Аамҭа ицәырнаго ахырхарҭақәа
Ииун 5 – иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара Адунеизегьтәи амш ауп. Уи аԥҵан 1972 шықәсазы ООН Ассамблеиа хада 27-тәи асессиа ақәҵарала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәеи шықәсарацәалатәи ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа наунагӡа ԥсра-ӡра зқәым ажәлар дырҵеи лашаны даанхоит. Аԥсны ари ашықәс иара ишықәсны ирылаҳәоуп.
Иацаҳҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Николаи Шамба иԥсы анҭаз ииҩуаз аматериалқәа рҟынтәи анҵамҭақәа.
Дарсалиаа аибашьра иалахәыз жәаҩык рахьтә аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит быжьҩык. Еишьцәа гәакьақәан Ганиеи Шьықәри Хакәыцә-иԥацәа Дарсалиаа.