Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа днеит

Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа днеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Административтә ҳәааҿы ашьыбжьышьҭахь атәыла Ахада еиҳабыс дызмоу Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Аҧыза-министр Азнаур Керашев.

Асасцәа ирҧылеит чеиџьыкала, амилаҭтә ашәақәеи акәашарақәеи рыла.

Аҧснытәи аделегациа иалоуп – Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Жәлар Реизара Адепутат Леонид Лакербаиа, ажурнал "Алашара" аредактор хада ихаҭыҧуаҩ, агәыҳалалратә фонд анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Лиалиа Чамагәуа.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилови ҳаҭыр ақәырҵеит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз хатәгәаҧхарала аибашьцәа ргәалашәара.

Сентиабр 11 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихы алаирхәит Ареспублика Адыгеиа Ахада амаҵура иахаргылара иазкыз ақьабз. Мураҭ Кумпилов Ареспублика Адыгеиа Ахадас ҩынтәны далхуп.

Агәырҕьаратә еилатәараҿы иҟан Адыгеиа Раҧхьатәи Ахада Аслан Џьаримов, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рхадацәа, Урыстәылатәи аполитикцәа.

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кумпилов идиныҳәалеит Ареспублика Адыгеиа Ахада имаҵура иахагылара.

"Шәара аҧышәа змоу политикуп, ҳәынҭқарратә усзуҩуп, шәнапхгарала Ареспублика Адыгеиа ақәҿиара дуқәа алнаршеит асоциал-економикатә рҿиараҿы. Шәара шәгәамчи ааҧсарада шәусуреи рыла иҟәыҕоу аполитик, адырра змоу напхгаҩык иаҳасабала шәыжәлар раҳаҭырқәҵареи рыбзиабареи шәыҽрыҧсашәтәит", – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Ахада иаҵишьит шәышықәса рацәала аешьаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазку Кумпилов иусура ҳаҭыр шақәҵатәу.

"Иаҵысшьырц сҭахуп,  хатәгәаҧхарала аибашьцәа рҵакы. Ҳашьцәа-адыгаа ҳтәыла ахьчара иазықәгылеит, аӡәырҩы ҳҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы рықәырҵеит", – иҳәеит иара.

"Иахьа ареспублика анапхгара рҿаҧхьа имариам ауснагӡатәқәа ықәгылоуп, агәра згоит Шәара шәзанааҭдырреи шәаҳаҭыри ирыбзоураны ареспублика Адыгеиа ҳаҧхьаҟагьы ашәҭыкакаҷразы хра злоу аусқәа рынагӡара ишашьаҭахо", – иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ахадас иалху иусураҿы қәҿиарақәа изеиҕьаишьеит.


 

Сентиабр 12 азы Маиҟәаҧ имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи, Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилови, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаҧхарала аибашьцәеи реиҧылара, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аиҧылара мҩаҧысуан Т.М.Керашев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Адыгеиатәи рреспубликатә институт аҟны. Уи рхы аладырхуит Адыгеиа Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Анзаур Керашев, Ареспублика Адыгеиа аҟынтәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә дума адепутат Владислав Резник.

Аиҧылара аартуа, Мураҭ Кумпилов иазгәеиҭеит Адыгатәылеи Аҧсни рыбжьара аешьаратә еизыҟазаашьақәа шышьақәгылахьоу, ареспубликагьы убри ишахӡыӡаауа. "Абарҭ аизыҟазаашьақәа аҭоурых ду рымоуп, ҳара  ҳус – урҭ ҳаҧхьаҟагьы рырҕәҕәара ауп", – иҳәеит Мураҭ Кумпилов.

Аслан Бжьаниа Адыгатәылантәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырҧшыз агәаҕьреи афырхаҵареи рзы. "Аишьцәа гәакьацәа реиҧш шәҳавагылеит, Аҧсны жәлар уи наунагӡа ргәалашәараҿы иаанхоит", – иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа аиҧылараҿы хатәгәаҧхарала аибашьцәа ишьҭырхыз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

"Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа" Адыгеиатәи ррегионтә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Мадин Тлишев урҭ рыхьӡала ареспубликақәа рыҩбагьы рнапхгаҩцәа дрыдныҳәалеит.

Аслан Бжьаниа дадгылеит аешьаратә республикақәа – Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Ҟабарда-Балкариеи Рыҩны Аҧсны аартразы иҟаҵаз ажәалагала.

Аҧсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҭҵаарадырратә центрқәа рыбжьара аимадарақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы Т.М.Керашев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Адыгеиатәи рреспубликатә институт адиректор Адам Тлеуж ианеишьеит "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me