Дунеихәаԥшрала изааигәан

Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан ииз, иааӡаз Рустем Сергеи-иԥа Цәышба иахьа иуаажәлар дрылагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Рустем Цәышба далгеит Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет агеографиатә факультет.

Аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Зныкымкәа, ҩынтәымкәа Абӷархықә ақыҭан археологиатә експедициақәа дрылахәын. Агәырҵҟәыл бзиа змаз иакәны дыршьон.
Аԥсуа традициақәа аҳра ахьыруаз аҭаацәараҿы изызҳаз Русҭем даныҩеидас инаркны иԥсадгьыл абзиабара есааира иааԥшуан, уи ицәеижьы иалан, ԥсабарала ицын. Ижәлар ржәытә-рҿатә еснагь дазҿлымҳан. Иаб Сергеи иакәзар, Гә́доуҭа араион аҟны мацара акәымкәа, ихьӡ Аԥсны ирдыруан, избанзар ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан, жәлар реизарақәа дрылахәын. Уи мацарагьы акәымкәа, зехьынџьара дықәгылон, аҟәыӷара згымыз аԥсуа хаҵа ицәажәара еснагь гәахәарала ирыдыркылон. Ишырҳәо еиԥш, иажәа раӡан, еиҿкаан, ахҭа иҭаиршәуан. Игәаанагара иазыӡырҩуаз ргәы шьҭнахуан, ажәлар ринтересқәа дырзықәԥаҩын. Рустем ихаҭагьы даҽакала дзыҟаларымызт, амилаҭтә интересқәа рыхьчаҩцәа рықәԥара дунеихәаԥшрала изааигәан. Аԥсадгьыл ахьчара анаҭаххагьы аган давамгылеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Хәыхәыт Бганба ҳаиҿцәажәарақәа руак аан игәалаиршәон: «Аԥсны аҩнуҵҟатәи ар рполк аштаб аҟны днеит (1992 ш. февраль) Рустем Цәышба, архәҭахь дрыдыркыларцгьы дрыҳәеит. Сара усҟан авзвод акомандирс сыҟан. Уа ҳаиқәшәеит. Иареи сареи иреиҳау аҵараиурҭа ҳаицҭан, аиҩызара бзиа ҳабжьан. Март мза азы 75-ҩык ҳаицны Аԥсны Мрагыларатәи аҳәаахь ҳцеит – Егры ахырӷәӷәарҭа ҟаҳҵеит. Уа дҳацын Аԥсадгьыл апатриот Рустем Цәышба. Аҭагылазаашьа уадаҩнаҵ ҳҭыԥаҿы ҳгылан, ҳуалԥшьа наҳагӡон. Еиҳа ианҭынчраха еицыз ҳхыԥхьаӡарагь еиҵахеит. Аҵыхәтәанынӡа иҟаз 20-ҩык дҳалан Рустемгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь изаамҭаны арра инарԥхьаз аҷкәынцәа анаа арезерв аҿы иҟаз аурыжьит, ианаҭаххо аамҭаз ишнарԥхьо раҳәаны. Оумашәа Аԥсадгьыл абзиабара злаз Абӷархықәтәи аҷкәын Рустем Цәышба ишиҭахымыз аҩныҟа дхынҳәит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылара амш Аҟәа, Ареспубликатә стадион аҟны азгәаҭараан ҳаҟан, аибашьраҿ иҭахаз Резо Гогиеи сареи ҳаицын. Убра ҳаибабеит Рустеми сареи. «Сара сзынужьи, ҿыц аиҿкаара ҳалагазар иуасҳәоит ҳәа соумҳәахьаз?» – ҿааиҭит Русҭем игәы намӡо. Иҟалаз уи ауп, Охәреи саангылан агарнизон аиҿкаара ҳаҿын Леонид Наҷҟьебиеи сареи. Аԥхьа Кындыӷааи Тамшьааи рыҷкәынцәа наҳԥхьеит, нас – егьырҭ ақыҭақәа рҟынтә. Ари аӡбахә Рустем иаҳахьазаарын. Саргьы снеиуеит ҳәа сеиҳәеит. «Мап, уаҭахӡам, агарнизон аҟны иҟоу ааигәатәи ақыҭақәа рҟнытә ауп, Абӷархықәнтәи уалхәхәа умаар амуа иҟам» ҳәа иасҳәеит аҭакс. Аха имукәа, иаарласны Охәреи днеит. Иҩыза Ақаҩба ҷкәынак дицны, убри нахыс уа дыҟан. Рустем иҵегь иидыруаз аҷкәынцәа ыҟан, иҵегьы аҩызцәа ирҳаит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны еилаҵәеит». Абас аҩыза дигәалаиршәон Хәыхәыт Бӷажәба.
1992 ш. август 14 азы Рустем Охәреи агарнизон аҿы дыҟан. Аибашьра анҵысы Резо Гогиа напхгара зиҭоз Рустем дназлаз агәыԥ Тҟәарчалҟа ицо амҩа абжьаларҭанӡа иааскьаны ақырҭуа еибашьцәа ааха рырҭеит. Араҟа Рустем ишьапы ахы ақәшәеит, агәыԥ аиҳабы Резо Гогиа фырхаҵарыла дҭахеит.
Хымш заҵәык ракәын Рустем ахәы­шәтәырҭаҿ данышьҭаз, ихәра аӷьаха амраӡакәа, илаба иҽанҵаны Охәреи агарнизон аҟны иҟаз аҷкәынцәа рыла Леонид Наҷҟьебиа еиҿикааз апартизанцәа ргәыԥ далалеит. Агәыԥ Ҷлоу иҟан. Арасаӡыхьааи Кындыӷааи рыла еиҿкааз агәыԥ ахь инеиуа иалагеит Ҷлоу, Ҭхьына, Гәыԥ уҳәа ақыҭақәа рҟынтәи. Агәыԥ иахьӡырҵеит «Ашьауҩы». Рустем агәыԥ аҟны дыҟан, Аимаратәи анхаҩы Баграт Хаҳәбиа дихәышәтәуан аԥсуа хәшәқәа рыла, иаарласынгьы ишьапы дықәгылеит.

