Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыҩны блыз ирыцхраауеит

Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны, – Аԥсныпресс ахь Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи адырра ҟалеит.


Абылра ҟалеит Тҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан. Амцарцәаҩцәа ашьыжь, асааҭ 8:15 рзы адырра шроузҵәҟьа абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит. Амца акит ҩ-еихагылакны иҟаз ахатәы ҩны. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиуаз аамҭазы аҩны зегьы амца иамҽханакхьан». Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны шьаҭанкыла иблит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.
«Заанаҵтәи адыррақәа рыла, атрансформатор ааигәара ицоз звольтҳараку афымцамҩангага аҩныҟа инагаз афымцацәаҳәақәа рыҩаӡара аҟынӡа илаҟәит. Уажәы амцакра зыхҟьаз аилкааразы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит», - ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Тҟәарчал араион абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Денис Кәыҵниа.

Хәажәкырамза 18, ашьыжь Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит, ҳәа «Аԥсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо, иҳәеит атәыла Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба. Уи иажәақәа рыла, еишьашәалоу амаҵзурақәа иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.
«Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥыза-министри иахәҭоу анапынҵақәа ҟарҵеит абылра иақәшәаз аҭаацәа ацхыраара рыҭазарц азы. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, урҭ иблыз аҩны аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҩны аиҭашьақәыргылара ҟало-иҟамло еилыркаауеит, апроект-харџьынҵатә қьаадқәа еиқәдыршәоит.
Ихымԥадатәиу аусшәҟәқәеи ашәҟәынҵақәеи зегьы реиқәыршәара ашьҭахь, ари аус азы аӡбамҭақәа рыдыркылараны иҟоуп», – иҳәеит Џьансыхә Нанба. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ а-Telegram-каналқәак рҿы ицәырҵыз аҩны абылра зыхҟьаз аинформациа мцыркуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Звольт ҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҩны иахьақәҳаз азы иблит ҳәа иҟоу аинформациа ҵабыргӡам. Афымцацәаҳәа еибгоуп. Абылра зыхҟьаз, насгьы иҟалаз-шыҟалаз атәы аспециалистцәа хымԥада еилыркаауеит», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me