Уи уаҟа аҩбатәи ацәаҳәа ааникылоит.
Иҵабыргны ари иҳаракӡоу ҩаӡароуп Харитон изы мацара акәымкәа, инеизакны Аԥснытәи аспорт, аҭоурых зегь азгьы.
Харитон Агрба имҩаԥигахьеит зынӡа 13 еиндаҭлара Жәларбжьаратәи арингқәа рҟны, урҭ зегьы иааирала ихыркәшоуп.
Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа реихшьаалатә лкаа ҳажәлар рзы игәахәара дууп ҳәарада, иара убас иҿырԥшыга ҳаракуп еизҳауа аҵеира рзы.
Агәабзиара нагӡеи аспорттә каҵәарақәа раҩаӡаразы, имааԥсаӡо агәашьамхи Ҳазшаз иуаҭәеишьааит Харитон есымшагьы!
«Абраскьыл»
Очамчыратәи аспорттә клуб «Абраскьыл» (анапхгаҩы-Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ-Витали Ҷыҭанаа) Карате киокусинкаи азы 2024- шықәсазтәи аихшьаалақәа рыла, еиуеиԥшым ақәратә ҩаӡарақәа рҟны иалкаахеит: 6-9 ш. зхыҵуа рыбжьара – Баграт Аршба; 10-13 ш. зхыҵуа рҟны – Сандро Џьӷамазиа, уи далкаан убасгьы «ашықәс иреиӷьу аиқәԥаҩ» ҳәа иаԥҵаз аԥхьахә ҷыда аҟнгьы. 14-17 ш. зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара – Давид Мурадиан.
«Ашықәс иреиӷьу абоксиор» ҳәа дыԥхьаӡахеит – Свиатослав Быков.
Урҭ зегьы иранашьан адиплом ҷыдақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.
Аклуб алкааҟаҵаратә усмҩаԥгатә далахәын Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба. Уи аспорттә клуб ааӡамҭацәа дрыдныҳәало ирзеиӷьеишьеит агәамчи алшара ҳаракқәеи. Азыҟаҵаҩцәа рџьабааи аҭаацәа рыдгылареи азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Ахәыцра иалыҵшәоу
Анатоли Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматтә школ ааӡамҭацәа Сарида Лакәатааи Армен Топчиани иццаку ашахмат азы ақалақь Шәача аԥхьахәгара иазкны ианвар 15-16 рзы имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа рҟны аиааира ааныркылеит. Уи ала иагьалыршахеит, март азы Тҟәаԥс араион Џьубга аҳаблан имҩаԥысран иҟоу иццаку ашахмат асразы Краснодартәи атәылаҿацә аԥхьахәгара иазку атурнир ашҟа рнаԥхьара.
Аԥқьаҭмпыл азҟаза
Ианвар 12 рзы Москва ақалақь аҟны имҩаԥысуаз, 15 ш. рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара, аԥқьаҭмпыл асразы «Жемчужины Подмосковья» ҳәа хьӡыс измоу атурнир ахраҿа даԥсахеит, Аԥсны аспорт азҟаза Елизабеҭ Акуциа лааӡамҭа, иахьа Алеқсандр Мальцев инапхгарала Алеқсандр Островски иакадемиаҟны аҽазыҟаҵарақәа ирхысуа аԥсуа арԥыс Нестор Цужба.
Ашьапылампыл
иачемпионцәахаз
Иҳаҩсыз ашықәс март 12 инаркны ноиабр 7-нӡа имҩаԥысуан Аԥсны ашьапылампылтә командақәа ааба: «Нарҭ», «Динамо», «Риҵа», «Афон», «Гагра», «Ерцахә», «Бзана», «Саӡ» злахәыз 31-тәи ачемпионат. Уи алыҵшәақәа рыла атәыла иачемпионцәахеит Аҟәатәи «Нарҭ», араӡны ранашьан – Гагратәи «Гагра» ахәмарҩцәа, ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит – Гәдоуҭатәи «Риҵа» ашьапылампыласҩцәа.
Ашықәс аихшьалақәа ҟаҵо Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа иалнакааит, ачемпионат аҟны иреиӷьны зхы аазырԥшыз. Урҭ иреиуоуп: «Иреиӷьу амбахьчаҩ» – Леон Қәҭелиа «Ерцахә» (Очамчыра); «иреиӷьу ахьчаҩ» – Алиас Асланӡиа – «Нарҭ» (Аҟәа); «иреиӷьу ахьчаҩбжа» – Наур Ҵнариа – «Нарҭ» (Аҟәа); «иреиӷьу ажәылаҩ», насгьы ачемпионат» зегь раасҭа иқәыԥшу ахәмарҩы» – Емир Џьопуа – «Нарҭ» (Аҟәа).
