Арасаӡыхьаа рҭоурых Хәыхәыт Бганба ианҵамҭақәа рҟнытә

Архив аҟны иҳамԥыхьашәаз ашәҟәы иаҳәоит: «Фырхаҵарыла еибашьуаз Ламиа Антон Ҷыҷын-иԥа дҭахеит февраль 9, 1945 шықәсазы. Анышә дамадоуп ақыҭа Арнсдорф, Гугштатсктәи араион Амрагыларахьтәи Пруссиа иахьаҵанакуа.

Уи цқьа ашьақәырӷәӷәаразы иаҳҩыз ашәҟәы ала еилаҳкааит ари аҭыԥ Польша ишаҵанакуа. Польшаҟа иаҳашьҭыз ашәҟәы аҭак ҳәа акгьы ҳмауц иахьа уажәраанӡагьы. Иара убас еиуиеԥшым архивқәа рахь иҭаацәа ирышьҭыз ашәҟәқәа рыла еилкаахеит Ламиа Антон ишиаҭәаршьахьаз фырхаҵарыла, гәымшәарыла аибашьразы аорденқәа ҩба: «Аеҵәа ҟаԥшьи», «Ахьӡ-аԥша» ахԥатәи астепени, иара убас амедальқәа рацәаӡаны. Абасала еилкаахеит афырхацәа гәымшәақәа дшыруаӡәкыз Арасаӡыхьтәи арԥыс–Ламиа Антон Ҷыҷын-иԥа. Ииашоуп, уи уаҩ диҭнымхеит, аҭаацәара алалахагьы дахьымӡеит, аха ихьӡ-иԥша еснагь ирыцзаауеит иқыҭауа. Аха егьа ус иҟазаргьы иқьаԥҭамхеит Ҷыҷын иҩнаҭа. Уи ихәышҭаара иациҵоит Антон иашьеиҵыб.
Зхабарк ыҟамкәа ибжьаӡыз дреиуоуп 1941 шықәсазы аибашьра иргаз Ианкәа Фаҭ-иԥа Ламиа. Уи 1921 шықәсазы диит, аҭаацәара даламлацызт. Дколнхаҩы бзиан, ибаҩ дацәаашьомызт, дыкруҩын.
Ианкәа диқәлан Арушьан Есыф-иԥа Ламиа. Уи арра дыргахьан аибашьра иалагаанӡа. Аррамаҵура дахысуан Мраҭашәарахьтәи Украина. Убра дшыҟаз аибашьра иалагеит. Подольсктәи архив аҟ­ынтә иаашьҭу ашәҟәы иҳанаҳәеит уи ажәыларақәа руак аан аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы дышҭахаз ииуль 7, 1941 шықәсазы ақалақь Могилиов-Подольск ахьчараан. Арушьан дызгәалашәо изларҳәо ала, уи даара ҷкәын ӷәӷәан, деилҟьан, аԥшькы иакәын.
1910 шықәсазы ииз Арсана Ҷыӷаӷа-иԥа Ламиа аҵара иман. Усҟантәи аамҭазы иреиӷьу аҵара змоу ҳәа иԥхьаӡаз абжьаратә школ иалгахьаз ракәын. Иара Мықәтәи абжьаратә школ далгахьан. Уамаӡакгьы ихыҵуамызт, аха иажәа акыр алнадон ақыҭаҿы, изуа здыруа, изҳәо здыруа ҳәа дыԥхьаӡан. Дҵеи гәрагаҩын ҳәа иӡбахә рҳәоит арасаӡыхьаа дызгәалашәо иахьагьы. Убри азы акәхап уи зны аколнхараҿы аревизиатә комиссиа напхгара заиҭоз, зынгьы асовхоз аҿы аус зиуаз. Архивтә материалқәа изларҳәо ала, аибашьра ианалагоз аамҭазы уи аколнхара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Арсана Ламиа аибашьра даныргоз аԥҳәыс дҳәаны диман. Аха инасыԥ ахь уаҳа ахынҳәра илымшагәышьеит. Уи игәалашәара рыцуп арасаӡыхьаа, иахьагьы аҵеи данилак, «Арсана Ламиа уиеиԥшхааит» ҳәа Арсана ҳәа зыхьӡырҵогьы ыҟоуп.
