Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хьӡы игарц ауп...

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага  аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк еиҧш  игылеит  Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.  Аиаша агәрагара, уи аиааира агара шалшо азы гәыҩбара амамзаара, ҳаибашьцәа урҭ адоуҳамч  дук рынаҭон.

Ахақәиҭра  амш азгәаҭараан, даҽаамҭанык еиҧшымкәа, иҵархоит аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаарақәа ҿахҵәаз  ахьчаҩцәа ргәалашәара иацу ахьаа. Есышықәса аиааира амш аламҭалазы  абаталионқәа еиқәшәоит, ирзыгьежьуеит аибашьра ахҭысқәа, иргәаладыршәоит ирывыршьааз рҩызцәа. Зхы аӡыргара бзиа изымбо, зфырхаҵара алацәажәара иацәыҧхашьо аҧсадгьыл ахьчаҩцәа иреиоуп атанкистцәа. Аибашьра еибашьроуп, амца ацәаҳәаҿы иҟоу изы иаҳа иахьеиҕьу,  иахьеицәоу ҳәа ыҟамзар акәхап, аха акәылӡтәы техника  иақәтәаны еибашьуа  ртәы зынӡа даҽакуп. Аихаӡа аҩныҵҟа иҭатәаны аибашьра гәаҕьыуацәоуп, иацу ашәарҭарагьы  маҷӡам.

 Аибашьцәа иргәалашәоит аҕацәа Аҧсны ианақәлаз, аҧсуа ган иамаз  акәылӡтәы техника ахыҧхьаӡара шаҟа имаҷыз. Атанкқәа ракәзар зынӡа иҟаӡамызт. Раҧхьатәи атанк ақырҭқәа ирымхын  Турбаза, Ацҳа Ҟаҧшь аҟны. Аибашьра цацыҧхьаӡа аҕацәа ирымырхуаз акәылӡтәы техника хыҧхьаӡарала еиҳа-еиҳа еиҳахон. Урҭ ирықәтәаз рыбжьара атанктә архәҭақәа рҿы арра иахысуаз реиҧш, атанк атәы зынӡа иззымдыруазгьы ыҟан. Аибашьцәа ирылшеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны атанк арныҟәашьеи алахысшьеи аҵара. Џьаҧҳанылагьы еиқәшәаӡамыз дара иҵәыҧсны иҟаз атанк абзарбзанқәа акапсул рҭырхуан, анаҩс ирҧшшаны еиҭаҭаҵаны иалахысырц азы.

Ирацәоуп аибашьцәа  иргәалашәо ахҭысқәа, урҭ угәы удмырхьырц залшом. Аҧсны Афырхаҵа Ҭемыр Занҭариа изы атанк аныҟәцара иҿыцны ииҵаз усмызт. Иара арра атанктә архәҭаҿы дахысуан. Аибашьҩы дзықәтәаз акәылӡтәы техника  аҕацәа рхы анақәшәа, аекипаж ахәра ҕәҕәақәа роуеит, атанк амца акит, Ҭемыр ишьапы хнаҵәоит. "Сыхдыррахьы санааи, избеит ашьаҟыӡаҟы сшылаиоу. Сааигәа шьапыкгьы хҵәаны ишкажьу. Аха, макьана ахьаа смоуцызт, убри аҟынтә сгәы иаанагеит, рыцҳа аӡәы ишьапы амнахызаап ҳәа. Усҟан ахҵәаха сара сшьапы акәзаап", – игәалаиршәеит урҭ ахҭысқәа Аҧсны Афырхаҵа. Ари аҩыза аҭоурых  лабжышда узазыӡырыҩӡом. Игәеиҟәжәагоуп аветеран ихьаа инмырҧшкәа ҭынч еиҭеиҳәо аҭоурых.

Аибашьцәа еиҭарҳәаша рымоуп, арҭ ажәабжь гәыҭшьаагақәа зегьы Аҧсны аҭоурых иахәҭакуп. Арҭ аветеранцәа рырцәажәара ус имариаӡам, дара  реибашьратә  мҩа  алкаатәуп ҳәа ирыҧхьаӡаӡом. Ирывыршьааз рҩызцәа рылымкаа арҭ аҭоурыхқәа реиҭаҳәара рхы ахырбаауеит. Иазгәарҭоит  иагьа ааха  ҕәҕәа  рыманы аибашьра иалҵзаргьы ишҭоу рыҧсы, иахьа зхы иақәиҭу, зхьаҧшымра азхаҵоу  Аҧсны ишынхо. Аибашьцәа ражәақәа рыла, аҭынч ҧсҭазаара – абри акәын дара ззеибашьуази рҩызцәа рхы зқәырҵази. Аветеранцәа ирҳәоит  ирҭаху акызаҵәык шакәу, еиҵагыло абиҧарақәа рабацәа рфырхаҵара атәы рхадмыршҭырц, еиҷаҳаларц зықьҩыла Аҧсны аҧацәа рыҧсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаагоу ахақәиҭра.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me