Мшаҧы 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара аҵыхәтәантәи агәыҕра ацәашьы

 

"Злахьынҵа зцымныҟәаз" – абас ахьӡуп  Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак Амиссиеи "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкылеи еицҭрыжьыз ашәҟәы. Ари 1992-1993  шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәым. Уаҟа икьыҧхьуп аибашьра анцоз хабарда ибжьаӡыз 151-ҩык рҭаацәеи, ргәакьацәеи, рҭынхацәеи ргәалашәарақәа. "Шамахамзар иуҧыхьамшәо, хабарда ибжьаӡыз аҧсҭазаара ишахәаҧшуаз, ишгәныркылоз зныҧшуа дунеихәаҧшышьоуп", – абас иҩит аҭыжьымҭа иациҵаз аҧхьажәаҿы Аџьар Ҟаҧшь Амиссиа ахада Натан Реис.

"30 шықәса ҵит ақырҭуа-аҧсуа еибашьра  ианалагаз аахыс. Абри аамҭала Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак адгыларала "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкыла иакьыҧхьит аҭаацәарақәа жәпакы рзы агәалашәара иасимволхаз ашәҟәы "Агәыҕра ҧсӡом". Абри ашәҟәы раҧхьатәин, уи ала ауп ҳусура шхацҳаркыз, 2010 ш. инаркны акәзар, Аҧсны хабарда ибжьаӡыз рыҧшааразы аусурақәа нап дыркын. Уажәы ирыдаагалоит хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы даҽа вариантк. Актәи ашәҟәаҿы шаҳаҭра зуа афактқәа рацәазҭгьы, абри ашәҟәы ианырҧшуп хабарда ибжьаӡит ҳәа иҧхьаӡоу зусҭцәоу, изеиҧшра уааз, иамуази урҭ сахьаҭыхыҩцәахар, поетцәахар, спортсменцәахар, напҟазаҩцәахар, музыкантцәахар… Урҭ рахьтә дарбанзаалак - дхаҭаран, аха иара данҩыҵхаха иҧсҭазаара ҿахҵәеит акәымзар. Дарбанзаалак иҧсҭазаара аҭоурых – атәыла алахьынҵа аныҧшуеит," – иазгәаҭоуп "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкыла анапхгаҩы Гәыли Кьычба ашәҟәы иацылҵаз аҧхьажәаҿы.

Аибашьра ашьҭахь Аҧсны хабарда ибжьаӡит ҳәа иҧхьаӡан  ҩышәҩык раҟара. "Абри  ашәҟәаҿы рыӡбахә ҳҳәоит хабарда ибжьаӡыз ауаа. 30 шықәса егьаарыгымхо рыҩнуҵҟала, ус узазҳәар ауазар, еихьӡарақәакгьы ыҟан – 4-ҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан, рҭаацәарақәа ирзырхынҳәын. Аҭаацәарақәа урҭ ирзыҧшын, ргәы дырҭынчит рыҧсыбаҩқәа анроу. Аха шаҟаҩы ыҟада иҧшу, игәыҕуа", – иазгәалҭеит Гәыли Кьычба. Лара лыҷкәын Арзамеҭ Ҭарба, Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара аан дҭахеит, акыраамҭа хабарда дыбжьаӡны  дыҟан. "Ааигәанӡа ҳҵеицәа хабарда ибжьаӡыз рсиа ианын. Шьҭа урҭ рнышәынҭрақәа  ҳнапы нықәаҳшьуеит. Уажәы ҳзызхәыцуа, хьаас иҳамоу убри иахьымӡаз роуп. Ашәҟәы ргәы арҭынчуеит, рхьаақәа  рханаршҭуеит, иагьеилыркаауеит даргьы шхаршҭым, ишыгәцараркуа, аҧшаарақәа ишырҿу".


 

Сентиабр  7  азы "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкыла анапхгаҩы Гәыли Кьычба диҧылеит Аҧсны Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак амиссиа ахада  Натан Реиси аиҿкаара "Bridqe" анапхгаҩы Камилла Санӡааи. Амиссиа ахада, Гәыли Кьычба илирдырит Аџьар Ҟаҧшь иазыҟанаҵаз аӡбаратә медицинатә експертцәа.

"Уаҩы агәахәара инаҭоит аҿар хатәгәаҧхарала амиссиа рхы ахьаладырхәуа. Урҭ Аҧсны азы акырӡа зҵазкуа азанааҭ рҵеит. Ари  аҧсыбаҩқәа рекспертиза ауп. Акыр шықәса раахыс Аҧсны аус зуа Амиссиа дарбанзаалак ахада ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз рыҧшаараҿы ашьҭамҭа бзиа аанижьуеит. 2010 ш. азы Аҟәа,  аибашьцәа рбаҟаҿы анышә иамадаз рыҧсыбаҩқәа  ыҵхны, урҭ зтәыз реилыргара иалагеит. Ари ус хадан, аха убри аамҭазы ихьаан, игәырҩан", – лҳәеит лара.

