«Зыԥсадгьыл зцәыӡыз – ицәыӡит зегьы»

XIX ашәышықәса аҽанеиҩнаша еиҳагьы зымҽхак зырҭбааз амҳаџьырра, жәларык мацара рзы иҟалаз рыцҳарам. Иҟам шамахамзар уи зыцрамсыз кавказтәи ашьхаруа жәларқәа.

Аха, егьа ирацәаҩны иахгахазаргьы, иҟоуп ажәларқәа зыжәла зџьынџь иазынхагәышьаз. Кавказ иашьагәыҭыз, хылҵшьҭрала аԥсуаа иаҳзааигәаӡаз, Аԥсны инаркны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иаванхоз аублаақәа ракәзар, шьаҭанкыла ишҳәыԥкыз ихҵахеит мшын нырцәҟа.
Уи аамҭа аӡыблара еиқәаҵәа зыхҟьаз амзызқәа, иннажьыз алҵшәақәа, иахыӡааз рлахьынҵа уҳәа, иахьа уажәраанӡагьы, анаҩсгьы, иҵару, ганрацәала изызнеитәу ҭҵаарадырратә зҵаароуп, ҷыдала уи зҽазызшәахьоу аҵарауаа шмаҷымгьы.
Аҭҵаарадырра инаваргыланы, аԥсуаа рҿеиԥш, егьырҭ кавказтәи амилаҭтә литературақәа рҟынгьы, амҳаџьырра атема иахҳәааны иаԥырҵахьеит асахьаркыратә рҿиамҭақәагьы жәпакы. Урҭ зегьы ирымоуп рхатәы хаҿра, рхатәы хаҭабзиара, аха 1974 шықәсазы Аҟәа, аԥсышәала (1976 ш. Москва урысшәала) иҭыҵыз Аԥсны жәлар рпоет, Адыгьеиеи Ҟабарда-Балкариеи жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» еиԥш, иҵаулаӡаны аҭоурых уӡаазырԥшыло, насгьы иҳараку ҟазарала ари атема аазырԥшуа арҿиамҭа аԥхьаҩ иднамгалацызт.

Ароман аҟны иаарԥшу ахҭысқәа, ахҵәара иақәшәаз ихаҿсахьала иаԥҵоу жәларык рлахьынҵа еиқәаҵәа, урҭ ирхыргаз агәаҟра цәгьа еизҳауа абиԥарақәа ирдыруазароуп. Убри хықәкы хадас иҟаҵан ауп, 1974 ш. рзы, хаз шәҟәны ианҭыҵ ашықәсан, аԥсуа радио аефир аҟны, ахы инаркны аҵыхәанӡа дзаԥхьаз Аԥсны Жәлар рартист Аазиз Агрба. Жә-шықәса раԥхьа, автор диижьҭеи 100 ш. аҵра ахьӡала Аԥсуателехәаԥшраҟынгьы, ҳтәыла ауаажәлар хәыҷи-дуи инеимда-ааимдо, аԥсышәалеи урысшәалеи изаԥхьаз, саркьал ҳасабла адунеи ауаатәыҩса ирыгәҽанҵагоу аҭоурыхтә ҩымҭа.
Аҿыханҵа, аграфика уҳәа аса­хьаҭыхратә ҟазара еиуеиԥшым ахкқәа рыла, «Ацынҵәарах» шьа­ҭас иҟаҵаны асахьаҭыхымҭақәа «зыҩхьоу» ҳҟазацәагьы маҷҩым: Тариел Амԥар, Оҭар Мацхарашвили, Кавказ иашьагәыҭу ажәларқәа аӡәырҩы рышәҟәыҩҩ 100 ш. ихыҵра иазкыз ацәыргақәҵҿы шәыгатә рацәала иҭыху, зымҽхак еиуеиԥшым, 20 инареиҳаны аграфикатә усумҭақәа ахәаԥшцәа ирыдызгалаз Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьопуа уҳәа егь.
Аублаа жәлар Кавказ раныӡаареи, атәым дгьыл аҿтәи урҭ рԥеиԥш еиқәаҵәеи сахьаркырала иҭызхуа аҭоурыхтә епикатә рҿиамҭа «Ацынҵәарах» еиҭаганы, иҭрыжьхьеит адунеитә бызшәақәа 45 инареиҳаны рыла, аԥхьаҩцәагьы гәахәа дула ирыдыркылеит. Иара убас, ахәшьара ҳаракы аиухьеит уи ашьаҭала еиуеиԥшым амилаҭтә театрқәа рҟны иқәдыргылахьоу аспектакльқәа рыхәаԥшҩцәа рҟнытәгьы. Урҭ ируакхеит ианвар 27 рзы, Черқьесск аҳәынҭқарратә филармониаҟны, М.Аков ихьӡ зху Ачерқьқсстә драматә театр, ахәаԥшцәа ирыднагалаз, апоет адраматург ҞЧАр зҽаԥсазтәыз ажурналист, амилаҭтә газеҭ «Черкес Хэку» аҟәша аиҳабы Зураб Бемурзов аус здиулаз, Кавказ анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа аҟабарда режиссиор, Адыгьеиа аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Андзор Емҟәыџь иқәыргыламҭа «Агәыӷра ахәышҭаара» («Ацынҵәарах») апремиера. Аспектакль ахаҿсахьа хада, жәларык шынеибакәу адунеи раныӡаара аҭоурых зуаз-ажәоу, жәпакы азалымдарақәа зҟәаҟәа иқәызххьоу Заурҟан Золак ироль наигӡеит збаҩхатәра ҳараку Азреҭ Мамижев.

