Иахьа, февраль 15 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара.
Алхратә ҭыԥ № 1, алхратә ҭыԥ хада № 5 аҿы инеиуаз ауааԥсыра рхыҧхьаӡара маҷҩымызт.
Февраль 13 азы Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭаҿы имҩаԥысит Азеиԥшурыстәылатә уаажәларратә хеидкыла «Россия Молодая» Краснодартәи арегионтә ҟәша Ахеилак Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ацхыраара ласы автомашьынақәа «Газель Next-и» еиҭаҵуа амедицинатә комплекси рыҭара.
Ҩажәихԥа шықәса уажәаԥхьа аредакциахь дымҩахыҵит иқәра иааҭәаумшьо еиҿамсыз, зныҟәашәа еиҿкааз, аԥсҭазаара акыр дышкыднаҟьахьаз зныԥшуаз хаҵак.