Ламиа Шьаҳаир Арасаӡыхь ақыҭан дыԥхьаӡан уаҩ наганы. Аҳабла Аԥсҭа дынхон, арахә-ашәахә иман. Ашьхымза рацәаны изанын. Уи иԥа 1922 шықәсазы ииз Мыџьыҭгьы иаб еиԥш, арахә-ашәахә дрызҿлымҳан, ашәарыцара бзиа ибон, шьхауаҩын. Мыџьыҭ аибашьра данырга нахыс ихабарк ҳәа акгьы ҟамлакәа длыбжьаӡ дцеит.
Дуаҩ наган 1914 шықәсазы ииз Џьамал Чагәна-иԥа Ламиа. Аҵарагьы иман, уи иқәнагахаша ауаҩрагьы ицын. Зны аколнхараҿы ԥхьаӡаҩыс дыҟан, нас Арасаӡыхь Лбаа аколнхара «Красный Арасадзых» ҳасабыеилыргаҩыс аус иуан. Аҭаацәара даламлацызт. Аибашьра ианлагаҵәҟьаз абџьар шьҭызхыз дреиуоуп. Зны аибашьрахьынтә даахьан иҩны, усҟан дыхәны дыҟан, ихәра шааиӷьхаз ҩаԥхьа еибашьра дцеит. Аха ацәгьаҳәацәа игәарарҵеит ииашамкәа ажәабжь «Џьамал аибашьра дымцаӡакәа, аҩны иҽыҵәахны дыҟоуп» ҳәа. Уахык амилициа аҩны иакәшеит, аха ус аӡәгьы иҽыҵәахны данырымба, иҽахьиҵәахыз заманала иҳарҳәоит рҳәан, иҟатаӡа изызҳауаз иаҳәшьа Цацу дганы дҭаркит. Усҟан Цацу дҭакны дандырҳәацәоз, лашьа аԥсадгьыл ахьчаразы фырхаҵарыла дҭахахьан. Уажәы излеилкаахаз ала, уи дҭахеит ноиабр мза 1942 шықәсазы. Уаҳагьы лыҩныҟа дзыхнымҳәӡеит цәгьаҳәарылагьы иҭаркыз Цацугьы.
Аиабшьра зыԥсҭазаара ахәланаҟәшәаз дреиуоуп Солдаҭ Кәасҭа-иԥа Ламиа. Уи уаҩ ҭынчк иакәын, анхара-анҵыра даҿын, ибаҩ дацәаашьомызт ҳәа иӡбахә рҳәон дызгәалашәоз. Солдаҭ Ламиа дыбжьӡит октиабр мза 1941 шықәсазы. Аха ихәышҭаара ҿымцәааит, инхеит ихшара. Иахьа урҭ рхылҵ-рԥылҵ анцәа ишиҳәара иҟоуп Арасаӡыхь ақыҭан.
Арҭ ашықәсқәа рзы ибжьаӡыз иреиуоуп ҩыџьа аишьцәа Маланӡиаа Шьаликәеи Мамеи Патыхә-иԥацәа. Шьалуа ԥшралеи, сахьалеи, дырралеи иҩызцәа дрылумкаар залшомызт. Аибашьра ишалгаҵәҟьаз абџьар шьҭызхыз дреиуоуп. Ирҳәоит, дафицерын, ахьӡ-аԥша иман деибашьуан ҳәа, аха шықәсык анаҩс уаҳа ихабарк ҟамлакәа ибжьаӡыз дыруаӡәкхеит. Шьаликәа иеиҳабы Мама Аҟармара ашахтаҿы аус иуан аибашьра ашықәсәа раан. Ишдыру еиԥш, усҟангьы инымҵәацызт Бериа иполитика, иара анҵәара акәым, усҟан ауп Бериа еиҳагьы данашьҭала аԥсуаа Аԥсны рахыгара. Убри азы иҟаиҵарц иӡбеит амзызқәа. Иара идгылаҩцәа рнапхгарала иҽазикит аԥсуаа анемец фашист иԥыларазы агәыԥқәа аԥырҵазшәа. Ус еиԥш агәыԥ аиҿкаара рылдыршеит Бериа имҵақьақьаҩцәа, аԥсуаа гәыԥҩык жьаны Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал,. Ашьҭахь урҭ зегьы «рус изҿыз» рыҵырхызшәа ҟаҵаны ирбаандаҩын, ашьра зықәиҵаз, иахыгаз рацәаҩын. Убри мзызс иҟаҵаны, Бериа Москва иқәиргылеит аԥсуаа рахыгара азҵаара аԥсадгьыли аԥсахыҩцәа ҳәа ахьӡ рыхҵаны. Убас еиԥш Тҟәарчал аус зуаз «анемец фашист иԥыларц згәы иҭаз» ҳәа иԥхьаӡаны ирӡыз дреиуан Мама