Занацәа ыҟаз уи ахьаа ҳаблит, ҳаццышә ауп иаанхаз. Схы, сгәы азҵаара асҭоит. Сыҷкәын Даур иҩызцәеи иареи абаҟоу?! Имбара, ихьаагара ҩнуҵҟала сабылуеит, исықәыӷәӷәоит…» – арҭ ажәақәа лҳәамҭоуп Гәылариа – Сыҷынаа Зита Кәасҭа-иԥҳа.
Зхы-знапы аҵаргәаны итәаз илызнымкылоз лылаӷырӡқәа рыцқьо, иҭахаз ҳаибашьцәа, рпатреҭқәа аӡ́әаӡәала игәалҭон. Лхы-лҿы ччаԥшьк анубааломызт. Лгәаҵантә иаауаз агәырҩа лыбла ихубаалон. Дынхон лара аԥсуа қыҭа ԥшӡа Уаҭҳара. Аԥсны аибашьра иалагаанӡа лыԥшәма Коҵиа Сыҷынааи лареи еивгаланы аколнхараҿы аус руан.
Гәылариа – Сыҷынаа Зита Кәасҭа-иԥҳа ақыҭаҿы анхацәа аԥхьагылацәа дреиуан. Уи дыршаҳаҭуеит аҳаҭыртә дыргақәеи «Аџьа аветеран» ҳ́әа илымоу амедали. Сыҷынаа Коҵиеи Зитеи ԥшьҩык ахшара еицырааӡеит: Рафик, Даур, Асҭамыр, Гәыльнара, Зита шьҭрала Аҷандаратәын. Аҭаацәара ду аҟны дызҳаит. Лан Лакрба Шьушьа лашьазаҵә 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьт́әылатә еибашьра Дуӡӡа аан дҭахеит. Зита лаб иашьцәагьы уи аибашьра иалаӡит.
– Ҳан ашәы шылшәыз наӡаӡа схаҿы даанхеит. Уи еснагь лыблақәа ҟаԥшьын, еснагь лашьазаҵә ихьаагара лыцын. Аха лгәырҩа даиааины ҳалгәыҵакны ҳлааӡеит, –лҳәеит Зита. 1992 ш. нанҳәамза 14 рзы Аԥсны аибашьра ианалагаз Зита лыԥшәма Сыҷынаа Коҵиа ачымазара бааԥсы ихьуан. Уи аҽны ақыҭаҿы иахьеиланхоз ацуныҳәа рыман. Даур ида ҭаацәала аныҳ́әарахь инеит. Даур иаб игәараҭа ашәыр рацәаны ирыман. Адлерҟа еизакны иҭиразы игеит. Уаҟа аибашьра ишалагаз иаҳаит. Иара иаб иашьа уаҟа инхоз, Ԥсоу аҳәаа ахыҵра азин иимҭеит. Усҟан Гагра ақырҭцәа рнапаҵаҟа иҟан. Сыҷынаа Даур Ш́әачантә аӷбақәа Гәдоуҭаҟа иааргоз ацхырааратә акциа далахәын. Уаҟа аӷбақәа аидарақәа раагареи рықәҵареи дрылахәын. Уахгьы-ҽынгьы Шәачатәи абаӷәазаҿы дыҟан. Гагра ахы ишақәиҭыртәыз еиԥш Даур Аԥсныҟа дааит. Дшааизҵәҟьа иҭаацәа иҽындирбан, иашьа Рафик дахьеибашьуаз ахырхарҭахь данцоз ичмазаҩны ииаз иаб идтәалаз иашьеиҵбы Асҭамыр ус иеиҳәеит:
– Ҳаби ҳани унапы иануп. Урҭ урхылаԥш, ҳара Аиааира ҳаманы ҳхынҳәуеит.
Даур далан Витали Смыр напхгара зиҭоз акоманда. Иара уамак имцәажәоз, иҭынчыз, аха гәыла иӷәӷәаз арԥысын.
