Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Аӡәгьы изы имаӡаӡам Кавказ нхыҵ иқәынхо ҳаешьаратәи егьырҭ ашьхаруа жәларқәеи ҳареи ҳаимадара аҵакы.
Иуль мза 10 рзы И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара Ацентр аҟазаратә зал аҟны имҩаԥысит ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡҩцәа XI –тәи Жәларбжьаратәи рфестивль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынра», уи 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит.
Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа иаатит XXII Жәларбжьаратәи аклассикатә музыка фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит".
Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариитәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.
Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.
Ԥхынгәымза 11 рзы, ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Уи ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа, Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба.
Есышықәсеиԥш сынтәагьы, Аҟәатәи абааш аҵакыраҿы, аҵаратә усԥҟа ишарбоу ала, апрактика иахысуеит ААУ аҭоурых афакультет актәи акурс астудентцәа.Ԥхынгәы 3 аҽны урҭ аԥшаарақәа рықәҿиеит уҳәар ауеит – ирыԥшааит ҳ.ԥ.ҟ.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи гәалсрала адырра ҟарҵоит иаалырҟьаны иԥсҭазаара дшалҵыз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Витали Шариа, егьрыдышшылоит уи иҭаацәеи иҭынхацәеи.