«Анцәа бзиала иаҳзырша»

26 Хәажәкыр 2024 10:32
Уа, зегь ириааиуа ҳәа хаҵа дыҟаӡам,Досу ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.Уа иаҳхылаԥшуа, уара лахь сумҭан,Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсуа Таиф Аџьба
Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит «Аиҳабыратә сааҭ» зыхьӡыз аилатәара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, абас еиҧш есымза Аҧсны Жәлар Реизарахь ишаарыҧхьало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аминистрцәа. Урҭ гәаартылатәи аилацәажәара шымҩаҧыргало ажурналистцәа аалархәны. Раҧхьаӡатәи «Аиҳабыратә сааҭ» аилатәарахьы дааҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, насгьы уи актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны аҵаразы азакәан…
Жәлар рмедицина жәлар рҟазара, рдоуҳатә культура иахәҭакуп. Жәлар рмедицина ҳазхьаԥшуазар, иахьа уажәраанӡагьы ари ахырхарҭа актуалра алоуп Аԥсны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит. Адышшылараҟны иҳәоуп: «Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Москва амҵан иҟалаз агыгшәыгратә теракт иахҟьаны хара змамыз ауаа рҭахара Гәӷәала ҳақәыӡбоит ацәгьоуцәа иргәаӷьыз ахлымӡаах. Сара агәра згоит ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура аҿагылара шҳалшо, ахара зду изыхәҭоу ишақәыршәахо. Аԥсны жәлар урыстәылатәи ажәлар рхьаа рыцеиҩыршоит, ирыцгәырҩоит. Атеракт…
Хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, гәыԥҩык бџьарла еибыҭаз ауаа Москва ақалақь, убри аамҭазы агәыԥ «Пикник» аконцерт алагараны иахьыҟаз аконцерттә зал ду «Крокус Сити Холл» иақәлеит. Идырым шьоукы «Крокус Сити Холл» аҿы ахысра иалагеит. Владимир Путин атеракт шыҟалазҵәҟьа иаразнак ахҭыс азы адырра ирҭеит. Иара иааиԥмырҟьаӡакәа еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҟынтәи адыррақәа иоуеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Урыстәыла Аусеилыргаратә Комитет…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me