Аԥсуа бызшәа адунеи ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит ҳәа шьақәдырӷәӷәоит аҵарауаа аӡәырҩы. Уи ус шакәу арҵабыргуеит иара абызшәа ахаҭагьы. Адунеи аҿы иҟоу, ахархәара змоуи иԥсхьоу ҳәа иԥхьаӡоуи абызшәақәа рыҭҵаара асистема аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп ҳбызшәа.

Хашҭра зқәым

29 Лаҵара 2024 11:45

 Жәаха шықәса раԥхьа, маи 29 2011 шықәсазы, 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.

Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Сергеи Габелиа амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазараҿы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Иԥсҭазаара зегьы асахьаҭыхра аусхк иҭышәынтәаланы аҿиара иазкын, илшазгьы рацәоуп.

Аԥсны атуризм аминистр Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟынтәи ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иааз аҭаацәа рацәа ирылҵыз, Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз  аруаа рхәыҷқәа 29 - ҩык дырԥылеит.

Урҭ ирыцны иааит рҭаацәеи Калугатәи аобласт аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра ахаҭарнакцәеи.  

Рыҧсшьара иацу ахарџь  акурорт "Пицунда" ахахьы иагоит.

 Ари агәыҳалалратә усмҩаԥгатә аиҿкааразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра бжьаҵан хәажәырамза, 2024 шықәсрзы Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟны даныҟаз. 

Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа угәы шьҭнахуа иҟам. Имаҷхеит ииуа рхыԥхьаӡара, ирацәахеит аԥсра, ихьшәаны аҭаацәаралалара, илаҟәит аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Аҳәса аӡәырҩы еиӷьыршьоит анҭыҵ ахшараиура анацәа ркапитал аиуразы. Ари иахҟьоит ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шаҟаҩы ацлаз азы адырраҭара ҵабыргқәа рыҟамзаара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 79 ш. аҵра инамаданы С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа  рнапы аларкит Гәдоуҭа араион 22 қыҭа рҟынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз (иҭахазгьы, ихынҳәызгьы) рпатреҭқәеи рнысымҩақәеи реизгара. Апроект «Афырхаҵара ыӡуам»  2025 шықәса лаҵарамза жәба рзы – аибашьра еилгеижьҭеи 80 ш. анҵуа апроект хыркәшахоит.

2024 ш. лаҵарамза ааба рзы амузеи аҿы имҩаԥган «Афырхаҵара ыӡуам!» зыхьӡыз аиԥылара. Аԥсуа қыҭа Ҟәланырхәа иалҵыз 133-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәын. Иаартын урҭ рфотосахьақәа рцәыргақәҵа. 133-ҩык рахьынтә 83-ҩык зымхынҳәӡеит, 50-ҩык хынҳәит. Ҟәланырхәа ақыҭала ихацыркын ацәыргақәҵа. Ари ақыҭаҿы ауп дахьиз раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Виктор Константин-иԥа Аргәын.

Аиԥылараҿы дықәгылеит араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа. «Аҭоурых аизгара, аиқәырхара, абиԥарақәа рзааныжьра – уи баҟак иаҩызоуп. Ҳара ҳхаан ибзианы иаадыруан аибашьра Дуӡӡа аҭоурых, иҭахазгьы, иалахәызгьы рзы  аинформациа ду ыҟан. Ашколқәа рҟны  урҭ рсахьақәа кыдын,  лабҿаба иаабон. Аиааира зегьы ирыдысныҳәалоит. Ажәлар аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьасшьоит», – иҳәеит уи.

Апроект  «Афырхаҵара ыӡуам», аиҿкаареи аӡыргареи знапы иҵызхыз  Д.В. Ахба ихьӡ зху Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Смырԥҳа  Аллеи  арҵаҩратә еилазаареи рымч-рылша адырҵеит аибашьцәа рфотосахьақәа реидкылареи реизгареи рҿы.

Алла Смырԥҳа иазгәалҭеит: «Иахьынӡаҳалшоз рсиа еиқәҳаршәеит. Иҟалап аӡәык-ҩыџьак агзаргьы, аха ари ацәыргақәҵа зегьы ҳаилнаркаауеит».  

Оҭар Осиа иқәгылараан иҳәеит: «Изгәалазыршәаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Осиаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 19-ҩык алахәын, урҭ рахьтә  Камшьышь  Осиа иԥацәа хәҩык еибашьуан: Сократ, Володиа, Дмитри, Михаил, Снатиа Михаил дшыхәыҷыз иани иаби рыԥсҭазаара иалҵит. Камшьышь иашьа иԥа Михаил ихәыҷқәа дрыциааӡеит. Михаил аибашьраҿ дҭахеит».

Ҟәланырхәаа зегьы рыхьӡала дцәажәеит Леон иорден занашьоу Џьамал Аҩӡба: «Иахьа ҳзыҩнагылоу амузеи Ҟәланырхәаа рҵеицәа рыла илашоит. Зегьы фырхацәан. 79 ш. шҵуагьы, зыбаҩқә́а ахьыҟоу ззымдыруа ауацәа, аҭахцәа маҷӡам. Ҳаԥсадгьыл ахьӡ шьҭызхуаз, ианаҭахха аԥсра хаҵарала иаԥылаз, ахаан рыхьӡқәа кашәаӡом. Уи арҵабыргуеит иахьатәи ҳаиԥылара».

Апроект «Афырхаҵара ыӡуам!» ақыҭақәа зегьы рҟынтә иацҵахоит. Уажәазы – ақыҭақәа хәба рҟны еизгоу роуп. Аҩбатәи ацәыргақәҵа ԥхынгәымза 22 рзы имҩаԥгахоит.          

 

Гугуца  Џьыкырба

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me