Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа хәшәқәеи аҭәҳәақәеи рдунеи

Жәлар рмедицина жәлар рҟазара, рдоуҳатә культура иахәҭакуп. Жәлар рмедицина ҳазхьаԥшуазар, иахьа уажәраанӡагьы ари ахырхарҭа актуалра алоуп Аԥсны.


Ақыҭақәа рҿы иҟоуп аԥсуа хәшәқәа ҟазҵо, жәлар рмедицина адырыҩцәа. Урҭ рдыррақәа, шамахамзар, абиԥарала еимдо иааргоит. Иџьаушьаша, иахьа амедицина аҿиара ду анамоу аамҭазы, аԥсы ҭоуп жәлар рмедицинагьы. Ари азҵаара аганахьала дарбанзаалак имоуп ихатә гәаанагара. Ҳара ари ҟазарак аҳасабала ҳазнеиуеит.
«Сара амедицина аганахьала аҵара салымгеит, издыруа – санхәа ислырҵаз ауп!», - лҳәоит иаразнак Фируза Цәеиԥҳа ҳаибабара раԥхьатәи аминуҭаз. Дәрыԥшь ақыҭан инхо Кәарцхьиаа рҭаца ҩынҩажәа шықәса ҵуеит аԥсуа хәшәқәа ҟалҵоижьҭеи. Ари аус, ланхәа Шьуреҭ Ҵәызԥҳа лҟынтә лара лахь ииасит, уи илзымдыруаз хәшәы ыҟамымзт.
«Сацалагьы саргьы ҳаҟан аҩн­аҭаҿы, аха лара ихалҵаӡомызт. Санхәа ианлылымшоз, дрыцҳашьан, аӡә ахәшә дашьҭаланы данааилакгьы сара иҟасҵон. Аӡын ианҵаауа аҵиаа адацқәа аҵхра мариам, нас аӡы хьшәа­шәа иаҵагыланы аӡәӡәара, аха иҟасҵоз ала ауаа ҳрыхәар акәын. Лара илзымдыруаз арбан, аблыхәшә, амгәахьа ахәшә уҳәа. Иахьа хәлаанӡа абаҳча дыҵан. Агха сымоуп илдыруаз зегьы ахьысымҵаз. Анкьа аҳақьым дабаҟаз, абас ами ауаа шалдыргоз», - лҳәоит лара.
Фируза ланхәа лҟынтә аҭагә ахәшәи адоу ахәшәи аҟаҵашьа лҵеит. Уи иашьҭаланы Дәрыԥшь иаауеит Аԥсны араионқәа рҟынтә, иара убас ҳтәыла анҭыҵынтәгьы. Аӡәы ианихәалак, даҽаӡәы иеиҳәоит, «дара рхала еибырҳәоит, сара схы ӡырызгаӡом».
Аҭагә ахәшә акәзар, актәи-аҩбатәи аҩаӡараҿы ианыҟоу аамҭазы ихәарҭоуп, убри аан аҳәызба адмыркьысхьазар ауп», – азгәалҭоит Фируза.
Аҭагә ахәшә злаҟарҵо аҵиаа ашьха еизҳауеит, агаҿахь иааганы еиҭауҳар, аԥхын иҩоит, усҟан иара иалоу ахәшәгьы ԥхасҭахоит. Фируза шықәсык ахь ԥшьынтә ашьха дцаны уи аҵиаа еизылгоит, иахьеизҳауа аҭыԥқәа лдыруеит, уахь анеирагьы мариам, аха лыԥшәма длыцхраауеит. Аҵиаа аныҵылхуа Анцәа иахь лхы нарханы, ауаа хәарҭас ироуаит ҳәа ҳәаны иҵылхуеит. Уаҟоуп лырахә ахьылныҳәо. Данцо уи азы иаҭаху: аилаџь, ахарҵәы лгоит.
«Санхәа ԥсшьара ашьха данцоз ислырбеит аҭагә зылҵуа аҵиаа. Сара сыԥсыргьы, ауаа брыцхраала, быуацәа-бҭахцәа ирзыҟаҵала, шәаргьы ишәыжәла ҳәа салҳәон. Лара даныԥсы ауаа ааира иаҟәыҵит, аха нас ҳауацәа сыҳәо иалагеит. Саргьы иҟасҵалар акәхеит. Ашьха сцан иҵхны иаазгеит ахәшә злыҵуа. Убасоуп сшалагаз», - ҳәа лҳәоит Фируза.
