Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭатәыз Ақырҭуа фашистцәа 1992-1993 шықәсқәа раан ҳауаажәлар зҭадыргылаз аҧсуа милаҭ ҳхатәы дгьылаҿ шьаҭанкыла ҳақәхны ҳ-Аҧсадгьыл ҧшӡа Анцәа иҳанаишьахьоу, ҳнырҵәаны ҳартәыртәырц шырҭаххаз сазааҭгылоит. Уаанӡа иаҳзыруқәахьаз азымхозшәа, ҳмилаҭ аҵәаҕәа ахьыршьырц иаҿыз ҳгәылацәа "хазынақәа". Аха ус егьа иҟазаргьы, "ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом" ҳәа шырҳәо еиҧш, аибашьра аан ҳауаажәлар ирхыргаз хҭысқәак сырзааҭгыларц сҭахуп.
Аҳкәажә лхыҧша
Мрагылараҭҵааҩ, ҷыдала османтәи Мсыр XVI-XIX ашәышықәсақәа раан асоциалтәи, аполитикатәи, динлатәи аҿиареи аҭҵаара знапы алакыз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Фериде Ацамба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Аҧсуа ҧхьаҩы иахьа уажәраанӡагьы инагӡаҵәҟьаны изымдыруа аҭоурыхҭҵааҩ Фериде Мысҭаф-иҧҳа Ацамба диит Аҷара иаҵанакуа Минда ақыҭан 1922 ш. ииун 28 рзы. Усҟан Баҭым араион иаҵанакуан, ашьҭахь ақалақь иатәхеит. Лҭаацәа Ангиса ақыҭахь ианиас, уа ашкол далгеит. 1950 ш. рзы Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет далгеит. Иара уа 1954 ш. рзы аспирантура хыркәшаны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа адиссертациа лыхьчеит. Лтема иахьӡын: "Мсыр аусуцәа ркласс ашьақәгылареи аекономикатә ҭагылазаашьеи (1914-1952)".