Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааираҿы алагаламҭа ду

Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниа дырҧылеит ауаажәларра, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа.

"Сгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан шәара шәышҟа аара, аха апандемиа иахҟьаны апланқәа зегьы рыҧсахра сықәшәеит. Иахьа абра сыҟоуп, исныруеит дарбанзаалак игәеисыбжь, сазхиоуп шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада иқәгылараҿы хшыҩзышьҭра азиуит Аиааираҿы хатәгәаҧхарала аибашьцәа рлагаламҭа.

"Аҧсны жәлар иргәалашәоит, ахәшьара ҳаракы арҭоит Нхыҵ-Кавказ аешьаратә республикақәа рфырхаҵара. Аиааираҿы хатәгәаҧхарала аибашьцәа рлагаламҭа ахәшьара аҭара уадаҩуп", – иаҵишьит Ахада.

Аиҧылараҿы Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьоуп Азреҭ Ҭаҭаршао.

Акультуреи аҟазареи рырҿиараҿы илагаламҭазы, Кавказ ажәларқәа ркультура аларҵәаразы, активла имҩаҧиго ауаажәларра-политикатә усуразы "Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭытә хьӡы ихҵоуп Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика акультура аминистр Зураб Агирбов.

Ахореографиатә ҟазара арҿиараҿы ллагаламҭазы, Кавказ ажәларқәа ркультура аларҵәаразы "Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп Алина Ҭарасунова.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аҧсуа бызшәеи абаза бызшәеи рырҿиара азҵаарақәа, акультуратә, аекономикатә усеицура, еицырзеиҧшу аинформациатә портал аҧҵара  уҳәа егьырҭ атемақәа.

Анаҩсан Аҧсны Ахада дырҧылеит хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭаацәарақәа. Ирылацәажәеит дара зынио апроблемақәагьы. Ахәҭакахьала, иазааҭгылан аҧсуа тәылауаҩра аиура, Аҧсны рыҧсшьара аиҿкаара. Азҵаарақәа жәпакы аҭыҧ аҟны иӡбан. Егьырҭ азҵаарақәа рганахьала Аслан Бжьаниа анапынҵа ииҭеит Иусбарҭа ахада Џьансыхә Нанба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me