Важа Зарандиа ихьӡ зху амемориалтә ӷәы Аҟәа ишьақәдыргылоит

Аҳҭнықалақь азакәанԥҵаратә еизара адепутатцәа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Важа Зарандиа (01.11.1932 - 08.12.2025) игәалашәара анаунагӡатәразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Амемориалтә ӷәы шьақәыргылахоит дахьынхоз, Чачба имҩаду, аҩны №9 аҿы.

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз ари ажәалагала ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны иадгылеит, иазгәарҭеит атәыла аҭоурых аҿы Важа Зарандиа ихаҭара иамоу аҵакы.

Иуадаҩыз 1992-1993 ашықәсқәа рзы Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан атыл аусура аиҿкаареи, анаҩс аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылареи рҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me