Аԥсуа бызшәа аҵаразы

15 Лаҵара 2024 11:35
Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абызшәатә политиказы Аусбарҭа аԥшьгарала Х.Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи аԥсуа школ №1 аҟны иаартын аԥсуа бызшәа аҵаразы аекспресс курсқәа.

Аҿар ираамҭоуп

15 Лаҵара 2024 10:55
Руслан Амҷба аҵара иҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет ахԥатәи акурс аҿы. Иара дсахьаҭыхҩуп, дрызҿлымҳауп аграфикеи аҿыханҵеи.
Иааит ашколхәыҷқәа ззыԥшыз аамҭа. Шьоукы рзы аԥсшьара мшқәа ираамҭоуп, аушьҭымҭацәа рзы иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп рышколқәеи рырҵаҩцәеи ахьаанрыжьуа.
Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥ­хьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Влади­слав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 79 шықәса.
Еицырдыруа аԥсуа хореограф Кандид Ҭарба иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 80 шықәса. Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" шықәсы рацәала напхгаҩыс иҟаз Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба диит 1944 шықәса, маи13 рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруаз ахореограф, асцена зырцәажәоз акәашаҩ иԥсҭазаара зегьы азикит аԥсуа культура. Кандид Ҭарба иԥсеиԥш бзиа иибоз изанааҭ ашҟа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me