Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Абас ахьӡуп ааигәа иҭыҵыз, ажәеинраалала иҩу ароман, уи авторс дамоуп занааҭла иҭоурыхдырҩу Лӡаа ақыҭа иалиааз Рауф Џьыкырба. Аҩымҭа аԥҵоуп урысшәала, иҭыҵит Новосибирск.
Ҳәара аҭахым ашәҟәы аҭыԥ, уи алахьынҵа аԥхьаҩ инапы иануп, аԥхьаҩ иоуп арҿиамҭа амҵәыжәҩақәа змоу аԥсаатә бзиа еиԥш адунеи иахьызыгӡо. Ҳзыхцәажәо ашәҟәы арҿиамҭа аԥеиԥш бзиа шамоу агәра ҳнаргоит ааигәа еиҿкааз аӡыргара. Уи аԥшьигеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациатә ҟәша аиҳабы Алхас Чхамалиа. Ашәҟәы аӡыргарахь иааит аҵарауаа, автор иқәлацәа, аибашьра ицалсыз иҩызцәа, хыԥхьаӡара рацәала аҿар.
Аӡыргара аартуа Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иҳәеит: «Аҵара ду змоу, анаука знапы алакыз, Аԥсны ахақәиҭратә қәԥара иалагылаз Рауф Џьыкырба шәҟәыҩҩык иаҳасабала ицәырҵра сара сзы аартра ҿыцк иаҩызахеит».
Автор инысымҩа иаазыркьаҿны дазааҭгылеит аиԥылара амҩаԥгаҩ Алхас Чхамалиа.
Рауф Џьыкрба диит Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Новосибирсктәи ауниверситет аҿы далгеит аҭоурых афакультет, уи ашьҭахь, идырра ҵаулақәа азгәаҭаны ддәықәырҵоит аспирантурахь, Свердловск ақалақьаҿ (иахьа Екатеренбург) СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Уралтәи аҟәша иатәыз. Абраҟа аҵара шиҵоз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Зыԥшрак ҟамҵакәа итәылахь дхынҳәит. Гагра ахақәиҭтәра аан аротақәа руак командаҟаҵаҩыс даман. Нас Приднестровиатәи зхатә гәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз аруаа злаз агәыԥаҿ дкомандаҟаҵаҩын. Аибашьраан иааирԥшыз ахамеигӡареи адырреи рзы ианашьоуп Леон иорден. Аибашьра ашьҭахь аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет аҿы. 1998 шықәса нахыс дцеит Новосибирскҟа. 2005 шықәса раахыс иахьанӡа аилахәра «Аԥсуа аалыҵ» деиҳабуп. Ажурналист Владимир Никонов иқәгылараҿ иазгәеиҭеит: «Рауф Џьыкырба иажәеинраалоу ироман ианырԥшуп аҭоурых, иара уи инаҷыдангьы автор дыззыманшәалоу аиуморгьы аабоит».
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Заира Ҵәыџьба лакәзар, иҟалап зегь раԥхьа ароман иаԥхьаз дыруаӡәкзар, лара лгәаанагарагьы агазеҭаҿ илкьыԥхьхьеит, илҳәеит ароман аԥсуа колорит, аԥсуа цәа шаҟәну.
Ашәҟә ҿыц автор Рауф Џьыкрба изкны ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит Руслан Џьонуа, Константин Думаа, Владимир Делба, Валентин Кәаӷәаниа, Закан Нанба.
Ашәҟәы аӡыргараҿ дықәгылеит автор аибашьраҿы ицеибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Роман Гериа. Шәҟәыҩҩык иаҳасабала Рауф Џьыкырба ицәырҵра иара изы игәадуроуп, игәалаиршәеит аибашьра анцоз, иара командирс дызмаз агәыԥ гәыкала, насгьы профессионалла иазнеишьа иабзоураны хыԥхьаӡара рацәала асолдаҭцәа рыԥсҭазаара шеиқәнархаз ажәылараан. «Арҿиара аганахьала иуҳәозар, сзыԥхьаз ироман «ашәҟәы ҳаԥсҭазаара зегьы унарбоит, аԥхьара уагәыланахалоит, уатәнатәуеит. Асеиԥш иҟоу абаҩхатәра змоу дмаҷуп, ҳрыцҳахон аибашьраҿ акы ҳацәихьызҭгьы», ихиркәшеит уи ижәақәа абас.
Еицырдыруа ажурналист Екатерина Бебиа лықәгылараҿ дазааҭгылеит Рауф Џьыкырба идҳәалоу аибашьра анцозтәи лгәалашәара, иара убас лара иҭылххьоу афильм Аԥсны Афырхаҵа, «Малыш» ҳәа зарҳәоз Рамаз Џьопуа изку ацыԥҵәаха длырбеит. Араҟа маҷӡак ауп Рауф Џьыкырба дахьаабо, аха уи аамҭа кьаҿ, афырхаҵа «Малыш» иажәақәа иҳарҳәо рацәоуп.
«Ашәҟәы ҿыц «Аполковник Ҳаџьараҭ Бушба» рҿиара дуӡӡак, лашара дуӡӡак ҳзаанартит Фазиль Искандер дуӡӡа иҩымҭақәа реиԥш, аинформациа ду ҳтәыла Аԥсназы аԥхьаҩцәа ирынаҭоит» ихлыркәшеит уи лықәгылара.