Аҧсны амиссиа ахада Натан Реис иазгәеиҭеит аиҿкаара "Bridqe" аҟны зус иазҟазацәоу аус шыруа, ҳаҧхьаҟагьы хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара, рхы-рҵыхәа аҭҵаара ишалаго. "Ҳаҭыр дуны исыҧхьаӡоит хабарда ибжьаӡыз рыҧшаареи аҧсыбаҩқәа зтәук  рышьақәыргылареи                        иалахәу акырӡа зҵазкуа аиҿкаарақәа ҩба рхаҭарнакцәа сахьрыдтәалоу. Урҭ "Анацәа Рхеидкыла", "Bridqe"  роуп".

Аиҿкаара "Bridqe"   анапхгаҩы Камилла Санӡаа далацәажәеит аиҿкаара шаҧҵахаз, аусзуҩцәа шеизгаз. 2017 ш. азы Амиссиа Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны асессиа мҩаҧнагеит аҭоурыхтәи, абиологиа-географиатәи афакультетқәа рстудентцәа рзы. Уи ҩымш имҩаҧысуан. Аџьар Ҟаҧшь ахаҭарнакцәа русура ӡырыргеит, хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара иазкыз рпрограмма аӡбахә атәы рҳәеит. "50-ҩык раҟара астудентцәа ыҟан. Асессиа анхыркәшаха, иҳарҳәеит Аҧсны агәыҧ аиҿкаара,  урҭ аҵара дырҵара гәҭакыс ишрымаз, анаҩсан дара рхала аусура рылшарц, аекспертцәа адәныҟантәи раагарагьы ҳақәымшәарц. Саргьы, сҩызцәагьы ари ажәалагала даара иаҳгәаҧхеит. Аҧхьаӡа 10-ҩык ҳаҟан, аха иаанхеит Аџьар Ҟаҧшь аҟны аҵара здырҵаз аа-ҩык. 2019  ш. азынӡа Аргентинантәи  аекспертцәа аус рыцаауан, аҧышәа бзиагьы ҳауит. Аҧсыбаҩқәа аныҵҳамхуаз аӡынра аамҭазы Москва, Италиа, Африкатәи атәылақәа рҿы еиуеиҧшым атренингқәа ҳхы рылаҳархәуан. 2020 ш. азы ихәыҵҟьаз апандемиа иалнамыршеит жәларбжьаратәи аекспертцәа радҧхьалара. Абар, ҩышықәса раахыс ҳхала аус аауеит. Ҳкоманда ҩ-гәыҧкны ишоуп – археологцәеи аҧсыбаҩқәа еилзыргоуи. 2021 ш. азы еиҿкаарак аҳасабала ҳхы ҭаҳҩит. Аҧсыжырҭақәа абригь-абригь аҭыҧ аҿы иҟалар ауеит ҳәа аинформациа ҳауеит Аџьар Ҟаҧшь аҟнытә, нас уи иадҳәалоу аусурақәа зегьы ҳара инаҳагӡоит", – лҳәеит лара.

"Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы  Аҧсны анацәа" Рхеидкыла иалоу Фируза Қапбеи Ниура Габуниеи иара убас иазгәарҭеит Аџьар Ҟаҧшьи "Bridqe"  русура даара акырӡа шаҵанакуа. "Сара ирыцҳасшьоит зыҷкәынцәа рлахьынҵа, иҭахоу-иҭамхоу ззымдыруа аҭаацәа. Урҭ шҭахаз анышьақәыргылахалак, дара ргәы дырҭынчуеит. Иааиҧмырҟьаӡакәа аҳәаанырцәтәи аекспертцәа ралархәра  уадаҩуп. Ибзиоуп, ҳара иаҳтәу аекспертцәа ахьҳауз", – лҳәеит ақырҭуа-аҧсуа еџибашьра аан зыҷкәын заҵә дҭахаз Фируза Қапба.

"Иҭахаз иҧсыбаҩ ҧшаамзар, ишақәнагоу, ишҵасу аиҧш анышә иаҭамзар, аҭаацәеи  агәакьацәеи иаҳагьы ирцәыцәгьоуп ахьаа-гәырҩа ахыгара", – лҳәеит Ниура Габуниа.

Натан Реис иаликааит ари аиҿкаара акырӡа шаҵанакуа. "Хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара аамҭа рацәа аҭахуп, абри аҟынтә ҳҽазаҳшәеит аҭыҧантәи ауааҧсыра рахьтә аспециалистцәа разыҟаҵара. Ҳаҧхьаҟагьы  урҭ ҳрыцхраалоит. Хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа аҵыхәтәантәи агәыҕра иалхәдамхароуп", – иҳәеит иара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me