Лаҵара 22, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Астатиақәа

Заа издыруан…

24 Хәажәкыр 2023

Ашьхарантә иасуаз аҧша даара ишыхьшәашәазгьы, аҧсҭеи аиҩхаақәеи ирыбжьысны иаауаз ахьҭа шҿацазгьы, уи аӡын ҵхы егьырҭ аҵхқәа иреиҧшымкәан, даара иҧшӡан. Акраамҭа сышьхынҧсыланы, аӡын ҵхы зырлашоз ажәҩан аҿы, «Еҵәаџьаа» реиҧш еикәаҕҕа, еилаарцыруаз аеҵәақәа сырзыҧшуан. Ақыҭаҿы ажәҩан еиҳа иҵаулоушәа, еиҳагьы иҧшӡоушәа снарбозу, мамзаргьы уаанӡа исызгәамҭозу сыздырам, аха 25 шықәса раахыс ақалақь аҟны, уажә сқыҭа гәакьа Хәаҧ избоз аеҵәа ҧшӡақәа реиҧш, ажәҩан аҵаҿ исымбацызт.

Март 17 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭ­қарратә филар­мониаҿ имҩаҧысит ачечен жәлар рҳәынҭқарратә ансамбль «Ваинах» ақәгылара. Ари амчыбжь зегьы Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаҧысуан Чечентәыла акультура Амшқәа. Иҵабыргны, асеиҧш мҽхакы ҭбаала ҳаиашьаратә жәлары, Аҧсны ашәарҭа ианҭагылаз зыжәҩахыр ҳадызҵаз ачечен жәлар ркультура ҳаламҧшыцызт.

Охәреи иаӡрыжәыз

24 Хәажәкыр 2023

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мҵысыцызт, аха аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын. Убри аҟнытә, Аҧсны анапхгара рықәҵарала аус ауан «Ауааҧсыра рхымҩаҧгашьа ҷыда арежим». Уи аҧҟара  ақәныҟәаразы, иаҭахын аиҿкааратә усура. Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа апориадок ахылаҧшразы имҩаҧыргоз аусураҿы ирывагылон, ацхыраара рырҭон аҩнуҵҟатәи архәҭақәа  рполк аруаагьы. Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы, Охәреитәи арратә гарнизон аҟны аррамаҵура иахысуази амилициа аусзуҩцәеи еилахәны Охәреии Гәдааи ахырҕәҕәарҭақәа еиҿкааны апостқәа ҟаҵаны амҩаду аҟны имҩасуаз амашьынақәа аанкыланы игәарҭон. Очамчыратәи ачаи фабрика, ача зауад, араион Ахадара уҳәа акрызҵазкуаз аҭыҧқәа ирхылаҧшуан. Аӡиасқәа Аалӡгеи Мықәи ирхыз ацҳақәа ракәзар, ақырҭқәа алаҕәым рыҵаҵаны ишрымаз гәарҭахьан, ашәарҭара аҧдырҟәҟәаахьан. Еилкаан урҭ ацҳақәа ҧыржәарц ргәы ишҭаз. Уи нахыс ацҳақәагьы рылаҧш рхын.

Агәнаҳа иаҵоу

24 Хәажәкыр 2023

Аиааира мамзаргьы аҧсра – абас рҳәоит мрагыларатәи афронт аибашьцәа. Урҭ Аҧсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылоуп, иахьа уажәраанӡагьы хьымӡҕ рымгац. Фырхаҵарыла аҕа иҿагылоуп. Ианаҭахха, уаҳа ҧсыхәа аныҟам­логьы аҧсра аҿаҧхьа рхы ладыр­ҟәуам.

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа рзы лакҩакрада  абџьар иаҵагылаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа дреиуоуп Аҧсны Афырхаҵа Даур Сарсаниа.