Маланӡиагьы. Уи ицыӡыз ракәны иргәалашәоит Адлеи Бақьтат, Аргәын Марад, Қәҭелиа Паҷ, Грышьа Маан, Қаласа Амҷба убас ирацәаҩны. Имаҷӡоуп урҭ рахьынтәи ихынҳәқәаз. Абасала, арҭ ашықәсқәа рзы Патыхә Маланӡиа иҷкәынцәа аӡәы аԥсадгьыл афырхаҵа ҳәа, егьи «аԥсахҩы» ҳәа ицәыӡит. Аха Мамагьы аԥсадгьыл аԥсахҩы ҳәа изҳәара иашаӡам. Уи дызқәыӡыз Бериа еиҵаҟәаҟәақәа роуп. Абжаҩык асовет мчра анааи ихҵәаны ицеит. Иҟоуп Асовет мчра иадгыланы зхы аазырԥшызгьы. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Озбақь Маршьангьы. Уи аколнхара анышьақәгыла аҭауад жәлақәа рахьтә раԥхьа уи иалалаз дыруаӡәкын. Аибашьра шықәсқәа раан Озбақь иҷкәынцәа ҩыџьа абџьар шьҭырхит. Деиҳабын Уарлам (Гоџьа). Ақыҭаҿ ҳасаб еилыргаҩыс дыҟан. Аҭаацәара далалахьан, ихшарагьы ыҟан. Дҭахеит 1942 шықәсазы. 1904 шықәсазы диит уи иашьеиҵыб Хьрыԥс. уи дажәаҳәаҩын, дҽыбӷаҟазан, аҭаацәара далалахьан. Очамчыратәи арратә комиссариат аҟны, уи ихатә ус иҳанаҳәоит март 22, 1944 шықәсазы дышҭахаз, анышәгьы дшамадоу Красноиарсктәи атәылаҿацә, Ленинград ҳәа иахьашьҭоу астанциа азааигәараҿы.
Арасаӡыхь ақыҭа Марцхәлаа ԥхьаӡоуп нхацәа нагақәаны, аашьара ззымдыруа, арахә-ашәахә рацәаны ианызҵоз ракәны. Урҭ рыжәла ахьтә арҭ ашықәсқәа рзы аибашьра иалаӡит хәҩык арԥарцәа. аибашьра хлымӡаах рыцҳашьарада изныҟәеит Шьаҳан Марцхәлаа. Уи иҷкәынцәа хҩык , аӡә дубар, аӡә духашҭуа иҟаз, зынӡа иқәыԥшӡақәаз, Володиа 1920 шықәсазы ииз, Ҟәашә 1923 шықәсазы ииз, Мушьни 1924 шықәсазы ииз аибашьра ицәалаӡит. Володиа 1941 шықәсазы ихабарк ыҟамкәа дыӡит. Ҟәашә шықәсык деибашьуан, 1943 шықәсазы дыргеит, 1944 шықәсазы дҭахеит. Мушьни 1943 шықәсазы дыбжьаӡит.
Марцхәлаа Цамал Фаҭ-иԥа 1900 шықәсазы ииз, Нисор Камшьышь-иԥа 1922 шықәсазы ииз рҩыџьагьы 1942 шықәсазы иҭахеит. Цамал ахшара иҭынхеит.
Аибашьра ашықәсқәа ирылаӡит ҩыџьа аишьцәа Нанбақәа. урҭ Мажьагәа Нанба иԥацәа Сафрони Исидори роуп. Изгәалашәо изларҳәо ала, Сафрон дырҵаҩын, Аҟәатәи арҵаҩратә училишье далгахьан, рҵаҩыс Арасаӡыхь ашколаҿ аус иуан.
Омак ирацәам Ратиаа рыжәла Арасаӡыхь. Урҭ рахьтә аибашьра иалаӡит ҩыџьа. Урҭ Владимир Сааҭ-иԥеи Андреи Дауд-иԥеи роуп.
Владимир Сааҭ-иԥа иӡбахә нарҭбаан иҩхьеит ашәҟәыҩҩы Шьоҭа Ҷкадуа.
Андреи Дауд-иԥа диит 1922 шықәсазы. Уи Аҟәатәи арҵаҩратә училишье далгахьан. Аха еиҳарак адгьылқәаарыхра инапы алакын. Ирҳәоит Андреи уамашәақәа аҽқәа бзиа ибон ҳәа. Иахьагьы Арасаӡыхьаа изгәалашәо ыҟоуп уи аҽы ҭоуӷанқәа Милани Марсели захьӡыз. Урҭ аԥхьахә акырынтә иргахьан. Ирҳәоит Андреи Ратиа иеиԥш аҽыбӷаҟаза Арасаӡыхь иԥшаара уадаҩын ҳәа, аибашьраҿы дыбжьаӡит. 1942 шықәсазы.