Аҭагә ахәшә Фируза ианыҵылхуа амза анҵәамҭаз ауп. Усҟаноуп ашьхарахь данцогьы.

«Аҵиаа напык иҵнахуазароуп. Аҭагә ахәшә злыҵуа х-хкыкны еиԥшны иҟоуп. Ашәҭ акоуп, аха ашҳам злоу рылоуп. Сара сымцар, ахәшә аӡәгьы изаагаӡом, адац сафҩны, акакала ирыцқьо еизызгоит. Аҩны иааназгалак, адгьыл иныҵасҵоит. Ус иаанужьыр ихәшәхаӡом», - дҳацәажәон Фируза.
Ахәшәтәҩы иаҳлырбеит уи ыҵаҵаны иахьлымоу. Анышә ақәыԥсаны, аҵиаа адацқәа дырхылаԥшуеит, имҩарцаз есыуаха аӡы аҵалҭәоит. Аӡә данааилак ахәшә ыҵхны х-литрак зкуа абаллон аҿы еиҵалҵоит. Ауаҩы имоу аҭагә зеиԥшроу еиԥш ахәшә ҟалҵоит. Иара даара имчуп азы аӡыхьшәашәа аҿы еиҵалҵоит, аӡырҟәандаҿы иаразнак ашәах хылоит, иԥхасҭахоит. Ахәшә ԥхасҭамхарцаз архьшәашәага иҭагылазароуп.
Хара ицо рзы ахәшә амҵҟарашь аҿы еиҵалҵоит, аха уигьы анаҩс аӡы шаларҭәаша ралҳәоит. Лара иахьагьы ауаа лзаауеит ахәшә рзыҟалҵарцаз. «Иаауеит аԥсуаа, аурысцәа. Ирыхә­озаап. Ирыхәо Анцәа иҟаҵа!», - ҳәа дныҳәоит Фируза ажәҩан ахь дыԥшуа ҳаиҿцәажәара аамҭазгьы.
Лара илҳәоит еиҳарак иааиуа аҳәса шракәу. Илымоу аԥышәа иабзоураны ауаа зыргәаҟуа анырҳәалак ашьҭахь иаҭаху ахәшә рзыҟалҵоит.
«Сара ақьаадқәа срыхәаԥшыртә еиԥш амедицинатә ҵара сымаӡам, еиҭарҳәо алоуп ирҭаху шеилыскаауа. Изысымҭогьы дыздыруазароуп. Иаҳҳәап, зцәа зтәым аԥҳәыс ахәшә лжәыр ҟалаӡом. Ахимиа ҟазҵахьоугьы ахәшә инаалаӡом», - азгәалҭоит Фируза.
Лара илҳәоит ахәшә ззылҟалҵо рахьынтә ишыҟоу кыршықәса инеиԥынкыланы илзаауа. Ус дыҟоуп аӡәы – жәашықәса Москвантә иаауа.
«Аԥсуа хәшәы анужәуа егьырҭ ахәшәқәа ацужәыр ҟалаӡом, уи адагьы уфатә уахылԥшуазароуп, ахши, арыжәтәи, аԥсуа хәшәи еинаалом. Ахыхәшә ҟалоит, аха имчымзароуп. Ахәшә нагӡаны ижәтәуп, нас ауп анализқәа аҭаны ианеиҿурԥшуа», - еиҭалҳәоит Фируза.
