Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара иалахәыз Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны лара дахьынхоз аҩны №94 аҭӡаҿы икыдырҵеит амемориалтә ӷәы.

Жьҭаарамза 26-27 рзы Аҟәа ихацыркхеит аҩратә марафон. Уи ареспублика акәақьқәа зегьы, уи анҭыҵ аҟынтәигьы хыԥхьаӡара рацәала алахәылацәеи, ахәаԥшцәеи, аспорт абзиабаҩцәеи еизнагеит.  Актәи амш азы ахәыҷқәа еиԥхныҩлон.

Жьҭаарамаза 26-27 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысит аҽыбӷаҟазаразы Аԥсны Ачемпионат.  Аицлабра рхы аладырхәит акомандақәа ԥшьба - Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟынтәи, иара убас Риҵатәи ареликттә  милаҭтә парк аҟынтәи акоманда.

Аԥсуа бызшәа Амш

27 Жьҭаара 2024 10:51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион амедицинатә усбарҭақәа аӡын ишазыҟаҵоу гәеиҭеит, – адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апр­есс-маҵзура. Едуард Быҭәба дырҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадеи Афон Ҿыц ахәышәтәырҭеи.

Лев Григори-иԥа Џьергениа – амузыкант, Аԥсны Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр адирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы, адоцент, Астрахантәи аконсерваториа аоркестртә ҟәша акафедра аиҳабы, Аԥснытәи АССР жәлар рартист, Қырҭтәылатәи ССР зҽаԥсазтәыз артист (1961 ш.) Қырҭтәылатәи ССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1971 ш.)

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me