Даур Заурҟан-иҧа диит Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан. Данқәыҧшӡаз инаркны далагылан аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара. Аибашьра иалагаанӡагьы изныкымкәа иҳәахьан ус баша еиҿагылара мацарала аҧсуааи ақырҭқәеи шзеилымго, аусқәа рцашьа аибашьрахь рхы шхоу. Апатриот ду Даур Заурҟан-иҧа  агәра игон ажәлар аӡәыкны ианеидгыла, рнапы анеикәдырша ириааиуа  дшыҟамло азы.

«Саныхәыҷызгьы арҵаҩы изанааҭ алхны исыман, ахәыҷқәа еизганы, еидыртәаланы акы дсырҵарц, ирзеиҭасҳәарц салагон», – ҳаиҿцәажәара хацыркуа лажәа дналагеит акыр шықәсқәа инеиҧанкыланы алагарҭатә классқәа рҿы ахәыҷқәа аҵара дзырҵо, акыр абиҧарақәа еиҵаза­­аӡахьоу, ззанааҭ иазҟазоу, ҭакҧхы­қә­ралагьы иазнеиуа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ арҵаҩы Светлана Ардашьыл-иҧҳа Кәарҷиа-ҧҳа.

Аҟәа ахақәиҭтәразы

10 Хәажәкыр 2023

Аибашьра аҧсуа жәлар ирнаҭаз ааха хашҭшьа змам, аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируакуп. Иҟам аҧсуа ҭаацәарак уаҩҧсыла ари ахьаа зынмырыз. Ҩнаҭала изхьымсызгьы уалаҭахыла ргәы блит.

Ус иҟоуп ахақәиҭратә қәҧара, анцәа иаҳзишеит лассы-лассы ҳҭынчра аиқәырхаразы, атәра ҳҭамшәарцаз – иааҳарҧшлароуп ахамеигӡара!

Хашҭра зқәым

10 Хәажәкыр 2023

Есышықәса жәабран ҩажәи хәба  аҽны  Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз  аибашьцәа  рыхьӡала игылоу  абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Даур дфырхаҵан

10 Хәажәкыр 2023

Аҧсны аибашьра ианалага аҽны амра каххаа иҧхон. Зегьы русқәа ирҿын. Аҟәа ақалақь аихамҩатә вокзал ааигәара инхоз, Владислав Аҩӡба игәылара зыҧсҭазаара иалҵыз аӡәы иҩынҩажәа мшы ыҟан. Агәылацәа амаҵ руан. Убри аамҭазы Даур Аҩӡба иан даалыдгылан, ҧшьаала ус леиҳәеит: «Абыржәы, абраҟа исаҳаит 70 танк Аҧсны иалалеит ҳәа!»

Абаҩхатәра злаз апоет Владимир Алеқсандр-иҧа Ахьиба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Владимир Ахьиба диит 1938 ш. ианвар 23 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны 8 шықәса аҵара аниҵа, ажәбатәи акласс хиркәшеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1956 ш. Владимир Ахьиба дҭалоит Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанхамҩатә техникум (ҩышықәса рышьҭахь Аҽгәараҟа (усҟан – Гал араион) ииаргоит). Атехникум далгоит 1961 шықәсазы.

Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Қырҭтәыла ар шьаҭанкыла ҳақәхра гәҭакыс иҟаҵаны ианҳақәла, аҕа иқәцаразы, агәаҕьреи агәымшәареи аарҧшны абџьар шьҭызхыз аҭыҧҳацәа еиҿамсцәа иреиуоуп ҩыџьа аеҳәшьцәа: усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Илонеи 17 шықәса ирҭагылаз Медеиеи Кәакәасқьыраа.

Акыр шықәса раахыс ахәаҧшцәа  ибзианы дыр­дыруеит аоператә шәа­ҳәаҩы изанааҭ змоу, арҵаҩы, ааӡаҩ, аиҭагаҩ, Аҧсны жәлар рартист Борис Амҷба. Февраль 17 рзы уи 85  ш. ихыҵра аиубилеи агәалаҟара бзиа иманы даҧылеит. Аханатә еиҧш, аҟазара амаҵ азызуа ашәаҳәаҩ ирҿиаратә мҩа мҽхакы ҭбаала еиларсуп.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me