Фируза излалҳәо ала, ахәшә анужәлак ашьҭахь аҭагә иахылаԥшлатәуп. Дацк џьара иааныжьзар ҟалоит. Еснагь угәуҽанызароуп, убри аҟынтә аиҵаҵа шықәсык ахь знык иужәлар бзиоуп. Ҳәарада, лара ахәшә аҟаҵашьа амаӡақәа зегьы аартны илҳәом, избанзар ус иаԥуп, ус ҵасны иамоуп, мап анакәха ахәшә амч ацәыӡуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аҵиаақәа араҟа рыҿиаразы. Аԥсны аԥсабара абеиара иаԥнаҵеит аҭагылазаашьа бзиа. Уи акәхап ауаагьы урҭ аҽыхәшәтәразы рхы изадырхәоз. Аҵарауаҩ Стелла Арышԥҳа лдиссертациатә усумҭа «Аԥсуа жәлар рмедицина. XIX-XX ашәышықәсқәа рзы» аҿы ибзианы иаарԥшуп аҭҵаамҭақәа анымҩаԥылгоз аамҭазы еиқәханы иҟаз аҟазацәа ирдыруаз аԥсуа хәшәқәа. Аԥсны араионқәа зегьы рҿы, шамахамзар, иҟан аԥсуа хәшәқәа рыҟаҵашьа здыруаз ауаа. Урҭ рдыррақәа абиԥарала аҭаацәа рыҩныҵҟа еимырдон. Аб аԥа ииҭон, анхәа – аҭаца. Ус, Аҭара дынхон еицырдыруаз ахәшәтәҩы Баз Маршьан. Иара идыррақәа иашьа иԥа ииҭеит, егьи иҷкәын. Абасала абиԥарақәа ирылганы иааргоит аԥсуа хәшәқәа рымаӡақәа. Аха иҟоуп аҿырԥштәқәа, адыррақәа анеимырымдозгьы. Аимара инхоз аԥсуа хәшәтәҩы Тыкә Џьопуа, зхаҭара бааԥсу ачырақәа ԥиҟон. Стелла Арышԥҳа лусумҭаҿы иҳәоуп, иара 150 инареиҳаны аԥҟарақәа шыҟаиҵахьаз. Иара аҷкәын димамызт аҟынтә идыррақәа аӡәгьы иимҭеит, иӡӷабцәа уи рылшом ҳәа иԥхьаӡеит. Тыкә Џьопуа идыррақәеи аус злаиуаз имаругақәеи иара даныԥсы ашьҭахь анышә иамардеит, иара уасиаҭны ишаанижьхьаз еиԥш. Иара убас адиссертациаҿы иарбоуп аинтерес зцу фактқәа. Ҳәарада, адыррақәа рырҭомызт атәымуаа, урҭ узаахәомызт, аха дыҟан амҳаџьырра иахҟьаны ихҵәаз Сааҭ Кәрыкьба. Иара иқыҭа гәакьа Ешыраҟа даныхынҳә, иҩны бганы иҟан, иргылартә еиԥш аԥарагьы имамызт, убысҟан Сааҭ идыррақәа иҭиит. Жәындәрыԥшь инхоз Кәырмазиаа рыжәлантә иатәыз аӡәы иааихәеит. Урҭ иахьагьы аԥсуа хәшәқәа ҟарҵоит.
Жәлар рмедицина амаӡа аҿыкәыршоуп, уи иаҿу ида аӡәгьы идырыр ахәҭам. Ахәшә аҟаҵашьа х-ҩык иреиҳаны ирдырыр амч ацәыӡуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Абызшәаҭҵааҩы Светлана Начҟьебиаԥҳа лышәҟәы «Аԥсуа бызшәаҿы жәлар рмедицина алексика» захьӡу аҿы аԥсуаа жәлар рмедицина ажәытә аамҭа аахыс аҿиара шамаз атәы азгәалҭоит. Уи дыршаҳаҭуеит археологиатә ԥшаамҭақәа. Иара амедицина аҩаӡарагьы ҳаракын усҟан. Уи азы иҟан аҭахра. Аԥсуаа рыдгьыл рыхьчон жәытәнатә аахыс. Аибашьрақәеи ажәыларақәеи раан рыхәрақәа рӷьатәын, аҿкы чымазарақәа ириааитәын. Ҳәарада, уи аҿы ацхыраара рнаҭон аԥсабара, Аԥсны абеиара.
Ашәҟәаҿы еиҭаҳәоуп аинтерес зҵоу афактқәа. Иаҳҳәап, ахәшәтәыҩцәа аҵиаақәа рыҟәшәара ишазнеиуаз атәы. Иара иаамҭоуп ҳәа иԥхьаӡан амзаҿа ангыло. Ихадан иарбан мшқәоу иалырхуазгьы. Ахәшәтәыҩцәа амш аҭагылазаашьеи аамҭеи ирыцныҟәон, урҭ аҵиаақәа рхәарҭара анырра арҭоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Ахәшә аҟаҵаразы аҵиаа иашьҭалан ианцоз ицәажәаӡомызт, иагьхьаԥшӡомызт. Иахьыҵырхуаз аҭыԥ аҿы аџьыкхыш хәҷык нкарыԥсон, уи ала ахәшәԥса аанрыжьуан, «Адгьыл –Аҳкәажә, быхә баҳҭеит» рҳәон гәаныла. Наҷҟьебиаԥҳа лусумҭаҿы иҳәоуп, ахәшә аҟаҵараан зегьы реиҳа рхы иадырхәоз аҵиаақәа ишыруаку ахәырбӷьыц. Иара жәытә аамҭа аахыс аҭәа змоу ахәрақәа ирықәырҵон, аџьаӷь, аҵысха, ахҭәасаарақәа. Иара ахьыӡ ахаҭагьы иаҳәоит уи ахәшә злоу шҵиаау.