Уамак ирацәам Арасаӡыхь Ҭҳа­иҵыкәаа рыжәла. Аибашьра ашықәсқәа ран дыбжьаӡит Ҭҳаиҵыкә Ҭемраз Саид-иԥа, уи диит 1911 шықәсазы. Арратә комиссариат аҟны ишьҭоу ашәҟәқәа руак иаҳәоит Ҭемраз сентиабр мза 1941 шықәсазы дыбжьаӡит ҳәа ихабарк ыҟамкәа. арасаӡыхьаа ргәалашәараҿ даанхеит уи ҷкәына еилҟьаны, длах-ҿыхӡа, ишырҳәо еиԥш, амца иҿықәыҳәҳәо.
Убас еиԥш Арасаӡыхь зыжәла маҷу иреиуоуп Ҭхәазбақәа. Урҭ рыжәла ахьтә дыбжьаӡит февраль мза 1942 шықәсазы Ҭхәазба Кәҷыр Кәагәса-иԥа. Уи 1911 ишықәсиран. Арасаӡыхьаа ргәалашәараҿ даанхеит уаҩ қьиан, уаҩ гәыразны, аџьа иацәымаашьоз, шьыжьы инаркны хәлаанӡа зхы имҩахакәа аус зуаз аӡәы иакәны.
Дыжәлазаҵәын, дагьыбиԥаза­ҵәын Уардиа Леуард Титу-иԥа. аҭаацәара алалахагьы дахьымӡакәа аибашьра дыргеит, дагьзыхнымҳәӡеит. Уи алагьы Арасаӡыхь ақыҭан иахыӡааит Уардиаа рыжәла арасаӡыхь ақыҭан Ҳаџьымаа рыжәла акырӡа ирацәоуп. Ҳаџьымаа рыжәла ахьтә арҭ ашықәсқәа рза аибашьраҿ иҭахеит хәҩык.Ҳаџьым Ҷына иԥацәа ракәын Грышьеи Нестори. Анхара-нҵыра злаз, еилҟьа-еилӷәыцәыз, зыԥшра зсахьа бзиаз иреиуан. Нестор изы ирҳәоит дкәашаҩын, дшәаҳәаҩын ҳәа, аишьцәа рҩыџьагьы рхабарк ыҟамкәа ибжьаӡит. Нестор Ҳаџьым дыбжьаӡит апрель мза 1942 шықәсазы.
Иқәыԥшӡаз, аҭаацәарагьы иаламлацкәа ибжьаӡит Ҳаџьым Абас иԥацәа Маџьгеи Иакәби. Акы заҵәык уаҩы игәы збаауа, урҭ аишьцәа рашьа еиҵбы Ҵереҭел ила Абас ихәышҭаара зынӡа иахьҿымцәааз ауп.
1905 шықәсазы диит Наҷ Белал-иԥа Ҳаџьым. Август мза 1942 шықәсазы дыбжьаӡит иӡбахәк ыҟамкәа. Арсаӡыхьаа дыргәаладыршәоит уи лаф ҳәаҩны, лахҿыхк, елҟьа-еил­ӷәыцәк иакәны.
Арасаӡыхь ақыҭан инхо Ҵалкьиаа рахьтә аибашьра иалаӡит ԥшь-ҩык. Цам Чанса-иԥа диит 1909 шықәсазы. Арасаӡыхь иалҵыз Аԥҭа Ҳаџьыми иареи еицеи­башьуан, аха нас еицрыргеит. Цам аҵыхәтәантәи ишәҟәқәа аауан Кьерчынтәи, аха рацәак мырҵыкәа аара иаҟәыҵит.
Ҵалкьиа Лаџьгәа Рашьыҭ-иԥа уаҩ ҭынчк иакәын ҳәа дыргәалашәоит иқыҭауаа. Дҭаацәаран, ҩыџьа ахшара драбын. Дыбжьаӡит сентиабр мза 1942 шықәсазы.