1993 ш. ианвар 5 рзы ажәылара далахәын. Уа дызлаԥшыз акыраамҭа ихашҭӡомызт. Иааигәахон хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара. Ицеибашьуаз иашьа Рафик, Даур ус иеиҳәеит: «Уажәы сара соуп амҩа зҭатәу, уара уахьӡоит, иҵегьы аибашьра». Иашьа имҩа имакны ашҭа дынҭыҵит. 10-ҩык аибашьцәа Оҭҳараа рқыҭа ааныжьны хьыӡрацара ицо реиԥш, аџьџьаҳәа амҩаду иныбжьалеит. 1993 ш. хәажәкырамза жәиԥшь аҽн́ы рҭаацәарақәеи рашҭақәеи ааныжьны аԥсадгьыл аиқәырхаразы, аҳҭны-қалақь аҭарцәразы амҩа иқәлеит…
Зыхшара еибашьра ицаз анацәа, абацәа аиҳәшьцәа иҳаҳарызеишь ҳәа агәашәахь иԥшуан. Ичмазаҩны ишьҭаз Даур иаб Коҵиа изымчҳауаз ахьаа аҟынтә знык-ҩынтә иӷзбжьы аҩны иныҩныҩуан. Ҩныҵҟала абылра иаҿыз Даур иан Зита лызхара акҿаҩраҿы дҵәыуаны лчымазаҩ иахь дхынҳәуан.
Уаҭҳараа 10-ҩык ицаз аӡәгьы дыхнымҳәӡеит. Зԥацәа хнымҳә́ыз аҩнаҭақәа рҿы ауа-агәыцхәы еизон… Сыҷынаа Даур дышҭахаҵәҟьаз аибашьцәа аӡәгьы имбеит. Зыԥсы зманы ихынҳәыз аибашьцәа аӡәаӡәала ирыҿцәажәеит. Џьоукы шьхала дцеит рҳәеит, даҽа џьоукы Аҟәа далахеит рҳәеит… Даур ихабар ыҟамызт. Ҳаибашьцәа аҳҭнықалақь анҭадырцәы, Даур иаб Коҵиа иҷкәынцәа аашьҭыхны Аҟәаҟа дцеит. Ахьаа ӷәӷәа шимазгьы, ихаԥыцқәа еихарыӷәӷәо џьара ихабарк шԥасзеилымкаари ҳәа. Ихабарқәа злеилыркааз ала, араион ҿыц аҟны дыхәны дышьҭан. Ақалақь иалаханы иҟаз аурыс ԥҳәыс илдыруа шырацәоу раҳәаны уахь идәықәырҵеит. Араион ҿыц уахьналало быжьбаны еихагылоу аҩнаҿы, уи аԥҳәыс дрыԥшааит. Ицәырылгеит лқьаадқәа, хьыӡҳәала ишыргәаламшәо ралҳәеит, рыхьӡқәеи рыжәлақәеи знылҵоз ашәҟәы хәыҷы цәырылгеит. Даԥхьо дышнеиуаз Сыҷынаа Даур ҳәа иахьаныз илаԥш адхалеит. Даур идҳәалаз илдыруаз зегьы ралҳәеит.
– Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараан Аҟәа имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы шьаарҵәыран. Урҭ ргәаларшәара уадаҩуп. Ҳара абыжьбатәи аихагылаҿы араион ҿыц аҟны ҳанхон. Сыҷкәыни сареи ҳуадақәа ҳрыҩнатәан. Аԥенџьыр аҟынтә имҩаԥысуаз ҳбарҭан. Ҳаҩны ааигәара иҭахази ихәызи рацәаҩны ишьҭан… Аӡәы ҩымш инареиҳаны дҳәазон, уи аибашьҩы ирласны дызцомызт, иӷәӷәаны дхәын. Ацхыраара иҭахын, аха иааигәа аӡәы днеир аԥенџьыр аҟынтә ацәгьаҳәацәа икылԥшуаз рус ҟарҵон. Ақырҭуа гвардиа иалаз анааилак ацхыраара ҟазҵоз иргәыдҵаны иршьуан. Ҩымш сыҷкәынгьы саргьы, ихәны ишьҭаз ҳзимыцхыраауа, ҳгәаҟуа ҳихәаԥшуан. Сыҷкәын ачаагара дцошәа, дылбааны дивсны дцарц иӡбеит. Ача иманы иԥштәы ихаӡамкәа дыҩхалеит. Хыхь ишәу абамба палта аҟны рахәыц иаҵәала ихьӡи ижәлеи дуны иануп. Усҟан исеиҳәаз Сыҷынаа Даур ҳәа араҟа ианысҵеит. Ҩымш анааҵ ақырҭцәа ақалақь амашьына ду иаартыз рыманы иалалеит. Ихәызгьы, ишьызгьы, зыԥсы ҭазгьы зегьы ыршәны амашьына иақәрыжьуан. Даургьы уи амашьына дақәырҵеит. Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы аҷаԥшьаҩыс иҟаз иҟны шәнеир, асиагьы имоуп, ишәиҭоит, – лҳәеит.
