Аиааира Ду - 79 шықәса

09 Лаҵара 2024 17:03
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 79 шықәса ахыҵра инамаданы, иахьа маи 9 рзы Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа. Аныҳәатә митинг аҟны ажәахә зманы иқәгылаз Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира агараҿы Аԥсны…

Аԥҳәызба гәымшәа

09 Лаҵара 2024 07:08
Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵит. Ашықәсқәа цацԥхьаӡа еиҳа-е­иҳа иаҳцәыӡуеит ҳветеранцәа.
Ҳҭаацәара ҳаҭыр дула иаҳзыҟоу, акыршықәса рҵаҩыс, иара убас Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол аҟны аҵара аҟәша аиҳабыс аус зухьоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо ауаҩ ҟәыш Иура Бигәаа ааигәа аҭел дысзасит: «Бызбар сҭахын, аусура бҟалозар» – ҳәа.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит ААР апрезидиум алахәылацәа реилатәара. Амшхәаԥштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа хԥеи, еиуеиԥшым ахь иаҵанакуаз даҽа зҵаараки.
Аԥсны акультуратә хәышҭаарақәа ирхадароу И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы есышықәса имҩаԥысуеит «абиблиоҵхы» зыхьӡу акультуратә усмҩаԥгатә. Уи хацыркын 2017 шықәсазы.Ари аусмҩаԥгатә ашҟа иааиуеит Аԥсны ахи-аҵыхәеи зегьы рҟнытә ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арҿиаратә гәыԥқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me