-Уаԥстәылеи рырҿиаратә институтқәа рҟны. Дыҟан Алада- Уаԥстәылатәи арҵаҩратә институт ауаԥс бызшәеи алитертуреи ркафедра аиҳабыс, Владикавказтәи аҭҵаарадырратә центр аҭҵаарадырратә усзуҩыс.
1969 шықәсазы акәзар, Нафи Џьусоиҭы адоктортә диссертациа ихьчеит, хьӡысгьы иаман «XIXашә. XX ашә. алагамҭеи рзы ауаԥс литертура аҭоурых».
Апоет раԥхьатәи иажәеин­раалақәа реизга «Асолдаҭ игәы» ҭыжьын 1949 шықәсазы. Арҿиаҩы далырхуеит алитературатә критикцәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа (Париж) аилазаарахь. Ауаԥс бызшәа ашҟа еиҭеигеит А. Пушкин, Н. Некрасов, Т. Шевченко, Л. Толстои, А. Чехов, Ҟ. Кулиев уҳәа рырҿиамҭақәа. Ауаԥс литература иазкны иаԥҵамҭақәа инарҭбааны еицырдыруеит.
Нафи Џьусоиҭы иҩымҭақәа: «Сырдон алаӷырӡқәа», «Ҳхылҵшьҭра ршьа», «Урузмаг ахынҳәра», «Азауи Ҭеимурази», «Ажәытә шәарыцаҩ игәынамӡара», «Асы шкәакәа», «Ҩ-бжьык зхоу ашәа» уҳәа рҟны иаарԥшуп ижәлар рыцәгьеи рыбзиеи, рылахьеиқәреи ргәыӷреи, рхьааи рфырхаҵареи рыла еибарку рыԥсҭазаара. Ари иаҳнарбоит, арҿиаҩы ижәлар ргәеисра дшаҿыз, зегьы изеиԥшны ижәлар дышрылагыламыз, рхьааи ргәырҩеи шрыцеиҩишоз.

Апоет, апрозаик, адраматург, апублицист, аиҭагаҩ инапы злакыз рацәан. Уи деицырдыруеит иара убас ижәлар рҭоурых аҭҵааҩы иакәны. Доуҳала ибеиаз, инарҵауланы ихәыцуаз арҿиаҩы ижәлар рцәаҩаҟазшьа шилаз, рмилаҭтә культура агәҭылса шиакәыз шьақәирӷәӷәон иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рыла. Ихыԥша еиднакылон ауаԥс интеллигенциа, ҿырԥшысгьы дрыман.
Нафи Џьусоиҭы илаз апринципреи, аҟазацәа бзиеи ихаҭара еиҳагьы ихадырҭәаауан. Аханатә илихыз амҩа данын. Ижәлар рымаҵ аура насыԥны ишьон. Здунеихәаԥшра ҭбааз арҿиаҩы ауаԥс жәлар реиҭаҿиара амҩаҿы илагала шьардоуп. Ижәлар рлахьынҵеи рԥеиԥши аԥхьа иргылон, хара ахәыцра зицәмаҷыз ачынуаа рҟны иаахтны игәаанагара иҳәон. Уи иҿагыларагьы рзыгәаӷьуамызт.
Ауаԥс жәлар рықәԥара инарҵауланы иаанарԥшуеит ироман «Ҳхылҵшьҭра ршьа». Уаҟа ицәыриго, аԥхьаҩ изнеиго ахҭысқәа ирныԥшуеит ажәлар рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.
Ауаԥс жәлар зыхьӡ иазгәдуу арҿиаҩы 90 ш. ихыҵра аиубилеи азгәаҭараан асасцәа рацәаҩны еизеит. Саси-ԥшәымеи иазгәарҭон уи илшамҭақәа, Нхыҵ-Кавказ еиԥш, Урыстәыла еиднакыло амилаҭқәа жәпаҩык рахьтә аҩызцәа ирҳахьан, иареи дареи аимадарақәа рыбжьан. Аԥсны акәзар, Нафи зныкымкәа даҭаахьан. 2013 шықәсазы Аԥсны, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 80 ш. ахыҵра аиубилеи азгәаҭараан Аԥсныҟа дааит ауаԥ делегациа дрыланы, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Агәырӷьаратә еилатәараҿы дықәгылеит. Аԥсни, аԥсуа жәлари, ашәҟәыҩҩцәеи дрықәныҳәеит, акыр ажәа ԥхақәа иҳәеит.
Ахәылԥаз, саси-ԥшәымеи ахьнаԥхьаз аишәачараҿ акәзаргьы, Нафи Џьусоиҭы дрылукаауан. Усҟан 88 ш. зхыҵуаз абырг оумашәа ауаԥс кәашара наигӡеит, аҵыхәтәан аԥсуаҵасгьы дкәашеит.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи иареи аиҩызара бзиа рыбжьан. Игәалаиршәеит зыԥсҭазаара иалҵхьаз аӡәырҩы. Уаанӡагьы ибзианы иидыруаз Альықьса Гогәуа, Гьаргь Гәыблиа, Џьума Аҳәба, Терент Ҷаниа уҳәа реибабара агәахәара ду инаҭеит. Аԥсуа литературеи ауаԥс литературеи реигәныҩра шьақәнарӷәӷәоит Нафи К. Хетагуров иажәеинраалақәа реизга «Ауаԥс ԥхьарца» аԥсшәахь еиҭаганы иахьҭижьыз апоет Г. Аламиа, 2018 шықәсазы уи Нафи Џьусоиҭы ихьӡ зху апремиа ахьианашьоу.

Нафи Џьусоиҭы 93 ш. дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит 2017 ш. ииун 25 рзы. Игәалашәара рыцзаауеит, ихааныз реиԥш, еиҵагыло абиԥарақәа. Уи ирҿиара хә-змаӡам доуҳатә малны ирзаанхеит ауаԥс жәлар. Авторс дрымоуп 400 инареиҳаны аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа, уахь иалоуп амоногафиақәа жәаҩа, Сека Гадиев, Елбаздуко Бритаев, Темирболат Мамсуров уҳәа ирызкны аҭҵаарадырратә усумҭақәа ҭижьит. Имҽхак аҭбаара шьақәдырӷәӷәоит иара убас ауаԥс литеаратура арҵага шәҟәқәа ахьеиқәиршәахьаз, ҩ-томкны иҟоу алитературатә терминқәа ржәар «Ауаԥс литература аҭоурых» аҭыжьра.
Ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Нафи Џьусоиҭы иҩымҭақәа еиҭаганы иҭыжьуп аурысшәахь еиԥш, аукраин, аполиак, аҟазах уҳәа абызшәақәа рахь.
Иазгәаҭатәуп Нафи илагала шмаҷым ҳаамҭазтәи Алада-Уаԥ­стәыла ахьыԥшымра азхаҵареи ашьақәгылареи рҟны. Зныкымкәа Апарламент адепутатс далырххьан.
Абасала, ауаԥс жәлар рҵеи лаша Нафи Џьусоиҭы ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит ижәлар рыҩнуҵҟа еиԥш, аешьаратә жәларқәа рҟынгьы. Машәыршақә акәым уи ихаану, ибзианы дыздыруаз изырҳәо: «Нафи иҩымақәа ирыԥхьалатәуп, идунеи уҽаназааигәоутәуа уи ибжьы уаҳауеит. Иҳаҩсхьоуи, ҳазҭагылоу аамҭеи, ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши ибжьы рныҩуеит. Ус анакәха, Нафи Џьусоиҭы ԥсра иқәӡам».

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me