Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Еиҭамҵуа амазара акадастр» азакәан аԥсахрақәа аларгалеит

Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан азинмчра аиуеит ԥхынгәымза 1, 2027 шықәсазы.

Азакәан апроект аус адулоуп еиҭамҵуа амазара аҳәынҭқарратә кадастр аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо азакәанԥҵара еиҿкааны, шьаҿа-шьаҿала аусура аларгара хықәкыс иҟаҵаны.

2024 ш., 2025 ш. рзы ирыдыркылаз «Еиҭамҵуа амазара акадастр» азы азакәани иҟоу анорматә-зинтә шәҟәынҵақәеи иахәҭоу аԥсахрақәа ралагара аамҭа аҭахуп, иазырхиатәуп аинфраструктура, аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа.

Еиҭамҵуа амал ашәҟәҭагаларазы азакәан аиҭакрақәа ралагалара хымԥадатәиуп, ианаамҭоу, ихарҭәааны анагӡара аԥырхага азҭо, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа маҷымкәа иахьыҟоу иахҟьаны:

акадастртә система аусура ҳәаақәызҵо анормативтә зинтә актқәа рыҟамзаара;

Аминистрцәа Реилазаареи аҳәынҭқарратә мчра усбарҭақәеи рнорматә-зинтә шәҟәынҵақәа аус рыдулара ахымԥадатәра;

иҿыцу акадастртә закәанԥҵара иарбоу ахәҭақәа рынагӡаразы техникалеи, аинформациалеи, инфраструктуралеи иахьынӡахәҭоу иахьазыхиам;

Арҭ еиқәыԥхьаӡо аҭагылазаашьақәа риашахаанӡа азакәан рыдыркылар аилагарақәа ҟалар алшоит, убри аҟынтә хазы игоу азакәанԥҵаратә актқәа рынагӡара аангылоуп иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵахаанӡа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me