Рустем Цәышба дызлаз агәыԥ раԥхьа Мықәтәи ачаи фабрика ахьыҟаз азааигәара итәан, анаҩсан Кындыӷҟа ииасит. Лассы-лассы ацентртә мҩаду ахь икылсны Аҟәаҟа ицоз аӷа иеибашьыга техникеи аршьаҟауааи ааха рырҭон Кындӷтәи апартизанцәа ргәыԥқәеи дареи рҽеимаданы. Ҭамаз Гогиа напхгара зиҭоз агәыԥ ақыҭа партизанцәа рыцхырааразы инеиуан Тамшь иҟаз апартизанцәа ргәыԥ «Катран» иалазгьы.
Рустем еснагь аԥхьа игылаз дреиуан. Уи иҭаирхахьан аршьаҟауаа реибашьыга машьына (БМП), аибашьцәа зҭаз акымкәа-ҩбамкәа амашьынақәа.
Аӷацәа реибашьыга техника еишьҭаланы Аҟәаҟа амҩа иқәын, рымчқәа дырӷәӷәон.
1992 ш. сентиабр 27 рзы Кындыӷ ақыҭа апартизанцәа адҵа роуит амҩаду иазкылсны аӷа итехника аԥжәаразы. Заа излашьақәыргылаз ала, досу инапынҵақәа идыруан, адҵа анагӡара идәықәлеит. Кындыӷаа ирыцхраарц инеиз Арасаӡыхьаа ргәыԥ аҟнытә Гарик Ҳаџьымба амҩаду аҿықә дазааигәаны дтәан. Апартизанцәа ргәыԥ аиҳабы Ҭамаз Гогиа,аԥшыхәҩы Реваз Ҵурҵумиа, ацхыраараз инеиз ирылаз Абӷархықәтәи арԥыс Рустем Цәышба, насгьы Аслан Камкиа уҳәа адҵа анагӡара знапы ианыз ашкол аладахьала ақыҭа иалсуа амҩаду акәша-мыкәша досу рҭыԥқәа аа-ныркылеит.
Асааҭ ԥшьба азынӡа иԥшын, ҭынчран, аӡәгьы дыҟамызт, атехника аауамызт, аха аршьаҟауаа зҭаз амашьынақәагьы ыҟамызт. Аҵх акыр инаскьеит. Ҭынчран. Ҭамаз Гогиа игәыԥ рышьҭахьҟа инаскьеит. Егьырҭ аҷкәынцәагьы хьаҵырц рабжьган. Аха убри аамҭазы иаацәырҵит амашьына «Уаз». Ианааигәаха Г. Ҳаџьымба уи иақәкны дхысит, егьырҭгьы амца ажәырҵеит, амашьына иҭатәаз ҭахеит, аха руаӡәк иԥсы иманы аҭыҵра дахьӡазаарын, хыԥсаҟьагала ахысра далагеит. Ҳаибашьцәа уи иазыԥшымызт. Абраҟа Рустем Цәышба ахы иқәшәеит.

Асааҭ хәба инархысхьан. Аҵх ашарккара иалагахьан. Рустем дыхәны дахьышьҭаз неишьа амамызт. Аӷа дышхысыц дхысуан,ахәра зауз иалгараз инаишьҭуамызт. Аслан Камкиеи Реваз Ҵурҵумиеи аԥхьаҟа, Рустем иахь инаскьарц рыӡбеит, зҽыԥхьакны итәаз рҩызцәа ирыхь­чон. Зуаҭәа хәыз Рустем аиҿахысра далыргеит, аха ашьа рацәаны ицәцахьан, дшьабон. Иаарласны ацхыраара илҭеит ааигәа иҟаз аме-диаҳәшьа Наира Гамгиаԥҳа, нас Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭахь дыргеит.
Адҵа анагӡараҿы иҟаз апартизанцәа хьамҵит. Аиҿахысраан ахәра ӷәӷәа зауз аӷа ицхраарц иааз амашьына ласы «Москвич» иҭатәаз аибашьцәа рыгәҭакы иахьымыгӡакәа иҭадырхеит. Ахысыбжьқәа заҳахьаз Аҟәа аганахьала аӷацәа рыршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа ҩба Ҷашьа аӡиас ацҳаҿ ианааи ахысра иалагеит. Ҳпартизанцәа хьамҵыр амуит, аха рыдҵа нарыгӡахьан.
Хаара имгакәа Тҟәарчалынтәи ироуз адырра даара рылахь еиқәнаҵеит. Ахәышәтәырҭаҿы даннарга иаарласны иԥсҭазаара далҵит Абӷархықәтәи афырхаҵа Рустем Цәышба.
Иахьа гәадурала иргәаладыршәоит Рустем дахьеибашьуаз ақыҭақәа Тамшь, Лабра, Мықә, Беслахә, Кындыӷ, Аҭара, Аӡҩыбжьа уҳәа рҟны Аԥсадгьыл ахьчараан иааирԥшыз агәымшәара. 1995ш. азы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Иусԥҟала «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан. Хашҭра иқәымзааит жәлар рҵеи лаша.

 

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me