Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Зҭоурыхи зхылҵшьҭреи аӡәыку, агәырҕьареи алахьеиқәреи еицеиҩызшо, ашәышықәсақәа раҧхьа жәларыкны иҟаз, аха аамҭа аҳәаа зыбжьанаҵаз ҳауп аҧсуааи шьханхыҵ инхо абазақәеи.
Август 8 азы Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аахыҵ-Уаԥстәыла иаҿагыланы Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Аҧсадгьыл даҽакы иазыҧсахуам. Ҳазну «аглобализациа аамҭа» зыхьӡхаз ашәышықәса аан, ҳажәлар рхеиқәырхара ахьалшо ҳаҧсадгьыл аҟны шакәу зегьы ибзиаӡаны иҳаилкаарҭазароуп.
Август 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра ианалагаз инаркны 15 шықәса ҵит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра». 2008 шықәса август 8 ауха икахха ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара. Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа…

Шьаҿак ҧхьаҟа

03 Нанҳәа 2023
Ааигәа Гал иаадыртит ауааҧ­сыра аурыс бызшәа ахьыддырҵо аҵаратә центр. Апроект хацнаркит Урыстәыла аҵара аминистрра Аҧсны аҵара аминистрра адгыларала.

IT-акласс аартра

03 Нанҳәа 2023
Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аҟны иаадыртит IT-акласс. Уи аусура иаларгахеит, ари ашкол аушьҭымҭа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ицхыраарала. IT-акласс ахьыҟоу ауада иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәоуп, уи 20 ҭыҧ амоуп. Аҵаҩцәа апрограммаҟаҵара, адизаин, акомпиутертә графика зларҵаша аноутбукқәа рзықәгылоуп.
Аҟәа Аҳабла Ҿыц аҟны даараӡа рхыҧхьаӡара рацәоуп алаҟьалақәа. Урҭ еиҳараӡакгьы тәарҭасгыларҭас ирымоуп аҳабла ауааҧсыра ршьапы неиҵырхырц, иаалеиҩеирц иахьындәылҵуа апарк аҟны.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me