Уаҩралоу, мамзаргьы ҩысҭаарала, схазы мацара ҳәа акәу?
Дыҟоуп аӡәы зыԥсҭазаара зегьы еизадаӡа инагоу, мариала, аамҭа ахҵәырырсҭақәа иҽырцәыхьчо, хыхь-хыхьла иахьеи-уахеи абзазара иԥнагало иҽанрааланы дныхгыла-аахгыло инеиуа. Дыҟахуп ҽаӡәы иуаҩра дахӡыӡаауа, иабацәа ркәал иҽацәхмырҟьо, иаамҭа ацәаҩа џьбара иамакуа, уи иахҟьаны аԥсҭазаара ашара шиныруагьы, зыуаажәлар рыбзазара маҷк иадамзаргьы аиӷьтәразы, есыҽны зымч-зылша дамеигӡакәа зхы аџьыка ықәызхуа. Ус еиԥш иҟоу ахаҭарақәа, иахьа адоуҳа ауасхыр акыр ианҵшәаау, рыԥсыцқьарала даҽазныкгьы идырҵабыргуеит адунеиаҟны ауаҩреи аиашареи иреиҳау мал шыҟам, урҭ рныҟәгара дарбанзаалак адгьыл иқәзаараҿы ихадаӡоу ахықәкқәа ишыруаку.
Ҳаамҭазы зхыԥхьаӡара есааирагьы имаҷхо, урҭ иреиуоу ахаҭарақәа дыруаӡәкуп ауаажәларратә усзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астуденттә зеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Лука-иԥа Амҷба.
Џьгьарда ақыҭан, инагоу аԥсуа ҭаацәараҿы ииз Зураб Амҷба абжьаратә ҵара анхиркәша идырра иазирҳауан Аҟәатәи арҵаҩратә институт арҵаҩратә факультет аҟны. Еилеигӡон иҵареи Аҟәатәи агазтә аппаратура азауад аҟны аусуреи. Аамҭаказы ари анаплак аҟны акадрқәа рыҟәша аиҳабыс дыҟан. Анаҩс, усҟантәи аамҭа (асоветтә) аҭахрақәа инарықәыршәаны апартиатә усурахь, инҭкааны иаҳҳәозар С.Орџьоникиӡе ихьӡ зхыз Аҟәатәи ацәа аусадуларатә комбинат апартиатә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс диаган. 1982-1986 ш.ш. раан Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны «аекономика» азанааҭ ала аҵара иҵон. 1990 ш. рзы аҳҭнықалақь Аҟәа акоммуналтә усбарҭа аиҳабыс даҭан. Ҳтәыла ауаажәлар рзы иуаӷеимшхарахаз 1992-1993 ш.ш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иааирала ианхыркәшаха, Зураб Лука-иԥа напхгара ззиуаз аколлективқәеи иареи рҿаԥхьа иуснагӡатә хаданы иаақәгылеит, ҿҳәаракьаҿла, еилаԥыххаау ақалақь аинфраструктура аиҭашьақәыргылара.
Ҳамчи, ҳахшыҩи, ҳалшареи еимаданы аусеицура анҳалша, хымԥада ҳаԥсадгьыл аҿиара амҩа ианымларц шзалымшо еилкаан ҳауаажәларра ирхаҭарнаку дарбанызаалак изы. Аха, имҩақәҵатәын уи аус. «Ацәгьараҿгьы абзиараҿгьы ажәа алшара ҳәаак амам» ҳәа иҳәоу ажәлар рыхшыҩзцара аҵакы днықәныҟәаны, Зураб Амҷба иахьаҭахыз бжьыҿацала ахзымиаирақәа аҿаԥҽуа, иахьаҭыԥу амилаҭ аҩныҵҟатәи ахьаа имҵәахыкәа иаацәырго, ишырҳәо еиԥш, ҩ-напыкла днахагылеит аиҭашьақәыргылара-еиҿкааратә усура.
Аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаара хьанҭа иқәнаргылоз апроблемақәа рымҩақәҵара иазынархаз, ҳтәыла аҳҭнықалақь ауаажәларра рсоциалтә-бзазаратә ҭагылазаашьа арманшәаларазы имҩаԥысуаз аусурақәа, ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы ҳҵеицәа гәымшәақәа иаадырԥшыз афырхаҵара иеиҵамызт акала. Ҳажәлар рԥыза Владислав Ду баша иауиҳәах «аибашьра аан аасҭа акырӡа иуадаҩуп уи ашьҭахьтәи аԥсҭазаара ҭышәынтәалахартә амҩақәҵара» ҳәа. Убри анагӡаразы ихадараӡоу ашьаҿақәа ираԥхьагылан Зураб Амҷба напхгара ззиуаз аусқәа.
Еилкаау усуп, ас еиԥш аамҭа уадаҩ аан еиҳаракгьы, ажәлар рзеиԥш ус амаҵ аураҿы ишхымԥадатәу ачҳара, аус адырра, ҭакԥхықәрала азнеира унапы иану, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш агәрагара, урҭ зегьы Зураб Лука-иԥа иабдуцәа рхьышьҭрахьтә ицызҳауаз ахаҭаратә цәаҩақәа ракәын. Насгьы, уи аханатә аахыс иԥсадгьыли ижәлар гәакьеи рышҟа имоу абзиабара иаци иахьеи ракәым ианҿыхаз.
Аԥсуа иԥсҭазаара даныхәыҷӡаз аахыс инҭкааны издыруа Зураб Амҷба, дызну иарбан аамҭазаалак аҷыдарақәа ибзиаҵәҟьаны иныруеит, ианакәызаалак иагьилшоит азеиԥш уаажәларратә ус хырҳагахартә, аамҭакьаҿла ахаҭабзиара иагымкәа ахархәара азырхиара, амҩақәҵара. «Уҽыззукуа аҽузнакуеит» ҳәарада, аха аус лыҵшәа ҳаракыла анагӡаразы, агәамчи алшареи рнаҩсгьы, иазхымԥадатәиуп доуҳалатәи аӷәӷәарагьы. Уи иара ихаҭара иацәыхарам зынӡагьы.
Зураб Амҷба дшеиҿкааҩ ӷәӷәоу ҳауаажәларра еилыркааижьҭеи акыр ҵуеит. Уи ҵакыла иҭәу аԥсҭазааратә мҩаду данысхьеит, ииашоуп, ишырҳәо еиԥш, зыжәҩан ԥҭацк хымшәалакәа зыԥсҭазааратә мҩа назгахьада…, еиҳаракгьы иахьа XXI ашәышықәса актәи аԥшьбарак ахыркәшамҭа ҳанҭагылоу, аха аџьа иарҵәхьоу быжь-жәашықәсеи бжаки зышьҭахьҟа иаанзыжьыз, Анцәа ила, згәабзиара иагым ауаҩы, иахьагьы тәамҩахә ҟамҵа, еизҳауа абиԥарақәа рыбзазара арманшәалара дазааԥсоит. Уи иџьашықәсақәа здиҵази, ҳаамҭазы инапы злакуи аусқәа ҳтәыла, ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәгылараҿы ишьардаӡоу лагалоуп Ауаҩы ҭакԥхықәралеи хшыҩҵарралеи иарбан усзаалак даназнеи, иақәшәо ацаԥха имԥшаарц шзалымшо еилкауп. Баша ирҳәом, анасыԥгьы анасыԥдарагьы ахьыҵәаху ажәлар рҿоуп. Урҭ ирылумгаз акагьы анарха амаӡам ҳәа. Зураб Амҷбагьы дызхылҵыз ҳажәлар ирҟәырҷахоу абшьҭра ирымеидаз Ауаҩра ауп иахьеи-уахеи дыззааԥсо иуаажәлар рҟны насыԥ иманы дҟазҵо. Дрыгымзааит урҭ шықсырацәала.
Ахра Анқәаб