Ельчин Аӡынба: Сыҧсҭазаара – сыжәлар рхақәиҭра иазкуп

Уҧсадгьыл аҿы ужәлар рхы иақәиҭны, егьырҭ амилаҭқәа иарбанзаалак акала иреиҵамкәа иҟазаарц азы, урҭ рҿахәы адунеи арҳара, изықәнагоу, даҽакала иаҳҳәозар, «амаа зкуа» аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҟнынӡа анагара, егьа уадаҩра уаниаргьы, адырра ҵаулеи, ачҳареи, агәаҕьреи аарҧшны уаназгыла, иулымшара арбан?

Ааи, ииашоуп аҧсҭазаара ага­нқәа ажәаҟны ишырҳәо еиҧш, инаҧынҵоу хәыцра ҵаулала рызнеира, уи ахьанҭарақәа ишәа-иза рыҵгәара зегьы ирҟазшьам. Аха, аҧсадгьыли ажәлари рразҟыӡбаразы ақәҧара ихықәкы хадахар алшоит ауаҩы, ҽырбашақә акәымкәа, гәыла-ҧсыла урҭ дрымадазар.
Ус иҟоу зхыҧхьаӡара ра­цәаҩӡам дыруаӡәкуп, ааигәа Женева имҩаҧысуаз, амилаҭ маҷқәа рзинқәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 18-тәи асессиаҟны иқәгылаз, ҳџьынџьуаҩ, Ҭырқәтәыла – Аднан Мендерес ауниверситет адоцент Ельчин Аӡынба.
Милаҭтә фырԥҳәызбоуп ҳәа гәыҩбарада иззаҳҳәар ҳалшо Ельчин, 2023 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны афорум аҿы данықәгыла аахыс, иара уажәтәи лықәгылара ашьҭахьгьы, лыԥсҭазаара изныкымкәа ашәарҭара акырӡа ишазааигәахахьоугьы, лыжәлар гәакьа рҭахрақәа рыхьчара, урҭ рҿахәы еизаданы акәымкәа аԥсҭазааратә ҵабырг хаҭеи ахәахәеи реиҿагылара аазырԥшуа, ицҳафыруа ажәала афорум алахәцәа реилкаараҿы анагара лылшеит, ибзиаӡаҵәҟьаны азакәан адырреи агәаӷьреи аарԥшуа.
«Аԥсны аԥсуа жәлари ес­нагь сгәаҿы иҟоуп. Сара сыԥсҭазаара Аԥсны ахьыԥшымреи сыжәлар рхақәиҭреи ирзыскит» ҳәа гәадурала изҳәо, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ззанааҭу Ельчин, 2013-2019 шықәсқәа раан дынхон Аԥсны, Аҳәынҭқарра Ахада иҿы иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аҟны аус луан. Аха, анаҩс лҭаацәаратә ҭагылазаашьеи лыҭҵаарадырреи ирыхҟьаны, Ҭырқәтәылаҟа деиҭаианагеит. Иахьа KAFFED аԥсуа усуратә гәыԥ дакадемиатә усзуҩуп, аҳәынҭқарратә университетқәа руак аҟны цхырааҩ-профессорс аус луеит.
Хыхьҟа ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, 2023 шықәсазы, Ельчин Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аилатәарақәа руак аҿы ишьҭылххьан, Аԥсны аусшәҟәқәа разхаҵареи, Трабзони Аҟәеи мшынлатәи реимадара аиҭарҿыцра шхымԥадатәиу рзы азҵаарақәа.
Уажәтәи лықәгылараҿгьы ина­ҵшьны иазгәалҭеит, Аԥснытәи хра злоу ақьаадқәеи аусшәҟәқәеи, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны разхаҵара, амилаҭ рзинқәа ры­хьчаразы ихымԥадатәиу агуманитартә механизмқәа изларуаку ала, уи иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы амҩақәа иаарласны ишыԥшаатәу. «Ари аҭагылазаашьа ауаҩы изинқәа реилагара аазырԥшуа ахаҭа акәны иҟоуп. Иахьагьы исзеилкаауам адунеи зегьы ари аҩыза аиашамра ахьақәҿнамҭуа. Ҳара аԥсуаа ҳзы, уаҟа жәларбжьаратәи амҽхак аҭаны ҳабжьы ҳаргартә алшара ахьҳамоу акырӡа аҵанакуеит. Уи аусураҿы имаҷым агхақәа шыҟоугьы, хырҳара злоу мыруганы иаанхоит иахьазы.
Рыцҳарас иҟалаз, «аспектакль аепохаҿы» ҳанхоит. Иахьатәи ҳаамҭазы зегь раасҭа азалымдара зычҳауа иакәым ирбо, зегь раҵкыс зыбжьы ҭыганы ицәажәо иоуп игәарҭо. Агәра ганы сыҟоуп аиҭакрақәа шыҟало, аха иаразнак акәхом, ҳабжьы лассы-лассы егьырҭ ажәларқәа ираҳауа иалагар, ари иҵару азҵаара аӡбара алыршахоит. Адунеи аҿы уи еиԥш аҭагылазаашьақәа рыӡбара ахьалшаз аҿырԥштәқәа ыҟоуп. Ақәгылара ахаҭа адагьы, уи атекст Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аофициалтә ҳасабрбақәа рҿы иахьаанхогьы аҵак ду амоуп. Урҭ аусшәҟәқәа рыҟазаара зны-зынла еиҳа ихадароуп, ақәгыларақәа раасҭа» – ҳәа азгәалҭеит Ельчин, лықәгылара ахҳәаа ҟаҵо лыҿцәажәрақәа руак аҟны.
Ақырҭқ́әа рхаҭарнакцәа Ельчин лганахьала акыр агәҽанҵарақәеи ақәыӷәӷәареи шаадырԥшуазгьы, «хаҭала сара шәарак сныруам, Анцәа исаҭәеишьаз ԥсҭазаара заҵәык ауп, уи сыжәлар ирзыскуеит» ҳәа, зҳәашьҭыбжь гәраргарала аҳәара зылшаз Ельчин Аӡынба лшьаҿа, ҳәарада, ҳажәлар реидгылараҿы, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рхьарԥшразы зҭоурыхтә ҵакы ҵаулоу лагалоуп. Зиҳни Ԥыс-иԥа ишиҳәаз еиԥш, Ельчин Аӡынба лыԥсҭазаара зегьы Аԥсны иатәызарц лҭахуп.
Уамеигәырӷьарц залшом Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы аԥсуаа рыбжьы ахьго. Уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит, ҳара ҳгәаанагара бжьыҭгала аӡыргара шҳақәнагоу. Ишдыру еиԥш, аиашақәа рацәазар алшоит, аха аҵабырг акоуп!

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me