Аҭыжьымҭазы иазкны:
ажәар шьақәгылоуп 20 нызқь инареиҳаны атерминқәа рыла. Автор ашәҟәы аус адиулон жәашықәсала;
аҭыжьымҭа иагәылалеит ажәлар рмедицина аҟынтәи лассы-лассы иуԥымло ахьӡқәа, урҭ автор аиҳабыратә абиԥара рхаҭарнакцәа ражәабжьқәа рыла еиҭашьақәиргылеит;
ажәар иаанарԥшуеит аԥсуа бызшәа иамоу алшарақәа.
Ашәҟәы аҳақьымцәа, амедицинатә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа, алингвистцәа рзы ицхыраагӡаны иҟалоит.
«Ари аҳәынҭқарратә бызшәа астатус арӷәӷәараҿы ифундаменталтәу лагалоуп», – ҳәа иҳәеит аҭыжьымҭа арецензент, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Владимир Занҭариа.