«Иреиӷьу азыҟаҵаҩ» ҳәа далкаан Аҟәатәи «Нарҭ» азыҟаҵаҩ хада Асҭамыр Логәуа.
Есышықәса Афедерациа асоциалтә ҳақәа рҟны ирыланаҳәо абжьыҭара алҵшәақәа рыла, ачемпионат «иреиӷьу ахәмарҩы» ҳәа далкаахеит Аҟәатәи «Нарҭ» ахьчаҩбжа Ҭемыр Агрба, аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит, аԥхьахәгаҩ ицхәмарҩцәа Лиова Ҭарбеи Гьеоргьи Ҭодуеи.
Аихшьаалақәа ирлыҵшәаны
Ианакәызаалак ииасуа ашықәс ахырқәшамҭахь ианнеиуа, ишдыру еиԥш аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи аусбарҭақәеи ашықәсазтәи русура аихшьаалақәа ҟарҵоит. Иҵабыргны иҳаҩсыз 2024-тәи ашықәс акыр ахынҭа-ҩынҭарақәа шацызгьы, угәы шьҭызхуа аусқәагьы маҷмызт ҳтәылаҿы. Убас, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟнгьы декабр мза аҽеиҩшамҭа инаркны аихшьаалақәа раҳасабрбеи алкаақәа рыҟаҵареи ирызкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
Ҳтәыла ауаажәларра ибзианы иргәалашәоит ашықәс иалагӡаны, аӡәырҩы Аԥснытәи аспортсменцәа, изныкымкәаны жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны, ҳҳәынҭқарра абираҟ рхашәыршәыруа, лыҵшәа ҳаракыла рықәгыларақәа. Убри инамаданы, еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҟны аԥхьахәгара зылзыршаз жәаҩык аспортсменцәа – Елҟан Гәазаа (атлетика хьанҭа), Инал Гаделиа (аӡиудо), Леон Габлиа (аԥкьаҭмпыл), Инар Кьетиа (зхы иақәиҭу аиқәԥара), Сандро Ҳаразиа (амҵәышәымпыл), Тимур Исмоилов (анапылампыл), Гьерман Арџьениа (абокс), Заур Ҭарба (ашьапылампыл), Рахман Напиџьев (асамбо), Рамзан Арапханов (абырзен-римтә аиқәԥара) – рахьтә, ашықәсазтәи Аԥсны иреиӷьу аспортсмен иалкааразы, асоциалтә ҳа instagram аҟны, декабр 12 инаркны 25-нӡа ҿҳәарас иазыԥҵәаны, ирылаҳәан абжьыҭара, убасгьы хшыҩзышьҭра азухон аспортсмен ашықәс азы атәыла анҭыҵ еиԥш, аҩныҵҟатәи иеихьӡарақәагьы.
Иаԥызгаз иалкааразы Аҳәынҭеилакы аҟны иаԥҵаз: уи ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, ихаҭыԥуаа – Беслан Карчаа, Роман Цкәуа, аилак аспорттә ҟәша аиҳабы Жана Занҭариа, аспорт азҵаарақәа рзы атәыла Ахада иабжьгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ахра Ашәба, амилаҭтә аолимпиатә хеилак Ахада Валери Аршба, Аҵара Аминистрра абаҩрҵәыратә ааӡареи аррамаҵзурахьы ааԥхьара аԥхьатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл, аспорттә журналист Алықьсандр Коӷониа – зеилазаараҿы иҟаз аексперттә комиссиа аӡбарала, декабр 26 рзы анаҩстәи алкақәа ҟаҵан: «ашықәс иреиӷьу аспортсмен» ахьӡ даԥсахеит, арԥарцәа рахьтә–абокс азы Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, 2024 шықәсазы Аҳәынҭқаррабжьаратә Еидгыла атәылақәа (БРИКС) Рыхәмаррақәа рҟны ахьтәы медал зҽаԥсазтәыз, ААУ апедагогикатә факультет астудент – Гьерман Арџьениа; аҭыԥҳацәа рахьтә – аԥкьаҭмпыл азы Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза– Ерика Кәарҷиа. Ахәаԥшцәа рыӡбарала ари ахьӡ даԥсахеит (асоциалтә ҳа адаҟьаҟны, ифотосахьа аҵаҟа адырга ҷыда «исгәаԥхеит» еиҳа ирацәаны зҟны иқәгылаз), анапылампыл азы Аԥсны аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟазаразы акандидат, Урыстәыла иреиҳау алига «Б» аҟны иқәгыло, ҳтәыла еизгоу акоманда «Аԥсны» ахәмарҩы, ҳтәыла ачемпионат аҟны «иреиӷьу ажәылаҩ» ҳәа иалкаау, Аԥсны ачемпион – Ҭемыр Исмоилов.
