Иаарту аицлабра аҟны

31 Ажьырныҳәа 2024 07:46

Волгоград ақалақь аҟны ажьырныҳәамза 21 азы имҩаԥысуаз акарате иазку иаарту аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥснытәи аспортсменцәа. Урҭ рахьтә, Аԥсны Агәыӡера аҳабла аҟны еиҿкаау афедерациеи, Очамчыра ақалақь аҟны иаԥҵоу – «Абраскьыл» ҳәа хьӡыс измоу аклуби рыҟнытә 27-ҩык аспортсменцәа.

Аиҵбыратә қәра иаҵанакуа, Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Шорена Гәыниа раԥхьаӡакәны лхы рылалырхәит Урыстәыла Афедералтә округ хада аҟны имҩаԥысыз аҵаақәшьқьыраара иазку аицлабрақәа.

Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысит есышықәсатәи итрадициатәу ахәыҷтәы шахматтә турнир. Уи рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәа рыҟнытә 90-ҩык ахәыҷқәа.

Ацхыраагӡатә школ аҟны

31 Ажьырныҳәа 2024 07:39

Ааигәа Аҟәатәи ацхырагӡатә школ аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Уи азкын зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа аҵаратә процесс рылааӡара атема.

Уасил Царгәыш ихьӡ ахҵоуп…

31 Ажьырныҳәа 2024 07:36

Ажәлар ркультура ашьҭыхразы иаҭахуп аҟазара злоу ауаа хатәрақәа, урҭ шаҟа ирацәаҩу аҟара ҳахьӡ адунеи иахыҵәоит. Убасеиԥш зкультура ҳараку, аҟазара ҷыда злоу ҳакәны адунеи ҳахзырҵәаз ируакуп, ираԥхьагылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи аќәашареи рансамбль.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа… Аибашьра ҟалаанӡа ари ақалақь ԥшӡаҿы инхоз аԥсуаа хыԥхьаӡарала имаҷын. Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа еицырдыруаз, ипатриотыз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз аԥсуа хаҵан.
Аԥсны ицоз аполитикатә еибырххарақәа еснагь дрылахәын.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me