Аҵарауаа русумҭақәа рҿы иҳәоуп, Аԥсны ишыҟаз абаҩԥҵәара, аҭԥара, ахҟәыҿра уҳәа рыхәшәқәа здыруаз ахәшәтәыҩцәа бзиақәа, аҵыс ашьапы ԥҵәар – иеиԥишьуеит ззырҳәоз. Ус еиԥш иҟаз Лыхны инхоз Антон Ԥлиа ихьӡ еицырдыруан. Аҽыхәшәтәразы Урыстәылантәи изаалон ашьапылампыл асыҩцәа.

Сара сандугьы Нуниа Кьылԥҳа-Жьиба аԥсуа хәшәқәа ҟазҵоз дыруаӡәкуп. Схәыҷны исгәалашәоит Мгәыӡырхәа ҳаҩнаҭа лассы-лассы ишаҭаауаз еиуеиԥшым ачымазарақәа идыргәаҟуаз. Лара абылра ахәшә ҟалҵон, ахәда хәшәы, акәырҵыхь ахәшә, ашьапы ахәахәара, ацәым ахәшә, иара убас илдыруан алаԥш аҟынтә аҭәҳәақәа. Изныкымкәа схаҭагьы ҭсыҭәҳәахьан. Маӡала илҳәоз аҭәҳәа ашьҭахь, ашылеи аӷьыкхыши злаҳәаз ақьаад хы­нтә исыкәаршаны, хазы дзыҭәҳәоз аӡы слыржәуан, нас ҿымҭ дцаны ақьаад лбылуан. Уи нахыс абарҵаҿы даатәон. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь аҿырҳасра далагон, лылақәа ҟаԥшьӡа, ицәаакӡа иааҟалон.
Ачымазарақәа рыхәшәтәраан лассы-лассы аҭәҳәақәагьы ҟарҵон. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы ҳара ҳҟынӡа иааӡеит.
Фируза Цәеиԥҳагьы адоу анылхәышәтәуа аҭәҳәагьы ҟалҵоит. Ауаҩы илҵуа адоу зеиԥшроу еиԥш ианаало ахәшә ҟалҵоит. «Цырак улҵзар, уи ҷкәыноуп, иӡӷабзар - быжьцырак улнамхыр залшом», – азгәалҭоит лара. Адоу ахәшә злаҟарҵо даара ахахә ылызхуа ҵиаауп.
«Адоу ахәшә злысхуа дацуп. Зны аҭәҳәа ҟасҵоит адоу ахаҭа ахьалҵыз аҭыԥ аҿы, нас адац ҟәаҟәаны ахәшә ақәысҵоит. Уи адагьы арыжәтәгьы исҭоит ауаҩы, иҩнуҵҟа аҭәа иӷрамларцаз (иџьбароу ахәшә ижәуеит). Амедицина аганахьала иԥырҟоит, аԥсуа хәшәы акәзар, ианақәуҵалак ашьҭахь инамҵаԥсны иакуеит, аҷабга еиԥш. Хынтә-ԥшьынтә ианақәуҵалак ашьҭахь, агәыцә ааҭнагоит», - еиҭалҳәоит Фируза.
Фируза лхаҭагьы аԥсуа хәшәы лжәуеит. Уи лыԥшәма илзыҟаиҵоит, лхала иҵхны иҟалҵар, лара лзы ихәарҭахом азы. «Амашьаныла амашәыр санақәшәа нахыс чырак сылҵит, ахәшә анызжәлак ицоит». Сара урҭ ахәшәқәа рыгәра згоит, сдыррақәа сыԥҳаиҳабы лнапы ианысҵоит», – лҳәоит Фируза.
Абасала, ари аҭаацәараҿы аԥсуа хәшәы аҟаҵаразы адыррақәа еимырдарц ргәы иҭоуп изызҳауа ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы. Иахьатәи аамҭа иақәшәо амедицинеи жәлар рмедицинеи еинааланы еицааиуеит, актәи иаҳа-иаҳа иҿиоит, аҩбатәи акәзар, имырӡкәа, ажәытәра иагәылган иааргоит.

Альбина Жьиба    

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me