Иахьатәи аамҭаз аԥсуаа рыбзараҿы рхы иадмырхәо ируакуп ауардын. Уи ҟазҵо иԥшаара шыуадаҩхоз здыруан, аха схәыҷра ашықәсқәа раан саб иашьа ауардын ацәқәа аҵакны, ҳақәыртәаны амхы аҭагалара ҳанигоз аасгәалашәацыԥхьаӡа, еиҳагьы сҽазҵәылхны уи сашьҭалон.

Зыхьӡ еицамкуа Сариа

21 Лаҵара 2024 09:22
«Ауаҩы ажәытәра дшазыҟоу еиԥш ауп икультурагьы шаҳараку», – иҩуан А.С.Пушкин. Ажәлари аҳәынҭқарреи ажәытәра ишазыҟоу, рфырхацәа ахьынӡаҳараркуа ала иубоит иахьынӡаҵаулоу, рԥеиԥш зеиԥшхараны иҟоу.
Лаҵарамза 8 рзы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Владимир Аршба иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. «Аԥсны жәлар рзы, Арбџьар Мчқәа рыруаа рзы ари гәалашәаратә рыцхәуп.
Иналукааша аҧсуа актиор, арежиссиор, ашәҟәыҩҩы, адраматург Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 110 ш. ҵит.Шәарах Абзагә-иҧа Ԥачалиа диит (20.05.1914) иахьатәи Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 2000 ш. ноиабр азы).
Маи 17 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит абугенвелиақәа рфестиваль. Абугенвелиа ари шәҭы хкуп,ааԥын инаркны аӡынынӡа ишәҭуеит. Иара аҳҭны қалақь аҟны ана-ара иуԥылоит аҩнқәа рзааигәара.Абар уажәшьҭа фы-шықәса ҵуеит Ольга Пракопова ашәҭ ааӡара лнапы алакуижьҭеи, уи ааӡараҿы длыцхраауеит лыԥшәма. Лара азҿлымҳара алҭоит еиҳараӡак ауадаҿ ирааӡо ашәҭқәа, лымкаала абугенвелиақәа дрызнеиуеит. Ԥшшәы рацәала зыԥшӡара ухнахуа абугенвелиақәа рыбла хыркуан аҭааҩцәа. Ааӡаҩ Ольга лажәақәа рыла,ари…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me