Аиааира Ду - 79 шықәса

09 Лаҵара 2024 17:03

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 79 шықәса ахыҵра инамаданы, иахьа маи 9 рзы Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан  ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа.     

Аныҳәатә митинг аҟны ажәахә зманы иқәгылаз Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира агараҿы Аԥсны аҵеицәа зегьы рыгәҭа ишгылоу.       Амитинг аҟны иара убасгьы иқәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Афырхаҵа Закан Нанба, аԥсуа телехәаԥшра анапхгаҩы Ирина Агрба уҳәа аӡәырҩы.  Аныҳәа амҩаԥгараҿы иҟан иара убас даҽа хҭыск. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз аԥырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Қьаазым Агрба ибаҟа аадыртит. Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа акыр занашьоу Қьаазым Агрба дҭахеит Румыниа.      Аиааира амш иазкыз аныҳәатә митинг хыркәшан арратә парад ала. Апарад иалахәан "Ԥсра зқәым аполк".

Аԥҳәызба гәымшәа

09 Лаҵара 2024 07:08

Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵит. Ашықәсқәа цацԥхьаӡа еиҳа-е­иҳа иаҳцәыӡуеит ҳветеранцәа.

Ҳҭаацәара ҳаҭыр дула иаҳзыҟоу, акыршықәса рҵаҩыс, иара убас Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол аҟны аҵара аҟәша аиҳабыс аус зухьоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо ауаҩ ҟәыш Иура Бигәаа ааигәа аҭел дысзасит: «Бызбар сҭахын, аусура бҟалозар» – ҳәа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит ААР апрезидиум алахәылацәа реилатәара.
Амшхәаԥштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа хԥеи, еиуеиԥшым ахь иаҵанакуаз даҽа зҵаараки.

Аԥсны акультуратә хәышҭаарақәа ирхадароу И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы есышықәса имҩаԥысуеит «абиблиоҵхы» зыхьӡу акультуратә усмҩаԥгатә. Уи хацыркын 2017 шықәсазы.
Ари аусмҩаԥгатә ашҟа иааиуеит Аԥсны ахи-аҵыхәеи зегьы рҟнытә ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арҿиаратә гәыԥқәа.

Азареҭ Алықьса-иԥа Аиба диит хәажәкыра 25, 1944 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. 1960 шықәсазы далгеит Оҭҳаратәи абжьаратә школ. Адрҩашықәсан дҭалеит Ростовтәи афинанс-економикатә институт, афакультет «афинансқәе­и-акредити».
Уантәи 1963 ш. рзы арра иԥхьеит. 1964 шықәсқәа рзы арра дахысуан амшынаҵаҟатәи аҽазыҟаҵаратә гәыԥ аҟны.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me