Аҵара аминистр Инал Габлиа апресс-конференциа мҩаԥигеит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны.Иара убас ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵон Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа, Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.

Лаҵарамза 13 рзы иҟаз амшцәгьа иахҟьаз аӡхыҵраан ааха зауз ақыҭақәа рҿы  ахҟьа аԥырҟәҟәааразы аусурақәа хацыркуп. Атехника ҷыда адгаланы аӡы аанызкылаша аизакырҭақәа реиқәыԥсара иаҿуп.  Аӡиас Дӷамшь  аӡышьҭрақәа  ганк рҽахьарҭаз  иахҟьаны, аӡы акшарҭа аԥсахразы, џьара-џьара  аӡышьҭра аиагара аҭахуп ҳәа азгәаҭаны  аусурақәа мҩаԥыргоит.

Иара убасгьы аӡы ӷәӷәала иҵнаӡәӡәааз  ацҳақәа абӷанҷ рҭаԥсаны аамҭалазы ахархәаразы,  анхацәа шьапыла иқәсыртә  иҟарҵоит.  Аӡхыҵраан Џьгьарда ақыҭа  аҳаблақәа руак фымцалашарала еиқәзыршәоз ацәаҳәақәа зқәыз ашьаҟақәа аӡхыҵ иахьагаз иахҟьаны ҩажәи жәаба ҭаацәара фымцалашарада иаанханы иҟан. Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Амшынеиқәафымцамч»  Очамчыратәи аҟәша аусзуҩцәа ақәыӷәӷәара ҳаракы змоу афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп уажәы. Аусурақәа цоит Кәтол ақыҭангьы. Уаҟа аӡышьҭра арҵаулареи, аӡеизакырҭақәа реиқәыԥсареи ирҿуп. Аусурақәа рхырқәшара азгәаҭоуп амш аҩныҵҟа. 

Аԥсуа бызшәа аҵаразы

15 Лаҵара 2024 11:35

Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абызшәатә политиказы Аусбарҭа аԥшьгарала Х.Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи аԥсуа школ №1 аҟны иаартын аԥсуа бызшәа аҵаразы аекспресс курсқәа.

Аҿар ираамҭоуп

15 Лаҵара 2024 10:55

Руслан Амҷба аҵара иҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет ахԥатәи акурс аҿы. Иара дсахьаҭыхҩуп, дрызҿлымҳауп аграфикеи аҿыханҵеи.

Иааит ашколхәыҷқәа ззыԥшыз аамҭа. Шьоукы рзы аԥсшьара мшқәа ираамҭоуп, аушьҭымҭацәа рзы иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп рышколқәеи рырҵаҩцәеи ахьаанрыжьуа.

Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥ­хьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Влади­слав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 79 шықәса.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me