Урҭ дрыдныҳәало аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба рнапаҿы ириҭеит адипломқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи. Иара убас абжьыҭарахь иқәыргылаз егьырҭ аҩызцәагьы, досу рылшарақәа еихьӡара ҳаракыла иахьаадырԥшыз ахкқәа рҟны «ашықәс азы иреиӷьу» ҳәа азыԥхьаӡаны иранашьан ишалкаау зырҵабыргуа адипломқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.
Аҳәынҭеилакы аҟны иаԥҵаз аексперттә комиссиа аӡбарала иалкаан убасгьы: ииасуа ашықәс «иреиӷьу азыҟаҵаҩ» ҳәа-зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада – Ҭемыр Џьопуа. «Иреиӷьу аӡбаҩыс» далкаахеит урыстәылзегьтәии жәларбжьаратәи аҩаӡара аӡбаҩ, Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла атәылақәа (БРИКС) Рыхәмаррақәа рҿы абокс азы аицлабрақәа рыӡбаҩыс иҟаз – Валериан Арлан. «Иреиӷьу аспорттә усзуаҩ» ҳәа далкаан Гагратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол №1 адиректор – Едгар Қриа. «Иреиӷьу аспорттә федерациа» ҳәа иԥхьаӡоуп– Михаил Чалмаз хадара ззиуа «Аӡиудои асамбои Рфедерациа». «Иреиӷьу аспорттә раион» ҳәа иалкаахеит – Гагратәи араион. «Иреиӷьу аспорттә журналист» ҳәа– Алықьсандр Коӷониа.
Ҳтәылаҟны аспорттә усхк арҿиареи аӡыргареи ирыдҳәалоу аусураҿы иназыцҵоу рбаҩхатәратә лшарақәа разгәаҭаразы иӡбаз иҷыдоу аԥхьахәқәа ирлауреатцәахеит: аноминациа «Аиҭарҿиара» (Возрождение) аҿы – Аԥсуа милаҭтә спорттә хкқәа Рфедерациа Ахада- Адгәыр Гәынба. Аноминациа «Амч ақәхра» (Преодоление) – зымаха-зышьаха еибгам, ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарҩы – Роман Матиашов. Аноминациа «Ашықәс ақәҿиара» (Прорыв года) Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла атәылақәа (БРИКС) Рыхәмаррақәа рҟны, абокс азы аџьазтә аԥхьахә зҽаԥсазтәыз – Беата Аршба. Аноминациа «Агәыӷра» (Надежда) – абокс азы Европа ачемпионат араӡынтә аԥхьахәгаҩ–Сандро Цымцба.
Ашықәс аҵыхәтәантәи амшқәа рзы убасгьы, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аҟны имҩаԥысит аспортсменцәеи урҭ разыҟаҵаҩцәеи рҟазаратә лшарақәа рырҵаулареи, рзанааҭтә ҩаӡара арҵабыргреи зыршаҳаҭуа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵареи адырга ҷыдақәа рнапаҿы арыҭареи иазкыз аилатәара.
«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ рыхҵоуп: Ерика Кәарҷиа – аԥкьаҭмпыл азы; Тариел Чежиа, Алан Ԥалаванӡиа, Џьусҭан Тачулиа – акарте азы; Едишер Конџьариа – асамбо азы.
«Ареспублика Аԥсны аспорт азҟаза» ҳәа : Асҭамыр Лабахәуа–амҵәышәымпыл азы; Артур Чакриан– аԥкьаҭмпыл азы; Валериа Лиапина– анапылампыл азы; Леон Лагәлаа – абокс азы; Инал Ҳаџьымба – акарате азы; Кристина Беиеи Милана Коваленкои– таитәи абокс азы.
«Аԥсны аспорт азҟазара акандидат» ҳәа – Амра Амҷбеи Мелор Аԥҳазааи– аԥкьаҭмпыл азы; Ҭемыр Быҭәба – акарате азы; Ҳамида Наӡаӡе– анапылампыл азы.
Гәыӷра лашарала агәра угартә иҟоуп зылҵшәақәа рыла ашықәс алкаақәа ҟаҵоу, ҳаԥсадгьыли ҳажәлари рыхьӡ ҭызго ҳҿарацәа, Нарҭаа дуқәеи Абраскьыли ргәаӷь шрызҭоу, иаарԥшу реихьӡарақәа рҟны иаанымҿаскәа, еиҳау аҳаракырақәа раҩаӡаразы гәыҩбара ҟамҵа ахы агәрагара шрымоу.
Агәамчи, агәыцқьареи, аҭынч бзазареи раҭәашьазаит Ҳазшаз Анцәа ду илыԥхала.
А. Бзыԥба.