Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

 

"Злахьынҵа зцымныҟәаз" – абас ахьӡуп  Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак Амиссиеи "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкылеи еицҭрыжьыз ашәҟәы. Ари 1992-1993  шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәым. Уаҟа икьыҧхьуп аибашьра анцоз хабарда ибжьаӡыз 151-ҩык рҭаацәеи, ргәакьацәеи, рҭынхацәеи ргәалашәарақәа. "Шамахамзар иуҧыхьамшәо, хабарда ибжьаӡыз аҧсҭазаара ишахәаҧшуаз, ишгәныркылоз зныҧшуа дунеихәаҧшышьоуп", – абас иҩит аҭыжьымҭа иациҵаз аҧхьажәаҿы Аџьар Ҟаҧшь Амиссиа ахада Натан Реис.

Хьӡы игарц ауп...

Цәыббра 16, 2022

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага  аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк еиҧш  игылеит  Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.  Аиаша агәрагара, уи аиааира агара шалшо азы гәыҩбара амамзаара, ҳаибашьцәа урҭ адоуҳамч  дук рынаҭон.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Тамила Мырцхәлаа диҧылеит Иорданиа аҟны  Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Амин Бакиж, иаанацҳауеит апалата асаит.

Мырцхәлааи Бакижи рылацәажәеит Иорданиатәи Ахашимиттә Кралраҿы аҧсуа нападкылаҩцәа ринтересқәа рцәыргареи Аҧсны аӡыргареи ирызку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара.

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ГАИ аиҳабы Баҭал Агрба. Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиҧылараҿы ирылацәажәеит амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа, ашәарҭадара аусмҩаҧгатәқәа уҳәа апрофилактикатә, атехникатә зҵаарақәа.

Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа днеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Административтә ҳәааҿы ашьыбжьышьҭахь атәыла Ахада еиҳабыс дызмоу Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Аҧыза-министр Азнаур Керашев.

Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниа дырҧылеит ауаажәларра, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа.

"Сгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан шәара шәышҟа аара, аха апандемиа иахҟьаны апланқәа зегьы рыҧсахра сықәшәеит. Иахьа абра сыҟоуп, исныруеит дарбанзаалак игәеисыбжь, сазхиоуп шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Сентиабр 9 азы Аслан  Бжьаниеи  Аҧснытәи  аделегациеи аҭааит Ҟарачы-Черқьестәи  Ареспублика аул Ҳабез аҟны  иҟоу Леон иорден  занашьоу Мусса Дауров  инышәынҭра, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Административтә ҳәааҿы Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Муаед Кунижев.

Сентиабр 8 азы Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи  ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз  Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа  рбаҟаҿы.

Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликахь иныҟәара аан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me