Аҧсны аделегациа – Нхыҵ-Кавказ Ашәҭқәа – абаҟақәа рҿы

Сентиабр 8 азы Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи  ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз  Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа  рбаҟаҿы.

Аслан Бжьаниа урҭ ранацәа дырҧылеит. Ҟарачы-Черқьестәи  Ареспублика аҟынтәи 120-ҩык аибашьра иалахәын, убарҭ рахьтә 13-ҩык ҭахеит.

Иара  убри аҽны Аслан Бжьаниа ашәҭқәа  шьҭеиҵеит Жәларбжьаратәи  Ачерқьестә Ассоциациа иахагылаз, аҟабарда жәлар Рконгресс ахантәаҩыс  иҟаз Урыстәылатәи  Афедерациа иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи  аусзуҩ  Иури Калмыков  ибаҟаҿы.

Абазатәи  араион аул Кара-Паго аҟны  даҭааит  Аҧсны  Раҧхьатәи Ахада  Владислав   Арӡынба  ихьӡ зху  ашкол.

Аҳәынҭқарра Ахада иҧхаӡа  иҧылеит ашкол анапхгареи  аҵаҩцәеи. Даҭааит абаза  бызшәа  аурок, аҵаҩцәа  драцәажәеит, ҳаҭыр зқәу асасцәа рышәҟәаҿы  анҵамҭа ҟаиҵеит: "Ҳашьцәа абазақәа! Ижәдыруаз  Аҧсны  анапхгара  еснагь  ҳаимадарақәа  шдырҕәҕәауа, ишдырҿиауа! Ҳазшаз  дышәхылаҧшааит! Аҧсны Ахада  Аслан Бжьаниа".

Ашкол аҵаҩцәа Аҧснытәи  асасцәа  рзы  аконцерттә программа  еиҿыркааит.

Аҧсны Ахада Аслан  Бжьаниа ашкол анапхгаҩцәеи  аҵаҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҧхаӡа дахьрыдыркылаз азы. Иқәгылараҿы Аслан Бжьаниа иаликааит: "Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳаиҧылара даара  сеигәырҕьоит, ҩаҧхьа  агәра  згеит шәреспублика аинҭәылареи  аҿиареи  рымҩа ишану. Аҧсуааи абазақәеи жәларыкуп. Ҳаргьы  ҳазҿлымҳауп  аешьаратә еимадарақәа  рырҭбаара,  ррыҕәҕәара".

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me