Уаҵәтәи аԥеиԥш иазхәыцтәуп

Ишәыдаагало астатиа автор аԥсадгьыл абзиабареи уи аизҳа-зыӷьареи еснагь иазыҳаҵҳаҵоз, уи ахьчаразы зхы иамеигӡаз, «Леон иорден» занашьоу Гәажәба Самԥал-иԥа Мирод, х-жәашықәсеи бжаки раԥхьа дзызхьаауаз азҵаара иахьагьы актуалра ацәымӡӡац.


Ҳабзыԥын еицырдыруа ақәра ду змоу ҳаҭаҳмадцәа ҟәышцәа ируаӡәку Езаҭ Чамагәуа, усӡбарак аҟны иажәа хыркәшо абас иҳәеит: «Дад, анхаҩы бзиагьы ицә зны арыӷьарахь ауыӷә иаҵеикуеит, аҽазныхгьы – арымарахь. Дад, усҟан ахаангьы ацә ахәда цәҟьаӡом». Ари ажәа баша имҳәеит Езаҭ Чамагәуа. Ари ауаҩы дзырхәыцша ажәа дууп. Избан акәзар, ҳара ҳаԥсуааны ҳхы ҳаԥхьаӡозар, ҳаԥсуара аԥеиԥш ҳазхәыцуазар, ҳаԥсуара ганк амацарала ҳазымхәыцроуп, иахьа аԥсуа жәлар ҳаззымдыруа аӡәы дынҳахәаԥшыр, ус игәы иаанагар ҟалоит – «ҳаи, афырхацәа аԥсуаа, шәынхара-шәынҵыра, шәҭәы-шәыԥха шәыԥсадгьыл шәыӷәӷәацаӡа шәықәгылоуп!» ҳәа. Аха ҳара ҳазҭаху ауаҩы цқьаҵәҟьа дынҳалаԥшыр, «ҳаи абаақәа, аҭоурых ду змаз аԥсуа жәлар иахьа шәџьынџь-дгьыл аҟны шәыҟазаареи шәыҟамзаареи ҳәа шәызҵаара шықәгылаз шԥашәызгәамҭеи!» – имҳәарц залшом . Ари ауаҩ ҳазҭаху ҳәа сызҿу, ииҳәо ажәа зхиҳәаауа амзыз иагьымаӡаӡам. Иарбан ҳәа ҳазҵаауазар, аԥсуа жәлар аҿиара ҳацәмаҷхеит. Аҿиара зыцәмаҷхаз амилаҭ рхыԥхьаӡара иагхо иалагоит. Зхыԥхьаӡара иагхо иалагаз амилаҭ рыԥсадгьыл аҟны рыҟазаареи рыҟамзаареи ҳәа рызҵаара ықәымгыларц залшом. Ус анакәха, иахьа аԥсуа жәлар ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш, ҳразҟы зегьы знапы иаку иахьатәи аԥсуа ҭыԥҳа, уаҵәы аҭаацәара аԥҵара зылшо лоуп. Ари уамашәа избаз аӡәы дҟалозар, уи ауаҩ дзықәгылоу амахә зыҵаԥҟоу иоуп.
Иашаҵәҟьаны, иахьатәи аԥсуа ҭыԥҳа лоуп уаҵәтәи аԥсуа имш знапы иану. Ус анакәха, иахьа аԥсуа ԥҳәызба, уаҵәтәи амш знапы ианылараны иҟоу лҭагылазаашьа зеиԥшроузеи? Сгәы иаанагоит, аԥсуаа ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ахи-аҵыхәеи иахьатәи аԥсуа ԥҳәызба лҭагылазаашьаҿы ауп иахьыҟоу ҳәа.
Иахьа аԥсуаа ҳаҷкәынцәа, 30 шықәса инарҭысхьоу инадыркны 55-60 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, 17 нызқьҩык ыҟоуп аҭаацәара иаламлац. Ус анакәха, 17 нызқьҩыкгьы иреиҳахоит аԥсуа ҭыԥҳацәа, ҳаҷкәынцәа ирзыԥшу. 17 нызқьҩык анысҳәа, иаасгәалашәеит санду илҳәалоз: «Ҳаи, абарҭ ҳгәыла ҷкәынцәа цәгьа иарԥарцәа бзиақәоуп, аха аҳәса анааргалак иԥыраҳәахоит».́