Қәҿиарала имҩаԥысыз ари аспектакль, апиеса автори арежиссиори дунеихәаԥшышьала реилибакаара иалҵшәоуп. Уи еихьӡара бзиоуп ҳәарада, М.Аков ихьӡ зху Ачерқьесстә драматә театр аҭоурых аҿы, еицакра зқәым даҟьа ҿыцуп.
Иазгәаҭатәуп араҟа, аамҭақәак раԥхьа «Ацынҵәарах» ашьаҭала аспектакль «Уаԥсҵәык анышә» шықәдыргылахьаз, Адыгьеиа Атеатртә еидҵара иахәҭаку, И.С. Цеи ихьӡ зху Адыга милаҭтә театр аҟнгьы. Уи аамҭакьаҿла ахәаԥшцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рахьтә ахәшьара ҳаракы иаԥсахеит: Урыстәылазегьтәи атеатртә фестивальқәа «Федерациа», «Иужнаиа сцена» уҳәа раԥхьахә хадақәа реиԥш, ианашьан 454 театр рахьтә, 789 зыҳәа ахьынашьҭыз, ашықәс азы иалкаахаз, Урыстәыла зегь иреиӷьӡоу атеатртә қәыргыламҭақәа 30 ирхыԥхьаӡаланы, ари аҟазарахкы аҟны зегь раасҭа заҳаҭыр ҳаракӡоу апремиа «Золотаиа маска».
Арежиссиор Константин Мишин, иқәыргыламҭоу адрама аҟны аублаа жәлар рхаҭарнак иаша, урҭ знынҵәалаз амҩа хьанҭа ахы инаркны аҵыхәанӡа ирыцахысыз, аҵыхәтәанӡа шәаџьҳәаҩык иаҳасабала ирҭынхаз Заурҟан Золак иқәыԥшра шықәсқәа наигӡоит, Адыгьеиа аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Атеатртә еидҵара асахьаркыратә напхгаҩы Русҭам Ачмыз; аӡшәах еиԥш зжакьа ҟәашӡа згәышԥы илықәсуа, ари адунеи згәы аззырҭынчхьоу, шәышықәса ирҭагылоу Заурҟан ихаҿсахьа ааирԥшуеит Адыгьеиа жәлар рартист Теучеж Такахо.
Аспектакль аҟны арольқәа нарыгӡоит убасгьы, еицырдыруа, аԥышәа зырҳахьоу Анзор Богус, Саниеҭ Халаште, Анзаур Хакуи уҳәа аҟазацәа аӡәырҩы. Ақәыргылаҩ еиԥш, артистцәагьы даараӡа гәцаракрала изызнеиз «Уаԥсҵәык анышә», зҿлымҳарыла ахәаԥшцәа ирыдыркылеит – февраль 18 рзы, Нальчик аҳәынҭқарратә музыкатә театр асценаҿы; март 12 рзы, иазыԥшуп Краснодар Г.Ф.Понаморенко ихьӡ зху афилормониаҟны.
Ааи, иҟалараны иҟаз ҟамларгьы ҟалозаарын…, аха иҟалеит иҟамлар зылшоз. Жәларык рмыткәма ахәаԥшҩы изнырҵасуа ахәыцрақәа даара иҵаулоуп. Еиҳаракгьы, уаҟа иаарԥшу, шәышықәсеи бжаки инарыцны изхыҵуа ахҭысқәа рыҵарра, ҳазну аамҭазгьы ӷәӷәала ианаҳныруа!

