Зыԥсҭазаара ҿырԥшыгаз

14 Жәабран 2024 11:15

Аԥсны аҵеицәа аҭоурых иԥнашәахьеит, адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа урҭ рҟәыҭханы мышкгьы иҟамлац. Иахьа адунеи иахыҵәаз, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго хаҭалатәи аоперациа иалахәуп Аԥсны аҵеицәа. Иахьанӡа, 30-ҩык ҳара ҳҵеицәа ари аибашьраҿы иҭахахьеит…

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабрба ҟаиҵеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуразы, азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа рзы.
Иара убас иазгәаҭоуп, атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура бзианы ишымҩаԥысуаз азы.

Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәа зҵаара, урҭ рахьтә ҩ-зҵаарак анаҩстәи аилатәара ашҟа ииаган.
Актәи азҵаара аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы иатәу арепатриациатә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет адкылара.

Москватәи аиԥыларақәа

14 Жәабран 2024 06:58

Аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара инҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови Аԥсни-Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аҟармаҵыс бжьы зхаз

13 Жәабран 2024 13:13

Аҧсны жәлар рартистка, «Аҧсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раҧхьаӡатәи аоператә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа лыҧсҭазаара зегьы амузыка иазылкит, лхатәы насыҧ дашьҭамлаӡеит, аҭаацәара аҧылымҵаӡеит. Аҧсны акультура аҭоурых наунагӡа лышьҭа анылҵеит, ҳтәыла амузыкатә ҭынха ауасхырқәа дреиуахеит. «Ашәаҳәаҩ ду, зҟазара ҭбааз, зус бзиа избоз зыҧсы ахҭнызҵоз», – абас Лиудмила Логәуа илыхцәажәоит уи ибзианы дыздыруаз, аус лыцзухьаз ауаа.

Ахара сыдым

13 Жәабран 2024 12:04

Аԥсуа жәлар иарбан ҭоу­рыхтә аам­ҭазаалакгьы рҿахәҳәаҩцәа, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз ауаа хатәрақәа рылиаауан. Убарҭ ируаӡәкыз, аԥсуа қыҭа Лыхны 1883 шықәсазы ииз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Аланиа Дмитри Иван-иԥа диижьҭеи 140 шықәса ҵит.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me