1921 шықәсазы диит аи­башьраҿы ибжьаӡыз Сырбеи Бақьҭар-иԥа Ҵылкьиа. Уи дқә­ыԥшӡан, аха илахь ианыз идыруазшәа, заа аҭаацәара дал­алахьан. Тҟәарчал амагазин дыҵагылан. Арра дыргеит 1940 шықәсазы. Уа дшыҟаз ауп аибашьра ишалагазгьы. Мызқәак ишәҟәқәа аауан. Нас уаҳа ихабарк ҟамлаӡеит. Ирҳәоит уи аибашьраҿы атанк дақәтәан ҳәа. Иқыҭауаа дыргәалашәоит уаҩ хәшаны, ауаа ргәы иахәаша иашьҭаз, аҟыбаҩ змаз аӡәы иакәны.
1900 шықәсазы диит Баџьга Ҳанашә-иԥа Ҵалкьиа. Аҭаацәара далан, ҷкәынак диман. Анхара-анҵыра иашьҭаз, есымша зҽи-зкәадыри рхиаз хаҵа наган, деизара уаҩын. 1942 шықәсазы арра дыргеит, иара убри ашықәса ииуль мзазы дыбжьаӡит. Иахьа уи иҩнаҭаҿы инхо даҽа жәлоуп.
1905 шықәсазы диит Ладмер (Владимир) Андреи-иԥа Ҵурҵумиа. Уи дыԥхьаӡан Арасаӡыхь аколнхара аиҿкааҩцәа дыруаӡәкны, зынгьы аколнхара ахантәаҩыс аус иухьан. Ладмер аҵарагьы иман, изгәалашәо изларҳәо ала, аликбез далгахьан. Аамҭақәак рзы амагазин дықәгылан Арасаӡыхь, Дадлан, Гәыԥ. 1941 шықәсазы аибашьра данырга раԥхьа азыҟаҵарақәа дырхысуан Кировобад. Нас аибашьра дагеит. Уаҳагьы ихабарк ҟамлаӡеит. Иҭынхеит хәҩык ахшара.
Уаҩ ҭынчын. Арахә дрыцын ҳәа иӡбахә ргәалашәоит аибашьраҿы зхабарк ыҟамкәа ибжьаӡыз Сандра Ҳабыџь-иԥа Чқәан.
1922 шықәсазы диит аибашьра иалаӡыз Ҷыка Мды-иԥа Черқьезиа. Аибашьра даныргоз аҭаацәара алалахагьы дахьымӡацызт, зынӡа дқәыԥшӡан. Ҷкәына еилыххак, иблақәа ргәы ҭбааны, ԥшӡакы, еинаалак ҳәа дыргәалашәоит дыздыруаз.
1917 шықәсазы диит Ҷаҷа Мшьыҟәа-иԥа Чхетиа. Аҭаацәара далалахьан, арра данрыга ашьҭахь ауп даниз аӡӷаб. Аррамаҵура дахысуан Каменц-Подольск. Иара уа дшыҟаз ауп аибашьра ишалгаз. Аҵыхәтәантәи ишәҟәы ааит Киевнтәи. дыбжьаӡит август 1941 шықәсазы.
Арасаӡыхь ақыҭан жьиҩыс аус иуан аибашьра иалагаанӡа шықәсқәак раԥхьа инеины анхара иалагаз, ақырҭуа милаҭ еиуаз Ладикәа Арсент-иԥа Шарапиӡе. арасаӡыхь дызгәалашәо рацәаҩуп жьиҩы ҟазаны. Аҽы ашьапы шичаԥоз аӡәы инапкымҭа иалаҩашьомызт. Бзиа ибон аҽырхәмаррагьы. Арасаӡыхь днеижьҭеи рацәак шымҵуазгьы, аԥсшәа бзианы иҳәон. Уи 1910 шықәсиран. Аибашьра дыргеит 1942 шықәсазы, дыбжьаӡит ихабарк ыҟамкәа. иҭынхаз иахьа Тҟәарчал инхоит. Иаԥсыуаауп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит,, аԥсуа ҳәа иануп.
Абасала, Арасаӡыхьаа ры­ҷкәынцәа 133-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра рыԥсҭазаара ахәлаҟәшәахеит, урҭ зегьы аиааира ааигәазтәыз иреиуоуп дара рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны. Еихьышәшәа-еиԥшышәшәа ихынҳәуан арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа аибашьраҿы зыԥсы ҭаханы инхаз. Ус ихынҳәыз 51-ҩык ыҟан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ ирацәоуп фырхаҵарыла аӷацәгьа иҿагылан иқәԥоз, аорденқәеи амедалқәеи ирыԥсахаз.

(Алгарҭа. Алагарҭа рнуп «Аԥсны» №33-34, 39-40, 41-42, 43-44, 45-46)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me