Ари адунеи џьбара есҽны аҽаԥсахуеит, ашықәсқәа наскьацыԥхьаӡа, аамҭақәагьы рҽеиҭаркуеит. Ҳарҭ (аԥсуаа ҳназлоу хыԥхьаӡарала имаҷу ажәларқәа) ԥхьаҟа ҳцаларц азы, уи ҳацныҟәароуп амаршәа кны. Иаҳҳәо – иаауа ишәа-иза, иҳагу иҳабзоу еиҽԥныҳәо акәымкәа, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны, жәҩахыркны ҳҽеиларҵәаны, аҭоурых ҳхамыршҭкәа еицнаагалароуп ҳхақәиҭра «ауыӷә». Иаҳгәаԥха-иаҳгәамԥха ианакәызаалак иаҳхаҳмыршҭуазароуп адунеи аҟны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, жәларбжьаратәи аполитикаҿы, ихадароу аҭыԥ шыннакыло, Аԥсназы ашәарҭадара иагәыӷроу Урыстәыла.
Зыхьӡ Аԥсны инагаз Данаҟаи Ашәба имаҭа иԥа, ҳџьынџьуаа рхаҭарнак Феҳми Ашәба иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «ҳарҭ уаӷеимышхара зхызгахьоу ажәлар, ҳгәы каҳмыжьроуп. Иахьа, аԥсуаа адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоу, Аԥсны, ҳхы еидаҳкылароуп. Насгьы, иаадыруазароуп, еилкаарылагьы пату ақәаҳҵароуп, Аԥсны раԥхьаӡа азхаҵара азызуз, иахьагьы ҳаԥсадгьыл ацхыраара азҭо Урыстәылатәи аҳәынҭқарра».
Уи иаанагаӡом «амшә иакыз «баба» иҳәеит» хшыҩҵак ала ҳхы мҩаԥаҳгалароуп хымԥада ҳәа, мап зынӡакгьы… «Ҳаиҳа зылшо агәараанда ҳалеимышшырц» азы «аӷба ҳашьҭуам ҳәа амызгәыҭ ахьынҳалара» иаԥсамзар?! «Иахьатәи акәтаӷь аасҭа, уаҵәтәи акәты» акәзар аԥеиԥш азы изызхәыцтәу?

Ԥхьаҟа ацаразы, ҳажәлар ирхыргахьоу аҭоурых инҭкааны иаҳдыруазароуп, уи амдырра, мамзаргьы шаҟа ихьысҳаны иаҳдыруа аҟара ҳҳәынҭқарра аҿиара аԥырхага анаҭалар алшоит.
Дарбан аԥсуазаалак изы ажәаҟны ишырҳәо еиԥш, инаԥынҵаны ирызхәцлатәзар акәхап, академик Ш.Хь Салаҟаиа, «Ацынҵәарах» дахьахцәажәо иусумҭақәа руак аҟны иқәиргыло азҵаарақәагьы: «хымҩаԥгашьас иаҭахузеи ажәлар рҭоурыхтә лахьынҵа зыӡбо ашьаҿа анеихгатәу аамҭазы? Интересқәас ирыхьчозеи, изышьҭоузеи, хьаас ирымоузеишь усҟан ҟазшьалеи еилкааралеи еиуеиԥшым ауаа? Ажәлар рзеиԥш интересқәа хьчатәу, мамзар хи-ԥси ҳәа еихатәу? Анапхгаҩы иуалузеи, уи ихьыԥшу иҟарҵарц ирыхәҭоузеи? Ачҳара, ахәыцра «хьшәашәа», хара анаԥшра аҭахума, мамзар абӷьааҳәа аҵҟьара еиӷьума? Дынзырхозеи ауаҩы, дагьхзырҵәозеи уи?»
Забдуцәа рџьынџь гәыла-ԥсыла иамадоу, дарбанызаалак изы «Ацынҵәарах» ахшыҩҵак, иан лгәаԥҳәыхш еиԥш, ихааӡа иқьы­шәқәа рҟны иматанеира иашьаҭазаауеит, ихәыцра ырҵауло, игәыблра ҳаразкуа ԥхьарцабжьны игәаҵа иҭыҩлоит ахааназгьы.
Иҵабыргны, жәлар рпоет иши­ҳәахьоу еиԥш, «адунеиажә, цәгьа еижьагоуп». Ҳзызхәыцша акыр ирацәоуп, агәҽанызаара аҭахуп, уи ҭакԥхықәроуп! Анцәа цәгьара ҳзааумган, абзиара ҳԥеиԥшызааит!

Ахра Анқәаб

 

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me