Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә рыцхәқәа ааигәахо ианалаго, дарбан аԥсуазаалак иныруазарц ауп.
Аԥснытәи аетнографиатә парк аҟны иаартыз афестиваль "Мандарин" аҿы аҳауахь ишьҭын ашар кәымпылқәа.
Ари афестиваль мҩаԥыслоит ажьырныҳәа 8 - нӡа. Афестиваль еиҿнакааит асоциал-культуратә проектқәа рцентр "Аҵла".
Апоет, апублицист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачааԥҳа диит 1950 шықәса, ианвар 1 азы Гәдоуҭа араион, Абӷархықә ақыҭан.
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы 2025- тәи Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалаз Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр иқәнаргылеит ахәычқәа. рзы алакә. "Акачбеира ахәшә". (Арежиссиор. А Кәарҷиа), Ахәаԥшцәа хәычқәа гәахәарыла ирыдыркылеит ақәыргыламҭа. Алакә афырхацәа, аџьныш каҷбеи, акәыџьма, ажьа, ала рхаҿала. иаарԥшуп-аҟазшьа бааԥс-акаҷбеира ауаҩы дахькылнаго. Аԥсҭазаараҿ ақьиара зегь реиҳа ишхадоу. Алакә иалоу афырхацәа хадақәа Асҭыԥҳаи, Аҵаа Бабадуи рцәырҵрала уи ахшыҩҵак харҭәаауп. Аҵыхәтәан Аҵаа Бабаду маанала ахьтәы кәалаҧ иҭаикуеит акаҷбеира, аԥыжәара агеит агәыҭбаара!
Ҳазшаз имчала инаӡаӡатәзааит адунеи зегь аҟны ақьиареи аҳалалреи.
Абар, Мышьҭабзиала ҳҭалеит 2025-тәи Ашықәс Ҿыц!Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ари аныҳәа.Уи згәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшыз ахәыҷқәа ирзеиҿкаан аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рацәаны.
Есышықәса еиԥш, сынтәагьы Аҟәа, Аҳабла Ҿыц апарк хадаҿы ирзырхиан Апсаӡ блахкыга. Хыԥхьаӡара рацәала еизаз ахәыҷқәа ирыдныҳәаларц арахь иааит ақалакь Ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Герхьелиеи.
Ахәыҷқәа рзын еиҿкаан инарҭбаау арлахҿыхгатә программа, амультфильм персонажқәа рықәгыларала ирылдыршеит ахәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара бзиа рыҭара!
Ҽааныбзиала ҳазҭалаз 2025- ашықәс ҿыц!