Аҟәа имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара

Ф. А. Искандер ихӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара.

Ақәыргыламҭа апроект «Ҳәаа змам аҟазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган. Асценаҿы актиорцәа ирыцықәгылеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку 13-ҩык ахәыҷқәа.

Апроект нагӡоуп Мирон Осиа ибзоурала, Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аԥеиԥши» рыцхыраарала.

Зынӡа аспектакль иалахәуп 60-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп авокалтәи ахореографиатәи коллективқәа, иалахәын иԥхьагылоу актиорцәа: Ирина Делба, Наталиа Папасқьыр, Марина Скворцова, Мадлена Барцыц, Рубен Депелиан, иара убас ааԥхьара иман актер Михаил Бабичев .

Апроект аидеиа авторс дамоуп Анна Савилова, анагӡаратә напхгаҩы — Мактина Џьынџьал.

Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, апроект «Ҳәаа змам аҟазара» згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа акультуратә ԥсҭазаара иаланархәуеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me