Зита излеиҭалҳәаз ала, уа иахьынхоз зықәрахь инеихьаз ахаҵа асиа цәыригеит. Уаҟа 256-ҩык анын. Рхыԥхьаӡараҿы Даургьы дыҟан. Ахәышәтәырҭаҿы аус зуаз ахаҵа иреиҳәеит:
– Адгьыл аныржуаз ашьҭахь, ажра дуӡӡа ҟарҵеит. Зыԥсы ҭазгьы иҭамызгьы зегьы еилакны анышә рықәрыԥсеит, ҳәа лыбжьы қыџь-қыџьуа дцәажәон ан рыцҳа Зита Кәасҭа-иԥҳа.
Сыҷынаа Даур Коҵиа-иԥа иҭаацәа аҩныҟа амҩа иқәлеит. Рыбжьы мыргаӡакәан зегьы еицҵәыуон. Зыгәра агара уадаҩыз, ирымаз агәыӷрагьы рымпыҵӡааит. Зҵәыуара аанызкылаз, ҳҭынчра еилазгаз Коҵиа иажәақәа роуп:
– Сара схьаа сзычҳауам, сықьуеит, сӷызуеит… Даур иҩызцәеи иареи ирхыргазеи?
Ашьҭахь аиашьаратә нышәынҭра ҳәа зыхьӡырҵаз, ҳаибашьцәа зегьы еилажьны 1993 ш. абҵарамза фба рзы иржыз рыҵхра иалагеит.
– Уи алаԥшреи абареи ахгара цәгьахеит, – лҳәеит Даур иан Зита. Ичмазаҩыз Сыҷынаа Коҵиа иҷкәын ибаҩ анырԥшаа ашьҭахь хара дзымнеит, иԥсҭазаара далҵит.
Сыҷынаа Даур Коҵиа-иԥа зызхара аԥсҭазаара ззымбаз, аҭаацәара аԥҵара иахьымӡаз еибашьҩын. Иан зыбжьы еиҵыхны имцәажәоз, зхы-зҿы гәырҩала иҭәыз лхьаақәа ируакын хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз Уаҭҳараа жәаҩык ирызку инеиҵыху дырраҭарак ахьеиҿкаам.
Гылариа-Сыҷынаа Зита дгәаҟуа, лыҷкәын дхьаалго даналагалак, угәы ҵызблаауа ашәҟәқәа изылҩуан. Урҭ илымаз рацәан. Даныҩуаз лқьаадқәа ирықәҭәоз лылаӷырӡ ала «ишәуп» ажәақәа. Иахьа лашҭа ахәыҷқәа рышьҭыбжь ҭыҩуеит. Афырхаҵа инышәынҭра аҟынтә «ихы-иҿы ихаччо» иашҭа дҭаԥшуеит. Зуаз ажәақәа зҳәаз, ианызҵаз Гәылариа-Сыҷынаа Зита Кәасҭа-иԥҳа лыԥсы илзалымхуаз, еснагь инышәнап ахьыҟаз абаҳчаҿы шәҭыла иҭалаҳаны иҟалҵеит. Лгәы аҵаӷара иадыз лыҷкәын анышә дамадоуп, хашҭрагьы иқәым.
Гугуца Џьыкырба