Иахьа, зхаҿы мроу, аԥсуа ламыс ҭыԥҳацәа ирывсны зыԥсадгьыл, забацәа рхәышҭаарақәа зхаршҭны, зықьҩыла ҳаҷкәынцәа атәым ԥыраҳәа иахьыԥшны, зыԥсадгьыл казыжьыз ҳаҷкәынцәа иҟарҵаз ачарҳәара атәы ак еиԥшым. Акы, аҟәараԥҳә́ыс лԥыраҳәа иахьыԥшыз аԥсуа аӡәыцыԥхьаӡа рымшала аԥсуа ҭыԥҳа хаҿымрак дыдражәуеит. Ҩба, аҟәараԥҳәыс илыхшаз наунагӡа ҳаԥсуара иалхәыдахоит. Ари ҳаԥсуара азыҳәан иреиҳау чарҳәараӡами? Ажәытә аԥсуа ԥҳәызба 25 зхыҵыз дтәанхалт ҳәа дрыԥхьаӡон. Ус анакәха, аԥсуа ԥҳәызба иреиҳаӡоу ҵарак иҭам, 20-21 шықәса дшырҭагылоу хаҵа дцар акәӡами? Арԥысгьы 25 шықәса дреиҳамкәа ԥҳәыс дааигар акәӡами? Убасҟан акәӡами ани аби «Анцәа дрықәныҳәааит» анырзырҳәо.
Лассы-лассы ирҳәо шәмаҳахьеи: «Ее, сыҷкәын аӡәы данааиго сахаанхап ҳәа шәыҟоума» ҳәа. Избанзар уи ауаҩ 50 шықәса анихыҵ ԥҳәыс дааигеит, иааигазгьы 35-40 шықәса лхыҵуазар акәхарын. Аӡ́әы, ма ҩыџьа рхылҵзар, уаҳагьы ироуҳәарызеи усҟак аџьабаа баны хаҵа ицаз аԥҳәызбеи 50 шықәса аԥҳәысаагара иазхәыцуаз ахаҵеи рзын.
Аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, аӡиас иаҩызоуп. Аӡиас узынкылом, амҩа азкны. Зегь акоуп, уи ихыҽҽаны ихыҵуеит. Ус анакәха, аԥҳәызба лыԥсҭазаарагьы аӡиас иадаҳкылар ҟалоит. Иахьа ҳаҷкәынцәа рхарала аԥсуа ҭыԥҳацәа шаҟаҩы ажәыда? Шаҟаҩы иахьа зымҩа ркыз аӡыхь еиԥш, рыԥсҭазаара хыҽҽахьеи?
«Аҭыԥҳаи – афырџьани» рҳәоит аԥсуаа. Мшәан афырџьан зкуа ахаҵа иакәзар, уи акышьа иақәымшәакәан афырџьан зымпыҵшәаз ахаҵа, иԥыххааса ицаз афырџьан иазуҳәараны иҟоузеи?
Ахдырра ыҟазар ҽеиԥсра ҟалон. Нас 100 нызқьҩык зхыԥхьаӡара ыҟоу амилаҭ 17 нызқьҩык ҳаҷкәынцәа ахаҵара адлаԥса рыҽдражәзар, аҽа 17 нызқьҩык инареиҳаны ҳҭыԥҳацәа ишԥҳәызбоу иаҳражәыр, ҳаԥсуара аԥхьаҟатәи аԥеиԥш абакылсуеи? Урҭ азхәыцхьоума иахьатәи ҳрыцҳарақәа зегь зыхҟьо. Изыхҟьеи иахьа 17 процент ҳаиҳамхара?
Иҟаҵатәузеи иахьа ҳџьынџь-дгьыл аҟны ҳаԥшәыманы ҳҟаларц? «Ацқьара» пату ақәҵаны зыҽзражәыз ҳаҷкәынцәа ианрыхәҭаз аҳәса ааганы, ԥшьҩы-ԥшьҩы ирыдамзаргьы, ирааӡазҭгьы, иахьа 17 процент ҳҟалозу, 40 процент ҳҟалозу?
30 шықәса ирҭысхьоу аԥҳәыс даазымгац арԥыс аԥсуа чара иаҳәатәума? Иԥыххааса ицаз афырџьан ҳаныӡбар ҳиашахару? Изныӡбатәу афырџьан зымпыҵшәаз арԥызба иакәӡами?

Мирод Гәажәба,
агазеҭ «Бзыԥ»
(15.15.1990 ш. №58).

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me